Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
9 Амҩан дышцоз, дааиижьҭеи илашәыз хаҵак дибеит. 2 Иҵаҩцәа ус иазҵааит: «Арҵаҩы*, ари ауаҩ длашәны дызии? Агәнаҳа ҟазҵада: иара иакәу, иҭаацәа ракәу?» 3 Иисус иҳәеит: «Агәнаҳа иаргьы иҟаимҵеит, иҭаацәагьы иҟарымҵеит, дзылашәу Анцәа имч* ааԥшырц азоуп. 4 Саазышьҭыз иусқәа иахьынӡалашоу инаҳагӡалароуп. Аҵх ааигәахоит, усҟан аӡәгьы акгьы изыҟаҵаӡом. 5 Адунеи аҿы сыҟанаҵы, адунеи азы слашароуп». 6 Абри аниҳәа ашьҭахь дынкажьцәан, анышәи ижьцәеи ааилаиршьышьит, нас уи зыла иамбоз илақәа ирхьишьын, 7 абас иеиҳәеит: «Аҽыкәабарҭа Силоа́м ахь уцаны, улақәа ӡәӡәа» (Силоа́м иаанагоит «ирышьҭыз»). Иаргьы дцаны, илақәа аниӡәӡәа, илақәа ирбо дхынҳәит.
8 Агәылацәеи ауаа инапы рымҵакны дыштәаз збахьази ус рҳәо иалагеит: «Ари ауаа знапы рымҵакны итәаз иакәӡами?» 9 Шьоукы ирҳәон: «Ааи, иара иоуп». Егьырҭ ирымаркуан: «Мап, уи диеиԥшуп ауп». Иара иакәзар, ус иҳәон: «Ааи, сара соуп». 10 Усҟан дара иазҵааит: «Иубо узлаҟалеи?» 11 Иара иҳәеит: «Иисус зыхьӡу аӡәы ак ааиларшьышьны сылақәа ирхьишьын, ус сеиҳәеит: „Силоа́м ахь уцаны, улақәа ӡәӡәа“. Саргьы сцан, сылақәа сыӡәӡәеит, нас избо сҟалеит». 12 Дара иазҵааит: «Дабаҟоу уи ауаҩ?» — «Сыздырӡом», — иҳәеит иара.
13 Нас дара уаанӡа илашәыз уи ахаҵа афарисеицәа рахь дыргеит. 14 Иисус анышәи ижьцәеи еиларшьышьны илашәыз уи ахаҵа данихәышәтәыз сабшан. 15 Афарисеицәагьы иубо узлаҟалеи ҳәа иазҵаауа иалагеит. Иара иҳәеит: «Ак ааилаиршьышьын, сылақәа ирхьишьит, нас сцан сҿы сыӡәӡәеит, избогьы сҟалеит». 16 Усҟан афарисеицәа шьоукы абас аҳәара иалагеит: «Ари ауаҩ Анцәа дитәӡам, иара асабша еилеигоит». Егьырҭ ирҳәон: «Агәнаҳаҟаҵаҩ абри аҩыза аџьашьахәқәа изыҟаҵома?» Уи иахҟьаны аимак-аиҿак рыбжьалеит. 17 Дара еиҭах Иисус иихәышәтәыз иазҵаауа иалагеит: «Уара ихуҳәаауеи? Уара уами зыла иабо иҟаиҵаз». Иара иҳәеит: «Уи дԥааимбаруп».
