Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
1 Алагамҭазы иҟан Ажәа, уи Ажәа Анцәа ицын, уи Ажәа нцәан*. 2 Уи аханатә Анцәа ицын. 3 Зегьы иара ила иҟалеит, иара ида акгьы ҟамлаӡеит.
4 Иара ила иҟалеит аԥсҭазаара, аԥсҭазаара* ауаа рзы лашаран. 5 Алашара алашьцараҿы илашоит, алашьцара уи алашара изахаԥом.
6 Дааит Анцәа иааишьҭыз ауаҩы. Уи Иоанн ихьӡын. 7 Иара дааит ашаҳаҭҩы иеиԥш, алашара дазышаҳаҭларц азы, иара ила еиуеиԥшым ауаа ахаҵара роурц азы. 8 Уи алашара иара иакәӡамызт, иара алашара дазышаҳаҭлар акәын.
9 Еиуеиԥшым ауаа ирзылашо ииашаҵәҟьоу алашара иаарласны адунеи ахь даар акәын. 10 Иара адунеи аҿы дыҟан, аха иара ила иҟалаз адунеи иара дазымдырӡеит. 11 Иара иҩныҟа дааит, аха ижәлар дрыдрымкылаӡеит. 12 Дыздызкылаз ртәы ҳҳәозар, иара урҭ Анцәа ихәыҷқәа ракәхарц азин риҭеит, избанзар дхарҵон. 13 Дара ауаа ракәӡам изыхшаз, ацәеижь иаҭахны ма ауаҩы иҭахны акәӡам ишиз, Анцәа иҭахны ауп ишиз.
14 Ажәа уаҩны иҟалеит, уи ҳара иҳацынхон. Ҳара иаҳбон уи ихьӡ-иԥша, аԥазаҵә иаб иҟынтә иоуз ахьӡ-аԥша. Иара еснагь ауаа аҵабырг дирҵон, Анцәагьы уи еснагь дизыразын*. 15 (Иоанн зегьы ираҳартә еиԥш ибжьы ҭыганы уи абас дизышаҳаҭуан: «Ари абас ззысҳәаз иоуп: „Сышьҭахь ааира иаҿу сара саасҭа деиҳахеит, избанзар уи сара саԥхьагьы дыҟан“».) 16 Ҳара есымша ҳзыԥсам ақьиара ҳауан, избанзар иара уи меигӡарахда иман. 17 Моисеи ила ҳара иҳауит азакәан, Иисус Христос ила иҳауит ҳзыԥсам ақьиареи аҵабырги. 18 Аӡәымзар-аӡәгьы ахаан Анцәа димбацт. Уи иӡбахә ҳзеиҭазҳәаз Заб иааигәара иҟоу Анцәа иеиԥшу иԥазаҵә иоуп.
19 Абар Иоанн шаҳаҭрас иҟаиҵаз. Аиудеиаа Иерусалимынтәи аԥшьаҩцәеи алевитцәеи Иоанн узусҭада ҳәа иазҵаарц ианаарышьҭ, 20 рызҵаара ҭакда иаанимыжьӡеит, иаартынгьы иҳәеит: «Сара Христос сакәӡам». 21 «Узусҭада, нас? Илиа уоума?» — иазҵааит дара. «Мамоу», — иҳәеит иара. «Уԥааимбарума?» — «Мамоу!» — иҳәеит. 22 Усҟан дара ус иарҳәеит: «Узусҭада, нас? Аҭак ҳаҭ, ҳаазышьҭыз ираҳҳәаша ҳдыруазарц азы. Иуҳәои узусҭоу иазкны?» 23 Иара иҳәеит: «Сара, аԥааимбар Иса́иа ишиҳәаз еиԥш, „Иегова* изы амҩа каххаа иҟашәҵа“ ҳәа ацәҳәыраҿы зыбжь ду го соуп». 24 Урҭ ауаа аазышьҭыз афарисеицәа ракәын. 25 Усҟан дара ус иазҵааит: «Христос уакәымзар, Илиа уакәымзар, уԥааимбарымзар, нас, ауаа зӡааухуеи?» 26 Иоанн ус реиҳәеит: «Сара ауаа ӡылоуп ишӡаасхуа, аха шәыбжьара дыҟоуп ишәзымдыруа, 27 сышьҭахь ааира иаҿу аӡәы, сара уи иеимаа аԥыртларагьы саԥсаӡам». 28 Абри зегь ҟалеит Вифа́ниа, Иоанн ауаа аӡы иахьӡааихуаз Иордан нырцә.
