Аатра
10 Уи ашьҭахь сара дызбеит ажәҩан аҟынтә илбаауаз, иӷәӷәаз даҽа маалықьк. Иара аԥҭа дагәылакын, иханы ацәаҟәа кыдын, ихы-иҿы амра еиԥш илашон, ишьапқәа амца зкыз ашьаҟақәа иреиԥшын. 2 Инапаҿы еиҵыхыз шәҟәеикәарҳә хәыҷык икын. Иара иарӷьа шьапы амшын иқәиргылеит, иарма шьапы адгьыл иқәиргылеит. 3 Нас алым аныхәаауа еиԥш ибжьы ҭыганы дыҳәҳәеит. Даныҳәҳәа, быжь-дыдбжьык рыбжьқәа саҳаит.
4 Быжь-дыдык ацәажәара ианалага, ирҳәо џьара ианысҵарц сыҽсырхиеит. Аха убри аамҭазы ажәҩан аҟынтәи бжьык саҳаит: «Быжь-дыдык ирҳәо аӡәгьы иоумҳәан, имаӡаз, џьаргьы ианумҵан». 5 Амшыни адгьыли ирықәгылаз амаалықь ажәҩан ахь иарӷьа напы рханы, 6 ажәҩан, иара убас ажәҩан аҿы иҟоу зегьы, адгьыл, иара убас адгьыл аҿы иҟоу зегьы, амшын, иара убас амшын аҿы иҟоу зегь зшаз, наӡаӡа инхо Анцәа ила дқәит. Иара иҳәеит: «Анцәа уаҳа дыԥшӡом! 7 Абыжьбатәи амаалықь ибыкь данасуа амшқәа рзы Анцәа имаҵуцәа — иԥааимбарцәа — ирзааиртыз ажәабжь бзиа, иԥшьоу амаӡа, наӡоит».
8 Ажәҩан аҟынтә игаз абжьы еиҭа ус санаҳәеит: «Уцаны, амшыни адгьыли ирықәгылоу амаалықь иику еиҵыху ашәҟәеикәарҳә имх». 9 Саргьы амаалықь иахь снеин, уи ашәҟәеикәарҳә сиҭарц сиҳәеит. Иара ус сеиҳәеит: «Усҭ, иф. Уҿаҿы уи ацха еиԥш ихаахоит, умгәаҿы иашахоит». 10 Амаалықь ашәҟәеикәарҳә ааимхны исфеит, сҿаҿы уи ацха еиԥш ихаахеит, сымгәаҿы иашахеит. 11 Сара ус сарҳәеит: «Уара анаҩсгьы аҳцәеи, амилаҭқәеи, ажәларқәеи, абызшәақәеи ирызкны уԥааимбарлароуп».