Ақәҵра
9 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Афараон иахь уцаны абас сызиаҳә: „Ауриацәа Рынцәа Иегова абас иҳәоит: ‚Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 2 Аха урҭ роушьҭра мап ацәкны, иааныскылоит ҳәа уалагар, 3 Иегова шәырахә ықәихуеит. Аҽқәеи, аҽадақәеи, амахҽқәеи, ашьамаҟеи, аԥсасеи ачымазара бааԥс рыхьны иԥсуеит. 4 Аха Иегова египтаа рырахә ирзиуа израильаа рырахә ирзиуӡом, израильаа рҿы ԥстәыкгьы ԥсӡом‘“». 5 Иегова аамҭа алихит, иагьиҳәеит: «Иегова ари шәыдгьыл аҿы уаҵәы иҟаиҵоит».
6 Адырҩаҽны Иегова ишиҳәаз еиԥш иҟаиҵеит. Египтаа рырахә аԥсра иалагеит, израильаа рҿы акәзар, ԥстәыкгьы мԥсӡеит. 7 Афараон ауаа анишьҭ, израильаа рҿы ԥстәыкгьы шымԥсыз еилкаахеит. Аха афараон* иҽимԥсахӡеит, иара израильаа ауимышьҭӡеит.
8 Уи ашьҭахь Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: «Аԥечка* шәыҩнапык рызна ахәа ҭыжәга, нас уи Моисеи афараон ишибо аҳауа иалеиԥсааит. 9 Уи Египет зегь хызҩо сабахоит, насгьы Египет зегь аҿы ауаагьы аԥстәқәагьы ашәрақәа рылнахуеит».
10 Дара аԥечка аҟынтә ахәа аашьҭырхын, афараон иахь иааит. Моисеи уи аҳауа иалеиԥсан, ауаагьы аԥстәқәагьы ашәрақәа рылнахит. 11 Аныхаԥааҩцәа ашәрақәа ирыхҟьаны Моисеи иахь изцәырымҵӡеит, даргьы египтаа зегь реиԥш ашәрақәа рылнахит. 12 Аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит. Иара Моисеии Ааро́ни дырзымӡырҩӡеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәахьаз еиԥш.
13 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ашьыжь шаанӡа угыланы афараон иахь уцаны абас сызиаҳә: „Абас иҳәоит ауриацәа Рынцәа Иегова: ‚Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 14 Уажәшьҭа арыцҳарақәа зегь умаҵуцәеи, уареи, ужәлари рахь исырхоит, адгьыл аҿы сара исеиԥшу аӡәгьы дшыҟам еилукаарц азы. 15 Сара ужәлари уареи арыцҳара бааԥс шәақәыршәаны адгьыл аҟынтә шәықәысххьазаарын. 16 Аха сара уԥсы ҭаны уаансыжьит сымч усырбарц, сыхьӡгьы адунеи зегь иахыҵәарц. 17 Уара уажәыгьы уҽырԥагьаны сыжәлар ауушьҭыр уҭахӡам акәу? 18 Уаҵәы абри аамҭазы Египет ахаан имлеиц акырцх ӷәӷәа ласышьҭуеит. 19 Убри аҟынтә урахә-ушәахә, иара убас иутәу зегьы хыҵакырҭак аҿы еизга. Ахыҵакырҭахь имцакәа адәаҿы иаанхаз ауааи аԥстәқәеи зегьы акырцх иашьуеит‘“».
20 Иегова иажәақәа ирыцәшәаз афараон имаҵуцәа иаразнак ицан, рмаҵуцәеи рырахәи рыҩнқәа рахь иргеит. 21 Иегова иажәақәа ирзымӡырҩыз ракәзар, рмаҵуцәеи рырахәи адәаҿы иаанрыжьит.
22 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Унапы ажәҩан ахь ирха, Египет иҟоу ауааи, аԥстәқәеи, аҵиаақәеи рахь акырцх леирц азы». 23 Моисеи илабашьа ажәҩан ахь ианирха, Иегова адгьыл ахь адыди, акырцхи, амцеи* лаишьҭит. Иегова египеттәи адгьыл ахь акырцх лаишьҭит, 24 акырцх амца алҟьон. Египет аҭоурых аҿы уи аҩыза акырцх ӷәӷәа ҟамлацызт. 25 Египет зегь аҿы акырцх адәаҿы иҟаз ауааи, аԥстәқәеи, аҵиаақәеи ықәнахит. Иара убас аҵлақәа зегь хнажәеит. 26 Израильаа ахьынхоз гошентәи адгьыл аҿы заҵәык ауп акырцх ахьымлеиз.
27 Убри аҟынтә афараон Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Сара уажәазы агәнаҳа ҟасҵеит. Иегова диашоуп, сыжәлари сареи ахара ҳадуп. 28 Иегова шәсызиҳәа, адыд-мацәыси акырцхи аҟәыҵырц, усҟан шәоусышьҭуеит, шәааныскылаӡом». 29 Моисеи ус иҳәеит: «Ақалақь сшалҵлак еиԥш Иегова сиҳәоит*, усҟан адыд-мацәыс еиқәтәоит, акырцхгьы аҟәыҵуеит, адгьыл зегьы Иегова ишитәу еилукаарц азы. 30 Аха сара издыруеит убасҟангьы умаҵуцәеи уареи Анцәа Иегова шәшицәымшәало».
31 (Акырцх ақәни ачаԥшьи аҟәаҟәеит, избанзар ачаԥшь арыцқәа ҿалахьан, ақәны ашәҭра иаҿын. 32 Ачарыци даҽа чарыц хкыки ҟәаҟәаӡамызт, избанзар урҭ макьана иҟамлаӡацызт.) 33 Моисеи афараон иҟынтә дцеит. Ақалақь даналҵ, Иегова диҳәеит. Усҟан адыд еиқәтәеит, акырцхгьы ақәагьы алеира иаҟәыҵит. 34 Афараон ақәеи акырцхи алеира ишаҟәыҵыз, адыдгьы аҽшеиқәнакыз аниба, имаҵуцәагьы иаргьы уаанӡа еиԥш агәнаҳа аҟаҵара иалагеит, рҽагьырымԥсахӡеит. 35 Афараон иара итәы иаиргарц даҿын. Иегова Моисеи ила ишиҳәахьаз еиԥш, иара израильаа ауимышьҭӡеит.