29 Адырҩаҽны Иоанн иара иахь иаауаз Иисус даниба, ус иҳәеит: «Абар адунеи агәнаҳа ахыхны изго Анцәа Исыс! 30 Уи абас ззысҳәаз иоуп: „Сышьҭахь сара саасҭа еиҳахаз ааира даҿуп, избанзар уи сара саԥхьагьы дыҟан“. 31 Сара уи дсыздырӡомызт, аха ауаа ӡыла иӡаасхларц сзааз уи Израиль дадырырц азоуп». 32 Иоанн шаҳаҭра уа, иара убас иҳәон: «Сара избеит ажәҩан аҟынтә Анцәа идоуҳа аҳәыҳә аԥшра аманы ишылбааз, насгьы иара иҿы ишынхаз. 33 Сара уи дсыздырӡомызт, аха ауаа ӡыла иӡаасхларц азы саазышьҭыз ус сеиҳәеит: „Уара адоуҳа убоит, уи захь илбаауа, зҿы иаанхо иоуп иԥшьоу адоуҳала ауаа ӡаазхуа“. 34 Сара уи збеит, шаҳаҭрагьы зуеит уи Анцәа Иԥа шиакәу».
35 Адырхаҽны Иоанн ҩыџьа иҵаҩцәа иманы еиҭах уа дангылаз, 36 Иисус дшаауаз ибан, иҳәеит: «Абар Анцәа Исыс!» 37 Аҵаҩцәа рҩыџьагьы ари анраҳа, Иисус ишьҭаланы ицеит. 38 Иисус данхьаԥш, урҭ ишьҭаланы ишцоз ибан, ус реиҳәеит: «Шәзышьҭои?» Дара ус рҳәеит: «Равви́ (иаанагоит «арҵаҩы»), уабаангылеи?» 39 Иара иҳәеит: «Шәаала, шәхаҭа ижәбап». Асааҭ 4 раҟара* ыҟан. Даргьы цан, дахьаангылаз рбеит, ихәлаанӡагьы иара иҿы иҟан. 40 Иоанн ииҳәаз заҳаз, насгьы Иисус ишьҭаланы ицаз урҭ ҩыџьа аҵаҩцәа дыруаӡәкын Андреи, Си́мон Пиотр иашьа. 41 Иара иаразнак иашьа Си́мон диԥшаан, ус иеиҳәеит: «Ҳара Месси́а (бырзен бызшәала Христос*) даҳбеит», 42 нас диманы Иисус иахь днеит. Иисус Си́мон днаихәаԥшын, ус иҳәеит: «Иоанн иԥа Си́мон, уажәшьҭарнахыс уара Ки́фа (бырзен бызшәала Пиотр) ҳәа уарҳәалоит».
43 Анаҩстәи амш аҽны Иисус Галилеиаҟа дцарц иӡбеит. Амҩан иара Филипп дибан, ус иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». 44 Филипп Андреии Пиотри ахьааӡаз ақалақь Вифсаи́да датәын. 45 Иара Нафанаи́л иахь дцан, ус иеиҳәеит: «Ҳара Моисеи изакәан аҿи аԥааимбарцәа рышәҟәқәа рҿи зыӡбахә ану Иосиф иԥа, Назарет иатәу Иисус, даҳбеит». 46 Аха Нафанаи́л иҳәеит: «Назарет иатәу ибзиоу ҳәа акрыҟоума?» — «Уаала, ухаҭа иубап», — иҳәеит Филипп. 47 Иисус иара иахь иаауаз Нафанаи́л даниба, ус иҳәеит: «Абар, Израиль иатәыҵәҟьоу, гызмалра злам ауаҩы». 48 «Сабоудыруеи?» — дҵааит Нафанаи́л. Иисус иҳәеит: «Филипп арахь уааигаанӡагьы алаҳа амҵан узбахьан». 49 Усҟан Нафанаи́л иҳәеит: «Арҵаҩы*, уара Анцәа Иԥа уоуп, израильаа Раҳ уоуп». 50 Аха Иисус иҳәеит: «Алаҳа амҵан узбеит ҳәа ахьуасҳәаз азоума сыгәра зугаз? Уи аиҳагьы убараны уҟоуп». 51 Иара убас иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: шәара ижәбараны шәыҟоуп иаарту ажәҩани ауаҩытәыҩса Иԥа иахь илбаауа, насгьы хыхь ихало Анцәа имаалықьцәеи».