Неемиа
8 Ажәлар зегьы, аӡәк иеиԥш, Аӡы агәашә аԥхьа ашҭаҿы ианеиза, ахҩылааҩ Е́здра Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз азакәан ашәҟәы ааигарц и́ҳәеит. 2 Абыжьбатәи амза актәи амш аҽны аԥшьаҩы Е́здра азакәан ашәҟәы аашьҭихын, еизаз* зегьы, хацәеи ҳәсеи, ираҳауаз еилызкаауаз зегь рҿаԥхьа даақәгылеит. 3 Аӡы агәашә аԥхьа ашҭаҿы шьыжьымҭан шаанӡа инаркны шьыбжьонынӡа иара дгыланы, хацәеи ҳәсеи, ииҳәоз еилызкаауаз зегьы, ибжьы ҭыганы азакәан дырзаԥхьон, ажәларгьы рлымҳа кыдҵаны иӡырҩуан. 4 Ахҩылааҩ Е́здра ари аус азы иҟаиҵаз амҿтәы қәгыларҭа дықәгылан. Иарӷьарахь игылан Матти́тиа, Ше́ма, Ана́иа, У́риа, Хи́лкиа Маасе́иа, иармарахь — Педа́иа, Мисаи́л Ма́лхиа, Хашу́м, Хашбадда́на, Заха́риа, Мешулла́м.
5 Зегьы ирбон Е́здра ашәҟәы шааиртыз, избанзар иара дҳаракны дгылан. Иара уи анааирт, ажәлар зегь гылеит. 6 Нас Е́здра Иегова дирҽхәеит, хьӡи-ԥшеи змоу Анцәа ду. Зегьы рнапқәа шьҭырхын: «Аминь! Аминь!» — рҳәеит. Нас ишьамхышгылан, Иегова иеихырхәеит. 7 Алевитцәа Иешу́а, Ба́ни, Шере́виа, Иами́н, Акку́в, Шаббета́и, Го́диа, Маасе́иа, Кели́та, Аза́риа, Иозава́д, Хана́н, Пела́иа ажәлар азакәан реилдыркаауан. Ажәлар зегьы ршьапы иқәгылан. 8 Дара Анцәа ду изакәан рыбжьы ҭыганы иаԥхьон, иреилдыркаауан, иаанаго рзеиҭарҳәон. Убас дара ажәлар изыԥхьоз аилкаара ирыцхраауан.
9 Уи аамҭазы напхгаҩыс иҟаз Нееми́еи, ԥшьаҩыс иҟаз ахҩылааҩ Е́здреи, ажәлар азакәан дзырҵоз алевитцәеи еизаз абас рарҳәеит: «Ари амш Шәынцәа Иегова изы иԥшьоуп. Шәымгәырҩан, шәымҵәыуан», избанзар дара азакәан иаҳәоз ажәақәа ианырзыӡырҩуаз иҵәыуон. 10 Нееми́а ус реиҳәеит: «Шәца, зегь иреиӷьу* шәфала, ихаау шәжәла, акгьы змам ирыцеиҩышәшала, избанзар ари амш Иҳақәиҭу изы иԥшьоуп. Шәгәы кашәмыжьын, избанзар Иегова ишәиҭо агәырӷьара шәара шәзы баагәароуп». 11 Алевитцәагьы ажәлар ргәы дырҭынчуан: «Шәымҵәыуан! Избанзар ари амш ԥшьоуп. Шәгәы кашәмыжьын». 12 Убас ажәлар зегьы акрыфара-акрыжәра ицеит, измамызгьы ирфаша рырҭон. Дара даараӡа игәырӷьон, избанзар ирарҳәаз ажәақәа еилыркааит.
13 Адырҩаҽны ажәлар зегьы рабиԥарақәа рхадацәеи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи ахҩылааҩ Е́здра идеизалеит, азакәан иаҳәо еиӷьны еилыркаарц азы. 14 Иегова Моисеи ила ириҭаз азакәан аҿы ирбеит аныҳәа аназгәарҭо абыжьбатәи амзазы израильаа ақьалақәа рҿы инхалар шрыхәҭоу, 15 иара убас ақалақьқәа зегь рҿи Иерусалим зегь аҿи абас шрылаҳәатәу: «Ашьхарахь шәцаны амаслина амахәқәеи, аԥса амахәқәеи, амирта амахәқәеи, апальма амахәқәеи, егьырҭ аҵлақәа рымахәқәеи аажәга, азакәан ишану еиԥш ақьалақәа шәыргыларц азы».
16 Ауаа цан, амахәқәа ааганы, рхыбқәа рҿи, рашҭақәа рҿи, Анцәа ду иҩны ашҭақәа рҿи, Аӡы агәашә ашҭаҿи, Ефремаа ргәашә ашҭаҿи ақьалақәа дыргылеит. 17 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз зегьы ақьалақәа ҟарҵан, уа анхара иалагеит. Израильаа даараӡа игәырӷьон, избанзар Иисус Нави́н ихаан аахыс ари аныҳәа абас иазгәарымҭаӡацызт. 18 Анцәа ду изакәан ашәҟәы рыбжьы ҭыганы есыҽны иаԥхьон, актәи амш инаркны аҵыхәтәантәи амшынӡа. Аныҳәа бжьымшы иазгәарҭон, аабатәи амш аҽны азакәан ишаҳәоз еиԥш иҷыдоу аизара ҟарҵеит.