Неемиа
10 Абар зымҳәырқәа аазырхаз:
Гаха́лиа иԥа, анапхгаҩы Нееми́а,
иара убас Седе́киа, 2 Сера́иа, Аза́риа, Иереми́а, 3 Пашху́р, Ама́риа, Ма́лхиа, 4 Хатту́ш, Шева́ниа, Маллу́х, 5 Хари́м, Меремо́т, А́вди, 6 Даниил, Гиннето́н, Бару́х, 7 Мешулла́м, А́виа, Миами́н, 8 Маа́зиа, Билга́и, Шема́иа; арҭ ԥшьаҩцәан.
9 Алевитцәа: Аза́ниа иԥа Иешу́а, Хенада́д иԥацәа рҟынтә Бинну́и, Кадмии́л, 10 урҭ рашьцәа Шева́ниа, Го́диа, Кели́та, Пела́иа, Хана́н, 11 Ми́ха, Рехо́в, Хаша́виа, 12 Закку́р, Шере́виа, Шева́ниа, 13 Го́диа, Ба́ни, Бени́ну.
14 Ажәларқәа рхадацәа: Паро́ш, Паха́т-Моа́в, Ела́м, За́тту, Ба́ни, 15 Бу́нни, Азга́д, Бева́и, 16 Адо́ниа, Бигва́и, Ади́н, 17 Ате́р, Езеки́а, Аззу́р, 18 Го́диа, Хашу́м, Беца́и, 19 Хари́ф, Анато́т, Нева́и, 20 Магпиа́ш, Мешулла́м, Хези́р, 21 Мешезаве́л, Цадо́к, Иадду́а, 22 Пела́тиа, Хана́н, Ана́иа, 23 О́сиа, Хана́ниа, Хашшу́в, 24 Халлохе́ш, Пи́лха, Шове́к, 25 Реху́м, Хаша́вна, Маасе́иа, 26 А́хиа, Хана́н, Ана́н, 27 Маллу́х, Хари́м, Баа́на.
28 Егьырҭ ауаа зегьы — аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, Анцәа ду изакәан нарыгӡаларц азы егьырҭ ажәларқәа ирыдҵызи, иара убас урҭ рыҳәсеи, рԥацәеи, рыԥҳацәеи, аиқәшаҳаҭра ажәақәа реилкаара зылшоз зегьы*, — 29 рашьцәа-ауаа дуқәа рыҽрыдыркылеит. Дара ауаа зегьы рҿаԥхьа иқәит* Анцәа ду имаҵзуҩы Моисеи ила Анцәа ду ириҭаз азакәан шынарыгӡало, насгьы ак агмыжькәа Иҳақәиҭу Иегова иԥҟарақәеи, изакәанқәеи, иусԥҟақәеи ишрықәныҟәало. 30 Ҳара ҳаԥҳацәа егьырҭ ажәларқәа ираҳҭалаӡом, ҳаргьы урҭ рыԥҳацәа ҳаҷкәынцәа рзы ԥҳәысс иаҳгалаӡом.
31 Егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа асабшаҽны ачарыц* ма даҽакы аҭира ианааргало, ҳара урҭ рҿы асабшаҽны ма иԥшьоу даҽа мшык азы акгьы ааҳхәалаӡом. Абыжьбатәи ашықәс азы адгьыл аԥсы аҳаршьалоит, ҳуал зқәугьы иранаҳажьлоит.
32 Уи адагьы, дасу уалԥшьаны иҳадаҳҵеит есышықәса аше́кель ахԥатәи ахәҭа* Ҳанцәа иҩнаҿы* ицо амаҵзура ишаҳҭало: 33 иԥшьоу ачазы, кәырбанс инарго ачазы, сабшалеи амзаҿа ангылои ирбылуа акәырбанқәа рзы, иара убас аныҳәақәа рзы, иԥшьоу акәырбанқәа рзы, Израиль зҵоу агәнаҳа ахыхразы инарго акәырбанқәа рзы, насгьы Ҳанцәа иҩнаҿы ицо аусқәа рзы.
34 Ҳара аҵәы ҭаҳаԥсеит, азакәан аҿы ишану еиԥш Ҳанцәа Иегова икәырбаннагарҭаҿы ибылларц азы аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, ажәлари рҟынтә иарбан биԥарақәоу Ҳанцәа иҩназы есышықәса амҿы аагара зыхәҭоу, насгьы уи аҟаҵара анрыхәҭоу шьақәҳаргыларц азы. 35 Иара убас ҳара есышықәса Иегова иҩнахьы инаҳгалоит раԥхьатәи аҽаҩреи ашәырҵлақәа зегь ирҿало раԥхьатәи ашәыри, 36 насгьы Ҳанцәа иҩнахьы, уаҟа амаҵ зуа аԥшьаҩцәа рахь, инаҳгалоит ҳаҷкәынцәа рҟынтә раԥхьатәи ҳԥацәеи аԥстәқәа* раԥхьатәи рԥацәеи, азакәан аҿы ишҳәоу еиԥш, иара убас ашьамаҟеи аԥсасеи раԥхьатәи рԥацәеи. 37 Ҳара Ҳанцәа иҩны аҵәахырҭа ауадақәа* рахь аԥшьаҩцәа ирызнаҳгалоит иџьаџьаны илагоу раԥхьатәи ачашыла, хатәгәаԥхарала иҟаҵоу аҳамҭақәа, еиуеиԥшым аҵлақәа ирҿало ашәырқәа, аҩы, ахәша. Алевитцәа адгьыл иаҳнаҭо ажәабатәи ахәҭа раҳҭалоит, избанзар алевитцәа роуп адгьыл иахьықәаарыхуа ҳақалақьқәа зегьы рҿы ажәабатәи ахәҭа еизызгалар зыхәҭоу.
38 Алевитцәа ажәабатәи ахәҭа анеизырго, Аарон ишьҭра иатәу аԥшьаҩы дрыцзароуп. Алевитцәа ироуа ажәабатәи ахәҭа аҟынтә ажәабатәи ахәҭа Ҳанцәа иҩнаҿы иҟоу аҵәахырҭахь* инаргалароуп. 39 Израильааи алевитцәа рыҷкәынцәеи хатәгәаԥхарала инарго ачарыци, аҩи, ахәшеи аԥшьаҭыԥ амаҭәарқәа ахьыҟоу, насгьы аԥшьаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи амаҵ ахьыруа аҵәахырҭа уадақәа рахь инаргалароуп. Ҳара Ҳанцәа иҩны ахылаԥшра ҳаҟәыҵӡом.