Ақәҵра
20 Анаҩс Анцәа абас иҳәеит:
2 «Сара маҵуҩыс уахьыҟаз Египет уалызгаз Унцәа Иегова соуп. 3 Уара сара сыда уаҳа Нцәа думамзароуп.
4 Иҟаумҵан аидолқәа — хыхь ажәҩан аҿы иҟоу, ҵаҟа адгьыл аҿы иҟоу, ма адгьыл аҿы аӡқәа ирҭоу акы асахьа. 5 Урҭ урмеихырхәалан, рымаҵгьы умулан, избанзар сара, Унцәа Иегова, — сара заҵәык исымҵахырхәаларц зҭаху Анцәа соуп. Сызцәымӷу абацәа рыгәнаҳазы рԥацәа ахԥатәии аԥшьбатәии абиԥаранӡа иахьсырхәуеит, 6 аха бзиа сызбо, сыԥҟарақәагьы назыгӡо ирхылҵуа азықьтәи абиԥараҿгьы гәыбылрала иҭәу бзиабарала бзиа избалоит.
7 Унцәа Иегова ихьӡ ҳаҭыр ақәымҵаӡакәа иумҳәалан, избанзар Иегова ихьӡ ҳаҭыр ақәымҵакәа изҳәо дахьмырхәӡакәа даанижьӡом.
8 Иухоумыршҭын асабшатәи амш шыԥшьоу. 9 Фымш аус ула, уусқәа зегь ҟаҵала, 10 абыжьбатәи амш — Унцәа Иегова изку сабшоуп. Уи амш аҽны уаргьы аус умуроуп, уҷкәынгьы, уԥҳагьы, умаҵуҩгьы, умаҵуҩԥҳәысгьы, урахәгьы, уқалақь аҿы инхо атәымтәылауаҩгьы аус рымуроуп, 11 избанзар фымш рыла Иегова ишеит ажәҩани, адгьыли, амшыни, иара убас урҭ злаҭәу зегьы, абыжьбатәи амш азы иԥсы ашьара далагеит. Убри аҟынтә Иегова асабшамш дақәныҳәеит, насгьы иԥшьоу мшны иҟаиҵеит.
12 Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала, Унцәа Иегова иуиҭо адгьыл аҿы акыраамҭа унхаларц азы.
13 Ауаҩы думшьын.
14 Ухатә ҩыза думԥсахын.
15 Умӷьычын.
16 Иузааигәоу изы мцла шаҳаҭра умун.
17 Уамеилаҳан иузааигәоу иҩны. Улмеилаҳан иузааигәоу иԥҳәыс, урмеилаҳан имаҵуҩы, имаҵуҩԥҳәыс, ицә, иҽада — иузааигәоу иитәу изакәызаалак акгьы уамеилаҳан».
18 Ажәлар зегьы адыд бжьи абыкь бжьи раҳауан, амацәыси алҩа зхылҵуаз ашьхеи рбон. Ажәлар ари зегь анырба ишәаӡыӡан, ихараны инагылеит. 19 Дара Моисеи ус иарҳәеит: «Уара уҳацәажәала, ҳара ҳӡырҩлоит. Анцәа даҳмацәажәалааит, ҳҭамхарц азы». 20 Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Шәымшәан, избанзар Анцәа ду шәԥишәарц дааит, еснагь шәицәшәаларц, агәнаҳагьы ҟашәымҵаларц азы». 21 Ажәлар инахараны ишгылац игылан, Моисеи иакәзар, Анцәа ду дахьыҟаз аԥҭа еиқәаҵәа ааигәара днеит.
22 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Израильаа абас сызраҳә: „Шәара шәхаҭа ижәбон ажәҩан аҟынтә сышшәацәажәоз. 23 Ахьи араӡни ирылхны анцәақәа ҟашәымҵан, сара сыда даҽа нцәак дшәымамзароуп. 24 Анышә иалхны акәырбаннагарҭа сзыҟашәҵа. Убра исызнажәгала ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи, шәыԥсасагьы шәшьамаҟагьы убра исызнажәгала. Сыхьӡ шәгәалашәаларц азы иалсхуа аҭыԥ аҿы шәара шәахь снеиуеит, сагьшәықәныҳәоит. 25 Ахаҳә иалхны акәырбаннагарҭа сзыҟашәҵозар, ицәны иҟоу ахаҳәқәа рыла ишәмыргылан. Ахаҳәқәа шәцәыр, сара сзы уи акәырбаннагарҭа цқьахаӡом. 26 Скәырбаннагарҭа амардуан ашәымҭан, шәанхало шәыхтны аӡәгьы шәимбарц азы“.