18 Аха аиудеиаа уи ахаҵа иҭаацәа ирыԥхьаанӡа дшылашәыз агәра ргаӡомызт. 19 Дара урҭ ус иразҵааит: «Ари шәыҷкәын иоума? Дшылашәыз диима? Нас, уажәы ила иабо дызлаҟалеи?» 20 Иҭаацәа ус рҳәеит: «Ари ҳаҷкәын шиакәу ҳдыруеит, длашәны дышизгьы ҳдыруеит. 21 Аха уажәшьҭа ила иабо дызлаҟалаз ҳаздырӡом, дызхәышәтәыз дызусҭоугьы ҳаздырӡом. Иара шәиазҵаа, дхәыҷӡам, ихаҭа иҳәартә дыҟоуп». 22 Иҭаацәа аиудеиаа ирыцәшәаны ауп ус зырҳәаз, избанзар аиудеиаа Иисус — Христос иоуп ҳәа зҳәо дарбанзаалак асинагога далцатәуп ҳәа рыӡбеит. 23 Убри азоуп иҭаацәа изырҳәаз: «Иара дхәыҷӡам, ихаҭа шәиазҵаа».
24 Аиудеиаа еиҭа уаанӡа илашәыз уи ахаҵа иԥхьан, ус иарҳәеит: «Анцәа ахьӡ-аԥша иҭаны, аиаша ҳәа. Ҳара иаҳдыруеит уи ауаҩ дшыгәнаҳаҟаҵаҩу». 25 Иара иҳәеит: «Уи дыгәнаҳаҟаҵаҩу-дыгәнаҳаҟаҵаҩыму сара исыздырӡом. Издыруа акоуп: сара слашәын, аха уажәшьҭа избо сҟалеит». 26 Дара иазҵааит: «Иузиуи? Ушԥеихәышәтәи?» 27 Иара ус реиҳәеит: «Ишәасымҳәахьеи, аха шәара шәӡырҩӡом. Еиҭах шәызсазҵаауеи, шәаргьы иҵаҩцәа шәакәхарц шәҭахума?» 28 Дара рқьышә дықәҵаны ус иарҳәеит: «Уара уоуп иҵаҩы, ҳара Моисеи иҵаҩцәа ҳауп. 29 Ҳара иаҳдыруеит Анцәа Моисеи дышиацәажәоз, аха ари ауаҩ дахьынтәиааз ҳаздырӡом». 30 Иара иҳәеит: «Убри ами уамашәа иубаша. Шәара уи дахьынтәиааз шәыздырӡом, аха иара сихәышәтәит. 31 Ҳара иаҳдыруеит Анцәа агәнаҳаҟаҵаҩцәа дшырзымӡырҩуа, дыззыӡырҩуа ицәшәои* ииҭаху ҟазҵои роуп. 32 Илашәны ииз ила иабо дҟалеит ҳәа ахаан аӡәы имаҳацт. 33 Уи ауаҩ Анцәа дитәымызҭгьы, акгьы изыҟаҵарымызт». 34 Усҟан дара ирҳәеит: «Уара ушынеибарку угәнаҳа мацараха уиит, уара уоума ак ҳзырҵо?» Абас рҳәан, наҟ дыԥхарҵеит*.
35 Иисус иаҳаит уи ахаҵа дшыԥхарҵаз. Даниба, ус диазҵааит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа дхоуҵома?» 36 Иара иҳәеит: «Дызусҭада уи, ухаҵкы? Исаҳә дызусҭоу, дхасҵарц азы». 37 Иисус иҳәеит: «Уара уи дубахьеит, иуацәажәогьы иара иоуп». 38 «Дхасҵоит, Исықәиҭу», — иҳәеит иара, дагьиеихырхәеит. 39 Иисус иациҵеит: «Сара адунеи ахь сзааз аӡбаразы ашьаҭа ыҟазарц азоуп: илашәу ирбо иҟаларц азы, избо лашәхарц азы». 40 Иааигәара игылаз уи заҳаз афарисеицәа иазҵааит: «Ҳаргьы ҳлашәуп ҳәа аума иуҳәарц иуҭаху?» 41 Иисус иҳәеит: «Шәыла иамбозҭгьы, агәнаҳазы ахара шәыдлаӡомызт, аха „иаҳбоит“ ҳәа шәҳәоит азы, агәнаҳазы ахара шшәыду шәаанхоит».