Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 3
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Аҭӡамц еиҭашьақәдыргылоит (1—32)

Неемиа 3:1

Албаагақәа

  • *

    Ма «Анцәа изыркит».

Неемиа 3:5

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыхәдаџьал рыҵарымкӡеит».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи»,

    7/2023, ад. 7

Неемиа 3:12

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    10/2019, ад. 23

Неемиа 3:13

Албаагақәа

  • *

    Ма «Агәам-сам».

  • *

    445 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Неемиа 3:15

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «аканал». Уи аӡҭарчахьы аӡы зланеиуаз убри аканал ала акәын.

Неемиа 3:22

Албаагақәа

  • *

    Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.

Неемиа 3:26

Албаагақәа

  • *

    Ма «анефине́ицәа». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иаҭоу».

Неемиа 3:30

Албаагақәа

  • *

    Ма «иуада».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 3:1–32

Неемиа

3 Аԥшьаҩ хада Ельиаши́ви иашьцәа аԥшьаҩцәеи Ауасақәа ргәашә аргылара иалагеит. Дара уи рыԥшьеит*, нас ашәқәа ҭадыргылеит. Дара аҭӡамц хәҭак рыԥшьеит, абааш Ме́а аҟынӡа, насгьы абааш Ханане́л аҟынӡа. 2 Урҭ рааигәара аргылара иаҿын Иерихон инхоз, урҭ рышьҭахь аргылара даҿын И́мри иԥа Закку́р.

3 Аԥсыӡ гәашә дыргылон Сена́иа иԥацәа. Дара уи амҿтәы рама ҭадыргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿарҵеит. 4 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Хакко́ц иԥа У́риа иԥа Меремо́т, уи ишьҭахь — Мешезаве́л иԥа Бере́хиа иԥа Мешулла́м, уи иааигәара — Баа́на иԥа Цадо́к. 5 Уи иааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон теко́аа, аха урҭ руаа дуқәа ахылаԥшыҩцәа рнапаҵаҟа аусура рҭахымхаӡеит*.

6 Ажәытә қалақь агәашә еиҭашьақәдыргылон Пасеа́х иԥа Иоиа́ди Бесо́диа иԥа Мешулла́ми. Дара уи амҿтәы рама ҭадыргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿарҵеит. 7 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Гавао́н иатәыз Мела́тиеи Меронóт иатәыз Иадо́ни — Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы инапаҵаҟа иҟаз Гавао́ни Ми́цпеи рҟынтә ауаа. 8 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон ахьлыхҟаҵаҩ Харха́иа иԥа Уззии́л, уи ишьҭахь — амазьқәа рыҟаҵаҩ Хана́ниа. Дара Иерусалим амҩа Аҭӡамц ҭбаа аҟынӡа хаҳәла ирчаԥеит. 9 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Хур иԥа Рефа́иа, Иерусалимтәи аҳабла абжа ҭауадс иамаз. 10 Уи иааигәара Харума́ф иԥа Иеда́иа иҩны аҿаԥхьа аҭӡамцқәа шьақәиргылон, уи иааигәара аҭӡамцқәа шьақәиргылон Хаша́внеиа иԥа Хатту́ш.

11 Аҭӡамц анаҩстәи ахәҭеи Ачаӡырҭақәа рбааши Хари́м иԥа Ма́лхиеи Паха́т-Моа́в иԥа Хашшу́ви еиҭашьақәдыргылон. 12 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Халлохе́ш иԥа, Иерусалимтәи аҳабла абжа ҭауадс иамаз Шаллу́м иԥҳацәеи иареи.

13 Арха агәашә еиҭашьақәдыргылон Хану́ни Заноа́х инхози. Дара уи агәашә дыргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿарҵеит. Дара иара убас Ахәатә* гәашәынӡа 1 000 мышьхәылҵ* инеиуаз аҭӡамц еиҭашьақәдыргылон. 14 Ахәатә гәашә еиҭашьақәиргылон Реха́в иԥа Ма́лхиа, аҳабла Бет-Хаккере́м аҭауад. Иара агәашә иргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿеиҵеит.

15 Аӡыхь агәашә еиҭашьақәиргылон Кол-Хозе́ иԥа Шаллу́м, аҳабла Ми́цпа аҭауад. Иара агәашә еиҭашьақәиргылан, ахыб аиҭеит, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәагьы ҿеиҵеит. Иара аҳ ибаҳча азааигәара иҟаз аӡҭарчы Шела́х* иадыз аҭӡамцгьы еиҭашьақәиргылон, Давид иқалақь аҟынтә илбаауаз амардуан аҟынӡа.

