Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 4
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Аус ԥхьаҟа ицоит, уи ишаԥырхагоугьы (1—14)

      • Аргылаҩцәа абџьар кны аус руеит (15—23)

Неемиа 4:12

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «жәантә».

Неемиа 4:16

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рышьҭахь игылан».

Неемиа 4:18

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».

Неемиа 4:20

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 4:1–23

Неемиа

4 Санвалла́т аҭӡамцқәа шеиҭашьақәҳаргыло аниаҳа, даараӡа игәамԥхаӡеит. Иара иԥсахы еибакит, аиудеиаа ргәы каижьырц азы дырхыччо далагеит. 2 Иара иашьцәеи самариатәи аибашьцәеи ус реиҳәеит: «Изҿу закәуи арҭ аиудеиаа рыцҳақәа? Абри зегь рхала иҟарҵарц рҭахума? Акәырбанқәа наргаларц ргәы иҭоума? Аргылара ҽнакала иалгома? Абри ибылны еилажьу ахаҳәқәа еиҭашьақәдыргыларцу?»

3 Иааигәара игылаз аммо́наа иреиуаз То́виа ус иҳәеит: «Бгахәыҷык рыҭӡамц инагәыдԥалар, иаразнак еилаҳауеит!»

4 Ҳанцәа, уԥшы ҳшыладырҟәуа. Ҳара иаҳхырҳәаауа дара ирықәшәааит, раӷацәа риааиртә иҟаҵа, атәым дгьыл аҿы тҟәацәас иҟалартә иҟаҵа. 5 Ирыду ахара раноумыжьын, рыгәнаҳа рхумхын, избанзар дара аргылаҩцәа ладырҟәуеит.

6 Ҳара аҭӡамц аргылара ҳшаҿыц ҳаҿын, иԥҽны иҟаз аҭыԥқәа зегьы еиҭашьақәҳаргылеит, абжара аҟынӡа ишьҭаҳхит. Ажәлар гәыкала аус руан.

7 Санвалла́ти, То́виеи, Аравиа иатәыз ауааи, аммо́нааи, Ашдо́д инхоз ауааи ианраҳа Иерусалим аҭӡамцқәа рышьҭыхра ҳшаҿыц ҳшаҿу, иԥҽны иҟоу аҭыԥқәагьы шеиҭашьақәҳаргыло, ргәы ԥжәан, 8 Иерусалим иақәларц, ҳаргьы иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәдырхарц рыӡбеит. 9 Аха ҳара Ҳанцәа ҳиҳәон, уахи-ҽни ахьчаҩцәа ргыланы иҳаман.

10 Аха аиудеиаа абас аҳәара иалагеит: «Аусуцәа ааԥсеит, еилабганы икажьу макьана ирацәоуп. Ҳара ари аҭӡамц ахаангьы иаҳзыргылаӡом».

11 Ҳаӷацәа ус рҳәон: «Дара наҳәны иаахьаԥшаанӡа рыгәҭа ҳашгылоу жәбап. Урҭ ԥыххааса ишьҭаҳҵоит, русгьы аанаҳкылоит».

12 Ҳаӷацәа рааигәара инхоз аиудеиаа ақалақь ахь ианаауаз, уажәы-уажә* абас ҳарҳәон: «Аӷацәа ааны, анахьынтәигьы арахьынтәигьы ишәықәлоит».

13 Усҟан сара аҭӡамц аҿы еиҳа илаҟәыз, иаартыз аҭыԥқәа рҿы ахьчаҩцәа сыргыло салагеит. Ауаа рҭаацәеи дареи аҳәақәеи, аԥсақәеи, ахәымпалқәеи дыркны исыргылеит. 14 Ишшәоз ангәасҭа, ауаа дуқәеи, анапхгаҩцәеи, ажәлари ус расҳәеит: «Шәымшәан, аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго Анцәа ду Иегова дышәгәалашәыршәала, шәеибашьла шәашьцәеи, шәыҷкәынцәеи, шәыԥҳацәеи, шәыҳәсеи, шәыҩнқәеи рзы».

15 Ҳаӷацәа еилыркааит ргәы иҭаз зегь шаҳдырыз, насгьы Анцәа ду рыгәҭакқәа шхирбгалаз. Уи ашьҭахь ҳара ҳхынҳәын, еиҭа аҭӡамц аиҭашьақәыргылара ҳалагеит. 16 Убри аҽны инаркны исыцыз ахацәа абжаҩык аус руан, абжаҩык — абџьармаҭәа рышәҵаны, асақәеи, аԥыракқәеи, ахәымпалқәеи ркын. Аҭауадцәагьы аиудеиаа ирыцхраауан*, 17 аҭӡамцқәа зыргылоз аиудеиаа. Аидара иаҵаз рызнапык ала аидара ркын, егьи рнапала абџьар ркын. 18 Аргылаҩцәа зегьы аус аныруаз аҳәа рыҟәнын, саргьы ауаҩы дсыцын, ашәарҭара анибалак абыкь* дасырц азы.

19 Сара ауаа дуқәеи, анапхгаҩцәеи, ажәлари абас расҳәеит: «Аусутә рацәоуп, аҭӡамц аҿы аӡәи-аӡәи ҳаицәыхароуп. 20 Убри аҟынтә абыкь* абжьы аншәаҳалак, ҳааигәара шәеиза. Ҳанцәа ҳара ҳзы деибашьлоит».

21 Абжаҩык аус ҳуан, егьырҭ — иаашар хәлаанӡа, аеҵәақәа цәырҵаанӡа, асақәа кны иҷаԥшьон. 22 Сара ажәлар ус расҳәеит: «Ахацәа рмаҵуцәеи дареи уахынла Иерусалим иаангылалааит. Уахынла ҳрыхьчалоит, ҽынла аус рулоит». 23 Сара соума, сашьцәа роума, смаҵуцәа роума, сыхьчаҩцәа роума, аӡәгьы ҳамаҭәа ҳшәаҳхӡомызт, зегьы ҳарӷьа напаҿы абџьар ҳкын.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра