Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 10
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Ажәларқәа рсиа (1—32)

        • Иафет ихылҵшьҭра (2—5)

        • Хам ихылҵшьҭра (6—20)

          • Нимрод Иегова диҿагылоит (8—12)

        • Сим ихылҵшьҭра (21—31)

Алагамҭа 10:5

Албаагақәа

  • *

    Ма «аԥшаҳәаҿы ишьҭаз адгьылқәа».

Алагамҭа 10:12

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «урҭ ақалақь ду рылҵит».

Алагамҭа 10:21

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «Сим Иафе́т иашьеиҳаб иакәын».

Алагамҭа 10:25

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «аҩшара».

  • *

    Ма «адгьыл иқәынхо».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 10:1–32

Алагамҭа

10 Абар Нои иԥацәа Си́ми, Ха́ми, Иафе́ти ирхылҵқәаз.

Аӡхыҵра ашьҭахь дара аԥацәа роуит. 2 Иафе́т иԥацәа: Гоме́р, Маго́г, Мада́и, Иава́н, Тува́л, Меше́х, Тира́с.

3 Гоме́р иԥацәа: Ашкена́з, Рифа́т, Тога́рма.

4 Иава́н иԥацәа: Ели́ша, Тарши́ш, Китти́м, Додани́м.

5 Урҭ ирхылҵыз роуп дасу изҵанакуаз абызшәақәеи, аҭаацәарақәеи, ажәларқәеи рыла рҽеидкыланы адгьылбжьахақәа* рҿы анхара иалагаз.

6 Хам иԥацәа: Куш, Мицраи́м, Пут, Ханаа́н.

7 Куш иԥацәа: Сева, Хави́ла, Са́вта, Раа́ма, Савте́ха.

Раа́ма иԥацәа: Ше́ва, Деда́н.

8 Куш дихылҵит Ни́мрод. Ни́мрод амч ӷәӷәа змаз уаҩын. Иара иаԥхьа адгьыл аҿы ус иӷәӷәаз уаҩ дыҟамызт. 9 Иара Иегова иҿагылоз шәарыцаҩ ӷәӷәахеит. Убри азоуп абас зырҳәоз: «Иегова иҿагылоз ашәарыцаҩ ӷәӷәа Ни́мрод иеиԥш». 10 Иаҳра раԥхьатәи ақалақьқәа рахь иаҵанакуан Вавилон, Ере́х, Акка́д, иара убас адгьыл Сеннаа́р иатәыз Ха́лне. 11 Уи адгьыл аҟынтә иара Ассириаҟа дцеит, уа иргылеит Нине́виа, Рехово́т-Ир, Кала́х, 12 иара убас Нине́виеи Кала́хи рыбжьара Ресе́н. Уи қалақь дууп*.

13 Мицраи́м ихылҵит Луди́м, Анами́м, Легави́м, Нафтухи́м, 14 Патруси́м, филисти́маа зхылҵыз Каслухи́м, Кафтари́м.

15 Ханаа́н дихылҵит Сидон, раԥхьатәи иԥа, нас Хет. 16 Иара убас уи ихылҵит иеву́саа, аморе́иаа, гирга́шаа, 17 хиве́иаа, арке́иаа, сине́иаа, 18 арва́даа, цемаре́иаа, хама́таа. Ԥыҭрак ашьҭахь ханаа́наа рҭаацәарақәа ԥсаҟьаны адунеи иалаԥсеит. 19 Ханаа́наа рыдгьыл ахь иаҵанакуан Сидон инаркны Газа азааигәара иҟоу Гера́рынӡа ишьҭоу адгьылқәа, иара убас Лаш азааигәара иҟоу Содо́ми, Гомо́рреи, А́дмеи, Цевои́ми рҟынӡа ишьҭоу адгьылқәа. 20 Арҭ Хам иԥацәа роуп дасу изҵанакуаз рҭаацәарақәеи, рбызшәақәеи, рыдгьылқәеи, рыжәларқәеи рыла.

21 Еве́р иԥацәа зегь рышьҭра зҿынтә иаауаз Симгьы ахшара иоуит. Сим аишьцәа иреиҳабыз Иафе́т иашьа иакәын*. 22 Сим иԥацәа: Ела́м, Ашшу́р, Арфакса́д, Луд, Ара́м.

23 Ара́м иԥацәа: Уц, Хул, Гете́р, Маш.

24 Арфакса́д дихылҵит Шела́х, Шела́х дихылҵит Еве́р.

25 Еве́р ҩыџьа аԥацәа иоуит. Руаӡәк Фале́к* ихьӡын, избанзар иара ихаан адгьыл* еиҩыршеит. Иашьа Иокта́н ихьӡын.

26 Иокта́н ихшеит Алмода́д, Шале́ф, Хацармаве́т, Иера́х, 27 Гадора́м, Уза́л, Ди́кла, 28 Ова́л, Авимаи́л, Ше́ва, 29 Офи́р, Хави́ла, Иова́в. Арҭ зегьы Иокта́н иԥацәа роуп.

30 Дара Меш инаркны Мрагылара иҟоу ашьхараҿы ишьҭоу Сефа́рынӡа инхон.

31 Арҭ Сим иԥацәа роуп дасу изҵанакуаз рҭаацәарақәеи, рбызшәақәеи, рыдгьылқәеи, рыжәларқәеи рыла.

32 Арҭ Нои иԥацәа рҭаацәарақәа роуп дасу изҵанакуаз рышьҭрақәеи рыжәларқәеи рыла. Убарҭ ирхылҵыз ажәларқәа роуп аӡхыҵра ашьҭахь иԥсаҟьаны адгьыл иқәынхо иалагаз.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра