Марк иҟынтә ажәабжь бзиа
4 Иисус еиҭах амшын аԥшаҳәаҿы ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. Идеизалаз даараӡа ирацәаҩхеит, убри аҟынтә анышь днақәтәан, маҷк днаскьеит, ауаа аҟәараҿы иаанхеит. 2 Иисус аҿырԥштәқәа ааганы ажәлар идирҵоз рацәан. Иара ус иҳәеит: 3 «Шәӡырҩы: нхаҩык амхы алаҵара дцеит. 4 Ажәла аниҟьоз, жәлақәак амҩахь икаԥсеит, нас аҵарақәа ааин, урҭ ажәлақәа рфеит. 5 Егьырҭ рацәак анышә ахьыҟамыз ахаҳәраҿы икаԥсеит азы, иаразнак ирызҳаит. 6 Аха амра анрықәыԥха, иканӡан, иҩеит, избанзар адацқәа рмышьҭӡацызт. 7 Егьырҭ амаӷра илаԥсеит. Амаӷра ангыла, иааз ажәла ахәаҽит, аҽаҩрагьы зыҟамлаӡеит. 8 Жәлақәак адгьыл бзиаҿы икаԥсеит. Ажәла анаа, иазҳан, аҽаҩра аанагеит. Иларҵаз аасҭа 30-нтә, 60-нтә, 100-нтә еиҳаны аҽаҩра аанагеит». 9 Анаҩс иҳәеит: «Алымҳақәа змоу илымҳақәа кыдҵаны дӡырҩлааит».
10 Иисус ихала данаанха, 12-ҩык апостолцәеи егьырҭ аҵаҩцәеи еиҭеиҳәаз аҿырԥштәқәа ирызҵаауа иалагеит. 11 Иара урҭ ус реиҳәеит: «Шәара Анцәа Иаҳра амаӡа ԥшьа шәзаартуп, егьырҭ рзы ираҳаз шҿырԥшыз иаанхоит. 12 Ус изыҟоу, дара иҟасҵо ишахәаԥшуагьы, ирымбарц азоуп, исҳәо ишазыӡырҩуагьы, аҵакы рзеилымкаарц азоуп. Дара ахаан Анцәа иахь ихынҳәӡом, рыгәнаҳақәагьы ранажьхаӡом». 13 Нас ус реиҳәеит: «Ари аҿырԥштәы шәзеилымкаауазар, егьырҭ аҿырԥштәқәа злеилышәкаауеи?
14 Лаҵара ицаз анхаҩы ажәа леиҵоит. 15 Амҩаҿы икаԥсаз ажәла — ауаа ргәаҿы илаҵаз ажәа ауп. Урҭ ажәа шаараҳалакҵәҟьа, Аҩсҭаа днеины, илаҵаз иманы дцоит. 16 Ажәла ахаҳәраҿы иахькаԥсаз иаанаго ауаа ажәа шраҳаз ауп. Дара уи игәырӷьаҵәа ирыдыркылоит, 17 аха ргәаҵанӡа инеиӡом. Аамҭак аҩныҵҟа ахаҵара шаадырԥшуагьы, уи ажәа иахҟьаны ауадаҩрақәа ма ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәалак, рхаҵара рцәыӡуеит. 18 Ажәла амаӷра иахьылаԥсаз иаанагоит ауаҩы ажәа шиаҳаз, 19 аха иахьатәи аԥсҭазаара* иацу аусқәеи, узжьо амали, еиуеиԥшым агәаҳәарақәеи уи ажәа рхәаҽуеит, аҽаҩра заанамгогьы иҟарҵоит. 20 Ажәла адгьыл бзиаҿы иахькаԥсаз иаанагоит ауаҩы ажәа шиаҳаз, гәыкалагьы ишидикылаз. Уи илаҵаз аасҭа 30-нтә, 60-нтә, 100-нтә еиҳаны аҽаҩра ааигоит».
21 Иара убас Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Акәаҷаб заарго ихырҩарц, ма акаруаҭ аҵаҟа идыргыларц азы аума? Хыхь иқәдыргыларц азы акәӡами? 22 Иҵәаху зегь цәыргахоит, имаӡоугьы маатыр залшом. 23 Алымҳақәа змоу илымҳақәа кыдҵаны дӡырҩлааит».
24 Нас Иисус ус реиҳәеит: «Ишәаҳауа зҿлымҳарала шәазыӡырҩла. Шаҟа ибзианы шәӡырҩуа аҟара, убриаҟара аилкаара шәоуеит, иагьшәзацлоит. 25 Измоу еиҳагьы иоуеит, измам имоугьы имырхуеит».
26 Иисус иациҵеит: «Анцәа Иаҳра ауаҩы ажәла адгьыл ахь ианкеиԥсо иаҩызоуп. 27 Иара уахынла дыцәоуп, ҽынла дгылоит, уи аамҭазы ажәла аауеит, иагьазҳауеит, аха уи ҟалашьас иамоу издырӡом. 28 Адгьыл ахала аҽаҩра аанагоит, уи хәыҷы-хәыҷла ауп ишыҟало. Зны ахәҵәы ылнахуеит, нас ахҳәаҵә, аҵыхәтәаны арыц ҿалоит. 29 Ишшәра ианшәлак, ауаҩы амагана шьҭихуеит, избанзар аҭагалара иаамҭоуп».
30 Анаҩс Иисус иҳәоит: «Изыҿҳарԥшыр ҳалшозеи Анцәа Иаҳра? Иарбан ҿырԥшу иҳацхраауа? 31 Уи ажәла сса* иаҩызоуп. Уи ажәла аныларҵо, адгьыл аҿы иҟоу ажәлақәа зегь раасҭа иссоуп, 32 аха ианазҳалак иҵла духоит, убри аҟынтә аҵарақәа ааны, амахәқәа рҿы рыҭрақәа ҟарҵоит».
33 Абас еиԥш иҟаз аҿырԥштәқәа ааганы, Иисус ажәлар Анцәа иажәа рзеиҭеиҳәон, шаҟа рзеилкаауаз аҟара ауп ирзеиҭеиҳәоз. 34 Аҿырԥштәқәа аамгаӡакәа иара ауаа драцәажәаӡомызт. Аха иҵаҩцәа ииҳәоз иаанагоз хазы ирзеиҭеиҳәон.
35 Ахәылбыҽха Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәааи нырцәҟа ҳаиасып». 36 Ажәлар аноурышьҭ ашьҭахь Иисуси дареи анышь иақәтәеит. Егьырҭ ауаагьы рнышьқәа ирықәтәаны урҭ ирышьҭалеит. 37 Иаалырҟьаны аԥша цәгьа шьҭыҵит. Ацәқәырԥақәа халан, анышь иасуа иалагеит, анышь ӡааҟәрыларцгьы акгьы агымхеит. 38 Иара анышь аԥынҵаҿы ихы ахчы иқәҵаны дыцәан. Иҵаҩцәа даадырԥшын, ус иарҳәеит: «Арҵаҩы, аӡы ҳшаго умбаӡои?» 39 Иаргьы дҩагылан, аԥша ааиқәиртәеит, амшын ахьгьы ихы рханы абас иҳәеит: «Уаангыл! Уҽеиқәк!» Аԥшагьы иаразнак асра иаҟәыҵын, иааҭынчрахеит. 40 «Шәзыршәеи абриаҟара? — ҳәа дразҵааит иара. — Уажәыгьы ахаҵара шәымаӡами?» 41 Аха дара шәаҟьаны абас еибырҳәон: «Дызусҭада, уара, ари?! Аԥшагьы амшынгьы ииҳәо ҟарҵоит!»