16 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Азбу́к иԥа, аҳабла Бет-Цур абжа ҭауадс иамаз Нееми́а. Иара еиҭашьақәиргылоз аҭӡамц Давид иаҳратә нышәынҭрақәа рҿаԥхьа иҟаз аҭыԥ инаркны напыла иҟаҵаз аӡҭарчи Аруаа рыҩни рҟынӡа инеиуан.

17 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон алевитцәа: Ба́ни иԥа Реху́м, уи иааигәара иҳабла аҟынтә аҭӡамцқәа шьақәиргылон аҳабла Кеи́ла абжа ҭауадс иамаз Хаша́виа. 18 Урҭ рышьҭахь рашьцәа аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон. Дара аҳабла Кеи́ла егьи азбжа ҭауадс иамаз Хенада́д иԥа Бавва́и еиҳабыс дрыман.

19 Ахырӷәӷәарҭаҿы иҟаз, Абџьар аҩнахьы ухазгалоз амарда аҿаԥхьа аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа еиҭашьақәиргылон Иешу́а иԥа Езе́р, Ми́цпа аҭауад.

20 Уи ишьҭахь Забба́и иԥа Бару́х дҳаҵҳаҵо аус иуан. Иара аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа еиҭашьақәиргылон, Ахырӷәӷәарҭа аҟынтә аԥшьаҩ хада Ельиаши́в иҩны аҩналарҭа аҟынӡа.

21 Уи ишьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа, Ельиаши́в иҩны аҩналарҭа аҟынтәи иҩны аҵыхәанӡа, еиҭашьақәиргылон Хакко́ц иԥа У́риа иԥа Меремо́т.

22 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Иордантәи акаршәраҿы* инхоз аԥшьаҩцәа. 23 Урҭ рышьҭахь рыҩны аҿаԥхьа аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Вениамини Хашшу́ви. Урҭ рышьҭахь иҩны азааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Ана́ниа иԥа Маасе́иа иԥа Аза́риа. 24 Уи ишьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа, Аза́риа иҩны аҟынтә Ахырӷәӷәарҭанӡа, анаҩс акәакь аҟынӡа, Хенада́д иԥа Бинну́и еиҭашьақәиргылон.

25 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Уза́и иԥа Пала́л. Иара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Ахырӷәӷәарҭа аҿаԥхьеи аҳҭынра иаҿаԥшьны иадгылаз абааш аҿаԥхьеи. Уи абааш аҷаԥшьаҩцәа рашҭаҿы иҟаз хыхьтәи абааш акәын. Уи ишьҭахь аус иуан Паро́ш иԥа Педа́иа.

26 Офе́л инхоз аныҳәарҭа амаҵуцәа* аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон мрагылара Аӡы агәашә аҟынӡа, насгьы иахыҳәҳәоз абааш аҟынӡа.

27 Урҭ рышьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа теко́аа еиҭашьақәдыргылон, иахыҳәҳәоз абааш аҟынтәи Офе́л аҭӡамц аҟынӡа.

28 Аҽқәа ргәашә аҟынтә аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон аԥшьаҩцәа, дасу иҩны аҿаԥхьа.

29 Урҭ рышьҭахь иҩны аҿаԥхьа аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Имме́р иԥа Цадо́к.

Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Шеха́ниа иԥа Шема́иа, Мрагыларатәи агәашә ахьчаҩ.

30 Уи ишьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа еиҭашьақәдыргылон Шеле́миа иԥа Хана́ниеи Цала́ф афбатәи иԥа Хану́ни.

Урҭ рышьҭахь иҩны* аҿаԥхьа аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Бере́хиа иԥа Мешулла́м.

31 Уи ишьҭахь Агәаҭаратә гәашә аҿы иҟоу аныҳәарҭа амаҵуцәеи аҭиҩцәеи рыҩны аҟынӡа, насгьы акәакь аҿы иҟоу хыхьтәи ауаданӡа аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон ахьлыхҟаҵаҩ Ма́лхиа.

32 Акәакь аҿы иҟоу хыхьтәи ауадеи Ауасақәа ргәашәи рыбжьара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон ахьлыхҟаҵаҩцәеи аҭиҩцәеи.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра