2 Фессалоникаа рахь
1 Сара, Павел, Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иртәу Фессало́ника иҟоу аизарахь асаламшәҟәы сыҩуеит. Силуа́нгьы* Тимофеигьы ара исыцуп.
2 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.
3 Аишьцәа, ҳара шәара шәзы еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп. Уи иашоуп, избанзар шәхаҵара аӷәӷәахара иаҿуп, ишәыбжьоу абзиабарагьы аизҳара иаҿуп. 4 Убри азоуп ҳара Анцәа иеизарақәа рҿы ҳшәылаҽхәо шәыӡбахә заҳҳәо. Иаҳҳәоит ачҳареи ахаҵареи аарԥшны, шәзықәшәо ашьҭашәарыцарақәеи агәаҟрақәеи шышәхыжәго. 5 Уи зегь ишьақәнарӷәӷәоит Анцәа иӡбара шиашоу, насгьы Анцәа Иаҳра иаԥсоу шәакәны шәшыԥхьаӡахо, уи Аҳра азы ауп шәара шәызгәаҟуагьы.
6 Анцәа диашоуп азы, иара агәаҟрақәа шәрықәзыршәо агәаҟра иақәиршәоит. 7 Игәаҟуа шәтәы ҳҳәозар, иара шәаргьы ҳаргьы ҳгәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит, Иҳақәиҭу Иисус амцаԥшь дагәылаланы, амч ӷәӷәа змоу имаалықьцәа ицны ажәҩан аҟынтә имчра анааирԥшуа. 8 Анцәа дыззымдыруа, насгьы Иҳақәиҭу Иисус изку ажәабжь бзиа здызымкыло ауаа Иисус ирықәнагоу иақәиршәоит. 9 Дара ақәыӡбара рзыԥшуп, наӡаӡа иқәгахоит. Дара уаҳа ахаан Иҳақәиҭу илаԥш иҵашәаӡом, имчра дугьы уаҳа ирбараны иҟаӡам. 10 Иԥшьоу иашьцәеи иареи ахьӡ-аԥша роурц данаауа, дхазҵаз зегьы дџьашьаны ихәаԥшлоит. Шәаргьы урҭ рыбжьара шәҟалоит, избанзар ишәзеиҭаҳҳәаз агәра жәгеит.
11 Убри аҟынтә ҳара шәара шәзы еснагь Анцәа ҳиҳәоит, ишәиҭаз ааԥхьара шәаԥсаны шәиԥхьаӡарц, насгьы имч ала ииҭаху абзиарақәа зегь ҟаиҵарц, иара убас шәхаҵара ишәнарҟаҵо аусқәа наигӡарц. 12 Усҟан Анцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала, Иҳақәиҭу Иисус ихьӡ шәара шәыла иҳаракхоит, иареи шәареи аӡәк иеиԥш шәахьыҟоу азы шәаргьы ахьӡ-аԥша шәоуеит.