Неемиа
6 Санвалла́ти, То́виеи, Аравиа иатәыз Геше́ми, егьырҭ ҳаӷацәеи ианрарҳәа аҭӡамц шсыргылаз, иԥҽыз аҭыԥқәагьы шаанымхаз (усҟан агәашә ашәқәа шҭасмыргылацызгьы), 2 Санвалла́ти Геше́ми абас сзаарыцҳаит: «Уааи аамҭа алхны арха О́но иатәу қыҭак аҿы ҳаиқәшәап». Дара цәгьарак сзырур рҭахын. 3 Убри аҟынтә дара рахь ауаа сышьҭит, абас рарҳәарц: «Сара аус ду саҿуп, шәара шәахь сызнеиӡом. Шәара шәахь сцаны сахьынӡаҟам аус аангылараны изыҟои?» 4 Убас ԥшьынтә исзаарыцҳауан, аха сара исҳәац сҳәон.
5 Усҟан Санвалла́т ахәынтә раан имаҵуҩы дысзааишьҭит, иаартыз асаламшәҟәгьы иҭаны. 6 Уа ус анын: «Ажәлар уҳәан-схәан рылоуп, Геше́мгьы иҳәоит аиудеиааи уареи аҳ шәиҿагыларц шәгәы иҭоуп ҳәа. Убри азоуп ари аҭӡамцгьы зшәыргыло, уара урҭ раҳ уакәхарц уҭахуп ҳәагьы рҳәоит. 7 Уара урҭ аԥааимбарцәа алухит Иерусалим зегь аҿы абас рҳәаларц: „Иудеиа аҳ дыҟоуп!“ Уажәшьҭа уи аҳ иҟынӡа инеиуеит. Убри аҟынтә уааи арахь, уи азҵаара ҳалацәажәап».
8 Аха сара абас изынасыцҳаит: «Иуҳәо аҩыза ыҟаӡамызт. Уи зегь ухы иҭуҳәааит». 9 Дара зегьы ҳдыршәарц рҭахын, ҳгәы каҳаны, аус аангылоит ҳәа игәыӷуан. Суҳәоит, Сынцәа, сырӷәӷәа*!
10 Нас сара аҩны идәылымҵуаз Мегетаве́л иԥа Дела́иа иԥа Шема́иа иахь сцеит. Иара ус сеиҳәеит: «Уааи Анцәа ду иҩнаҿы, аныҳәарҭаҿы, ҳаиқәшәап, ҳаҩналаны ашә аҳаркып, избанзар ушьра иаауеит. Дара уахынла уршьырц азы иаауеит». 11 Сара исҳәеит: «Сара сеиԥш иҟоу ауаҩы дыбналар ҟалома? Сара сҩыза ауаҩы аныҳәарҭа дыҩналар, иԥсы ҭаны дзаанхома? Сцаӡом!» 12 Сара еилыскааит уи аԥааимбар Анцәа дшааимышьҭыз. Уи То́виеи Санвалла́ти аԥара изыршәеит сижьарц азы. 13 Дара уи аԥара изыршәеит, сыршәаны, агәнаҳа сдырҟаҵарц азы. Убас ала сыхьӡ дырцәгьон, исаҽԥнырҳәозгьы роуан.
14 Сынцәа, иугәаларшәа То́виеи Санвалла́ти иҟарҵаз, аԥааимбарԥҳәыс Ноа́диеи егьырҭ аԥааимбарцәеи сдыршәарц ишашьҭазгьы угәаларшәа.
15 Аҭӡамц аргылара хыркәшан елу́л* 25 рзы. Уи 52 мшы рыла еиҭашьақәдыргылеит.
16 Ҳаӷацәа уи анраҳа, иааҳакәыршаны инхоз ажәларқәагьы уи анырба, ахьымӡӷ ргеит, иԥхашьеит, дара еилыркааит уи аус Анцәа ицхыраарала ишыҟаҵаз. 17 Урҭ амшқәа рзы иудеиатәи ауаа дуқәа То́виа иахь асаламшәҟәқәа рацәаны ирышьҭуан, иаргьы урҭ рҭак ҟаиҵон. 18 Имаҷҩымкәа аиудеиаа иқәны ажәа ирҭеит иара ишидгыло, избанзар иара Ара́х иԥа Шеха́ниа имаҳә иакәын, иԥа Иехохана́н Бере́хиа иԥа Мешулла́м иԥҳа ԥҳәысс диман. 19 Дара ааҟәымҵӡакәа То́виа дсыддырҽхәалон, нас ицаны исҳәоз иарҳәон. То́виа ихаҭа асаламшәҟәқәа сзааишьҭуан сиршәарц азы.