Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 2
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Аҳ Неемиа Иерусалимҟа доуишьҭуеит (1—10)

      • Неемиа ақалақь аҭӡамц гәеиҭоит (11—20)

Неемиа 2:1

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Неемиа 2:7

Албаагақәа

  • *

    Евфрат анхыҵ иҟаз адгьылқәа.

Неемиа 2:8

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҳ ибна».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа инапы раз сыцын».

Неемиа 2:10

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амаҵуҩы».

Неемиа 2:13

Албаагақәа

  • *

    Ма «Агәам-сам».

Неемиа 2:18

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рнапқәа дырӷәӷәеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 2:1–20

Неемиа

2 Нисан* мзазы, аҳ Артаксеркс аҳра аниуаз ҩажәатәи ашықәс азы, аҩы изнаргеит. Саргьы абжьааԥнеиԥш уи аашьҭыхны аҳ исыркит. Уаанӡа иара ахаангьы сылахь еиқәны симбацызт. 2 Аҳ ус дсазҵааит: «Улахь зеиқәуи? Учмазаҩӡамеи. Акы угәы иҵхозар ҟалап». Уи ансаҳа, даараӡа сшәеит.

3 Сара аҳ ус иасҳәеит: «Нагӡара уқәзааит, саҳ! Сылахь злеиқәымлои, сабацәа ахьжу сықалақь еилабганы ианышьҭоу, агәашәқәагьы анблу?» 4 Аҳ дсазҵааит: «Иуҭахуи, нас?» Сара иаразнак ажәҩан Анцәа сиҳәеит. 5 Нас аҳ ус иасҳәеит: «Угәы иаҭаххозар, саҳ, умаҵуҩы уизыраззар, Иудеиаҟа сышьҭы, сабацәа ахьжу ақалақь еиҭашьақәсыргыларц азы». 6 Усҟан аҳ дсазҵааит (аҳкәажәгьы ивараҿы дтәан): «Шаҟа аамҭа уқәхои, уанбахынҳәуеи?» Аҳ соушьҭра дазхиан, саргьы шаҟа аамҭа сынхо иасҳәеит.

7 Уи адагьы, аҳ ус иасҳәеит: «Аҳ иуазар, Аӡиас Анхыҵ* инхо анапхгаҩцәа рахь ирхоу асаламшәҟәқәа сыцырҵааит, машәырк сақәымшәакәа Иудеианӡа снеирц азы, 8 иара убас Аҳҭынра абаҳча* ахылаԥшҩы Аса́ф иахь ирхоу асаламшәҟәгьы сыцырҵааит, аныҳәарҭа ааигәара иҟоу абааш агәашәқәеи ақалақь аҭӡамцқәеи рзи сахьынхало аҩны ази ақыдқәа сиҭарц азы». Аҳгьы урҭ асаламшәҟәқәа сыциҵеит, избанзар Сынцәа дсыцын*.

9 Сара Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩцәа рахь снеин, аҳ исаламшәҟәқәа рысҭеит. Аҳ иара убас аруаа реиҳабацәеи аҽыуааи сыцҵаны сишьҭит. 10 Бет-Хоро́н иатәыз Санвалла́ти аммо́наа иреиуаз ачынуаҩ* То́виеи израильтәи ажәлар аӡә дрыцхраарц дааит ҳәа анраҳа иргәамԥхаӡеит.

11 Аҵыхәтәаны Иерусалимынӡа снеит. Хымш уа сыҟан. 12 Аҵх агәҭаны сгылан, ԥыҭҩык аашьҭыхны сдәықәлеит. Сара аӡәгьы иасымҳәаӡеит Иерусалим азы иҟаҵатәуп ҳәа Анцәа сгәы зызҭеиҵаз атәы. Иҳамаз сара сзықәтәаз ҽада заҵәык акәын. 13 Ауха Арха агәашә ала сцеит. Амаҭ ду ҳәа изышьҭаз аӡыхь саҩсны, Ахәатә* гәашә ахь снеин, еилабганы ишьҭаз Иерусалим аҭӡамцқәеи ибылны иҟаз агәашәқәеи гәасҭеит. 14 Нас Аӡыхь агәашәи Аҳ иӡҭарчи рахь сҿынасхеит, аха аҽада уа измиасӡеит. 15 Усҟан арха ала сҿынасхан, иҵегь аҭӡамцқәа снарылаԥшит, нас Арха агәашә ала схынҳәит.

16 Ақалақь ахадацәа сахьыҟаз, иҟасҵоз ҳәа акгьы рыздырӡомызт, избанзар сара даргьы акгьы расымҳәаӡеит, аиудеиаагьы акгьы расымҳәаӡеит, аԥшьаҩцәагьы акгьы расымҳәаӡеит, ауаа дуқәагьы акгьы расымҳәаӡеит, аусуцәагьы акгьы расымҳәаӡеит. 17 Сара урҭ ус расҳәеит: «Ижәбоит ҳҭагылазаашьа шаҟа ицәгьоу: Иерусалим еилабганы ишьҭоуп, агәашәқәагьы блуп. Шәааи Иерусалим аҭӡамцқәа еиҭашьақәҳаргылап, ахьымӡӷгьы ҳхаҳхып». 18 Нас ирзеиҭасҳәеит Анцәа дышсыцхрааз, аҳгьы исеиҳәаз. Усҟан дара ирҳәеит: «Шәааи аргылара ҳалагап!» Убас дара уи аус бзиа рнапы адыркырц азы ргәы шьҭибахит*.

19 Бет-Хоро́н иатәыз Санвалла́ти, аммо́наа иреиуаз ачынуаҩ То́виеи, Аравиа иатәыз Геше́ми уи анраҳа, иаҳхыччо иалагеит, рқьышә ҳақәҵаны абас рҳәон: «Изакәуи иҟашәҵо? Аҳ шәиҿагылома?» 20 Аха сара исҳәеит: «Ажәҩан Анцәа дҳацхраауеит. Ҳара, иара имаҵзуҩцәа, аргылара ҳалагоит. Шәара шәакәзар, Иерусалим ишәымоу ҳәа акгьы ыҟаӡам, ара ахәҭаагьы шәымаӡам, азинқәагьы шәымаӡам, Иерусалим аҭоурыхгьы шәахәҭакӡам».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра