Ақәҵра
35 Моисеи израильаа зегь еизиган, ус реиҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: 2 фымш аус жәулар ҟалоит, абыжьбатәи амш шәара шәзы иԥшьоу мшхоит. Уи Иегова изку сабшоуп, аԥсшьара иазку мшуп. Уи аҽны аус зуло дышьтәуп. 3 Асабшамш аҽны шәынхарҭақәа рҿы амца еиқәышәымҵалан».
4 Анаҩс Моисеи израильаа ус реиҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: 5 „Изнажәг Иегова аҳамҭақәа, гәыкала Иегова аҳамҭақәа изназгарц зҭаху изнаргааит ахьы, араӡны, абҩа, 6 иара убас ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәа, ақәны цқьа, аџьмахәы иалху аласа, 7 ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәа, атиулень ацәа, ақәыцҵла* иалху амҿымаҭәахә, 8 ахәша алашарбагазы, абальзам* иԥшьоу ахәшазы, насгьы афимиам азы, 9 аоникси егьырҭ ахаҳәқәеи аефо́д ази аџьыба* ази.
10 Зус бзианы издыруа шәнапҟазацәа ааины Иегова ииҳәаз зегь ҟарҵааит. 11 Иҟарҵааит иԥшьоу ақьалеи уи ақәыршәқәеи, аибаркыгақәеи, арамақәеи, алабақәеи, ашьаҟақәеи, акылҳара змоу ашьаҭақәеи; 12 аковчеги уи алабақәеи, ахҩеи, аиҩкаагатә ԥардеи 13 астоли уи алабақәеи, астол иацу амаҭәарқәа зегьи, саԥхьа иқәзаауа ачеи; 14 алашарбагеи, уи иацу амаҭәарқәеи, алашарбага акәаҷабқәеи, урҭ рзы ахәшеи; 15 афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи уи алабақәеи; иԥшьоу ахәшеи, афимиами; иԥшьоу ақьала аҩналарҭаҿы икнарҳауа аԥардеи; 16 акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи, уи иацу абҩа иалху аихаци, алабақәеи, уи иацу егьырҭ амаҭәарқәеи; ачани уи зықәдыргылои; 17 ашҭазы ақәыршәқәеи, ашьаҟақәеи, акылҳара змоу ашьаҭақәеи; ашҭа агәашә азы аԥардеи; 18 аҵәқәа иԥшьоу ақьалази, ашҭази, урҭ рзы аҿаҳәагақәеи; 19 аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ ауразы иԥшӡаны ису амаҭәеи, аԥшьаҩы Ааро́н изы иԥшьоу амаҭәеи, иԥацәа рзы амаҭәеи, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы“».
20 Уи ашьҭахь израильаа Моисеи иҟынтә ицеит. 21 Анаҩс гәык-ԥсыкала Иегова аҳамҭақәа изназгарц зҭахыз зегьы аиқәшәара ақьала аҟаҵарази, уа амаҵ аурази, иԥшьоу амаҭәази иаҭахыз зегь наргеит. 22 Ҳәсагьы-хацәагьы, згәы иаҭахыз зегь аауан. Дара иааргон амаҭәа иарҭо агәлаҵақәа, алымҳареиқәа, амацәазқәа, егьырҭ арԥшӡагақәа, иара убас ахьы иалхыз еиуеиԥшым амаҭәарқәа. Дара ахьы ҳамҭаҵас* Иегова изнаргон. 23 Иара убас инаргон ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, ақәны цқьеи, аџьмахәы иалху аласеи, ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәеи, атиулень ацәеи. Уи змаз зегьы инаргон. 24 Араӡни абҩеи назгар зҭахыз зегьы ҳамҭас Иегова изнаргон, иара убас аус азы иаҭахыз ақәыцҵла иалху амҿымаҭәахә змаз зегьы инаргон.
25 Ибзианы ахахашьа здыруаз аҳәса зегьы ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи ақәны цқьеи наргон. 26 Иара убас згәы иаҭахыз аҳәса зегьы аџьмахәы иалхны аласа рхахон.
27 Ахадацәа аефо́ди аџьыбеи рзы иаҭахыз аоникси егьырҭ ахаҳәқәеи наргеит, 28 иара убас инаргеит алашарбагеи, иԥшьоу ахәшеи, афимиами рзы абальзами амаслинахәшеи. 29 Згәы иаҭахыз ахацәеи аҳәсеи зегьы Иегова Моисеи ила ирыдиҵаз аус анагӡаразы иаҭахыз наргон. Израильаа уи хатәгәаԥхарала Иегова изнаргон.
30 Анаҩс Моисеи израильаа ус реиҳәеит: «Иегова далихит Иуда ишьҭра иатәу, Хур иԥа У́ри иԥа Бецале́л. 31 Иара уи идоуҳа ииҭеит, аҟәыӷареи, аилкаареи, адырреи иоурц, иарбан усзаалак дазҟазаны дҟаларц азы, 32 иԥшӡоу амаҭәарқәа ҟаиҵаларц, ахьи, араӡни, абҩеи аус рыдиулаларц, 33 ахаҳәқәа ԥҟаны иҭаиргылаларц, амҿы иалхны еиуеиԥшым амаҭәарқәа ҟаиҵаларц азы. 34 Иара убас иара Бецале́лгьы, Дан ишьҭра иатәу Ахисама́х иԥа Аголиа́вгьы ирдыруа егьырҭ иддырҵаларц азы абаҩхатәра рылеиҵеит. 35 Иара урҭ еиуеиԥшым аусқәа ҟазарыла инарыгӡаларц, иқәҵаны иӡахларц, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, ақәны цқьеи аус рыдырулаларц, насгьы асыга ала исларц абаҩхатәра рылеиҵеит. Урҭ ирзынамыгӡо ауси агәҭаки ҟалом.