Ақәҵра
11 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Сара афараони Египети даҽа рыцҳарак иақәсыршәоит. Уи ашьҭахь иара шәоуишьҭуеит, шәоуишьҭуеит акәым, наҟ шәықәицоит. 2 Ажәлар ираҳә ҳәсеи хацәеи зегьы ргәылацәа ахьи араӡни рырҭарц ирыҳәарц». 3 Иегова египтаа ижәлар ирзыразхартә иҟаиҵеит. Уи адагьы, Моисеи Египет ҳаҭыр ду иқәын — афараон имаҵуцәагьы ажәларгьы ҳаҭыр иқәырҵон.
4 Моисеи афараон иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Ҵхагәазы сара Египет салсуеит. 5 Убасҟан египеттәи адгьыл аҿы раԥхьа ииз аԥацәа зегь ԥсуеит, аҳ итәарҭаҿы итәоу афараон иԥа инаиркны напыла илаго амаҵуҩԥҳәыс лԥа иҟынӡа, иара убас аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәа зегьы. 6 Египеттәи адгьыл зегь аҵәыуабжь ықәыҩлоит. Уи аҩыза аҵәыуабжь ахаангьы иҟамызт, иҟаларангьы иҟам. 7 Аха израильаа рырахәи дареи алаҵәҟьагьы реишуам. Убасала шәара еилышәкаауеит Иегова египтаа дышрызныҟәо еиԥш израильаа дшырзымныҟәо“. 8 Убасҟан умаҵуцәа зегьы ааины саԥхьа ишьамхышгыланы исыҳәоит: „Уқәҵ. Ужәларгьы уаргьы шәықәҵ“. Убри ашьҭахь сара сцоит». Абас ҳәаны, Моисеи иԥсахы еибакны афараон иҟынтә ддәылҵны дцеит.
9 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Афараон дышәзыӡырҩӡом, Египет иҵегь аџьашьхәқәа ҟасҵарц азы». 10 Моисеии Ааро́ни афараон иҿаԥхьа ирацәаны аџьашьхәқәа ҟарҵахьан, аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит, иаргьы израильаа идгьыл аҟынтә иоуимышьҭӡеит.