Неемиа
1 Гаха́лиа иԥа Нееми́а* иажәақәа. Ҩажәатәи ашықәс кисле́в* амзазы сара сузатәи* абааш* аҿы сыҟан. 2 Убри аамҭазы Иудеиантәи сашьцәа руаӡәк Хана́ни егьырҭ ахацәа ицны дааит. Сара урҭ атҟәара аҟынтә ихынҳәыз аиудеиааи Иерусалими шԥаҟоу ҳәа сразҵааит. 3 Дара ирҳәеит: «Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз апровинциаҿы* инхо аиудеиаа рҭагылазаашьа даараӡа ицәгьоуп, рааигәа инхо ажәларқәагьы рхыччоит. Иерусалим аҭӡамцқәа еилабганы ишьҭоуп, агәашәқәагьы блуп».
4 Ари ансаҳа, снатәаны аҵәыуара салагеит. Акырымш сгәырҩон, сычгон, ажәҩан Анцәа сиҳәон. 5 Сара исҳәеит: «Иегова, ажәҩан Анцәа, аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго, зеиқәшаҳаҭра еилазымго Анцәа ду, уара бзиа узбо, уԥҟарақәа назыгӡо рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааурԥшуеит! 6 Суҳәоит, умаҵзуҩы уизхьаԥш, иахьа уара уахь исырхо сыҳәара урҳа. Уахи-ҽни сара умаҵзуҩцәа, израильаа, рзы суҳәоит, израильтәи ажәлар уҿаԥхьа иҟарҵаз рыгәнаҳақәа аасыртуеит. Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит — саргьы, саб иҩнаҭагьы. 7 Ааи, ҳара уҿаԥхьа ииашамкәа ҳхы мҩаԥаҳгон, умаҵзуҩы Моисеи иуҭаз аԥҟарақәеи, азакәанқәеи, ақәҵарақәеи анеилаҳгоз.
8 Суҳәоит, умаҵзуҩы Моисеи иоуҳәаз* угәаларшәа: „Шәсызиашаны шәаанымхар, шәыԥсаҟьаны ажәларқәа шәрыласҵоит. 9 Аха сара сахь шәхынҳәыр, сыԥҟарақәагьы нашәыгӡалар, адгьыл аҵыхәанӡа шәыԥсаҟьаны шәҟаларгьы, сара уантәигьы шәеизганы сыхьӡ азы иалысхыз аҭыԥ ахь шәназгоит“. 10 Дара уара умч ӷәӷәалеи унапы ӷәӷәалеи еиқәурхаз умаҵзуҩцәеи ужәлари роуп. 11 Иегова, умаҵзуҩы иҳәара урҳа, иурҳа гәык-ԥсыкала ухьӡ ҳаҭыр ақәызҵо* умаҵзуҩцәа рыҳәара. Суҳәоит, иахьа умаҵзуҩы уицхраа, ари ауаҩ дысзыразхартә иҟаҵа».
Усҟан сара аҳ иҩынаҳаҩыс сыҟан.