Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 11
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Иерусалим еиҭа ауаа анхара иалагоит (1—36)

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 11:1–36

Неемиа

11 Ажәлар рыҭауадцәа Иерусалим инхон. Егьырҭ ауаа еиҩыршарц азы аҵәы ҭарыԥсеит, жәаҩык рҟынтә аӡәы Иерусалимҟа нхара диасит, егьырҭ жәҩык рықалақьқәа рҿы иаанхеит. 2 Иҟан хатәгәаԥхарала Иерусалимҟа ииасызгьы, ажәларгьы урҭ ауаа ирықәныҳәеит.

3 Абар Иерусалим инхоз апровинциа аиҳабацәа. (Егьырҭ израильааи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, Соломон имаҵуцәа рԥацәеи Иудеиа иаҵанакуаз егьырҭ ақалақьқәа рҿы инхон, дасу иқалақь аҿы иҭынхаз адгьыл аҿы.

4 Иара убас Иерусалим инхон аиудеиааи вениами́нааи шьоукы.) Аиудеиаа рҟынтә: Ата́иа, уи Малелеи́л иԥа Шефа́тиа иԥа Ама́риа иԥа Заха́риа иԥа У́ззиа иԥа иакәын, Фаре́с иԥацәа рҟынтә, 5 иара убас Маасе́иа, уи Заха́риа иԥа Иоиари́в иԥа Ада́иа иԥа Хаза́иа иԥа Кол-Хозе́ иԥа Бару́х иԥа иакәын, Ше́ла иԥацәа рҟынтә. 6 Иерусалим инхоз Фаре́с иԥацәа зегьы 468-ҩык ыҟан. Дара зегьы иӷәӷәаз уаан.

7 Вениаами́наа рҟынтә: Са́ллу, уи Иеша́и иԥа Ифии́л иԥа Маасе́иа иԥа Кола́иа иԥа Педа́иа иԥа Иое́д иԥа Мешулла́м иԥа иакәын, 8 иара убас Габба́ии Салла́ии — зегьы 928-ҩык. 9 Зи́хри иԥа Иои́ль урҭ реиҳаб иакәын, Хассену́иа иԥа Иуда ақалақь аҿы уи ихаҭыԥуаҩ иакәын.

10 Аԥшьаҩцәа рҟынтә: Иоиари́в иԥа Иеда́иа, Иахи́н, 11 Сера́иа, уи Ахиту́в иԥа Мираио́т иԥа Цадо́к иԥа Мешулла́м иԥа Хи́лкиа иԥа иакәын. Ахиту́в Анцәа ду иҩнаҿы амаҵ зуаз аиҳабацәа дыруаӡәкын, 12 иара убас уи аҩнаҿы амаҵ зуаз урҭ рашьцәа — зегьы 822-ҩык; Ада́иа, уи Ма́лхиа иԥа Пашху́р иԥа Заха́риа иԥа А́мци иԥа Пела́лиа иԥа Иероха́м иԥа иакәын, 13 иара убас иашьцәа, абиԥарақәа рхадацәа — 242-ҩык; Амашса́и, уи Имме́р иԥа Мешиллемо́т иԥа Ахза́и иԥа Азаре́л иԥа иакәын, 14 иара убас иашьцәа, агәымшәара злаз ахацәа ӷәӷәақәа — 128-ҩык, урҭ еиҳабыс дрыман ауаа дуқәа ирылҵыз Завдии́л.

15 Алевитцәа рҟынтә: Шема́иа, уи Бу́нни иԥа Хаша́виа иԥа Азрика́м иԥа Хашшу́в иԥа иакәын, 16 насгьы алевитцәа рхадацәа Шаббета́ии Иозава́ди. Дара Анцәа ду иҩны анҭыҵ иҟаз аусқәа рнапы ианын, 17 иара убас Анцәа ианиҳәоз, ддырҽхәаларц азы ашәа зҳәоз ашәаҳәаҩцәа напхгара рзызуаз Матта́ниа, уи Аса́ф иԥа За́вди иԥа Ми́ха иԥа иакәын, уи ицхырааҩ Бакбу́киа, иара убас А́вда, уи Иедуту́н иԥа Гала́л иԥа Шамму́а иԥа иакәын. 18 Зегь ааизакны иԥшьоу ақьалаҿы 284-ҩык алевитцәа ыҟан.

19 Агәашәхьчаҩцәа: Акку́в, Талмо́н, иара убас урҭ рашьцәа — 172-ҩык.

20 Егьырҭ израильааи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи Иудеиа иаҵанакуаз егьырҭ ақалақьқәа рҿы инхон, дасу иҭынхаз адгьыл аҿы. 21 Аныҳәарҭа амаҵуцәа Офе́л инхон, Ци́хеи Ги́шпеи урҭ реиҳабацәа ракәын.

22 Иерусалим алевитцәа еиҳабыс ирымаз У́ззи иакәын. Уи Аса́ф иԥа Ми́ха иԥа Матта́ниа иԥа Хаша́виа иԥа Ба́ни иԥа иакәын, урҭ шәаҳәаҩцәан. Иара Анцәа ду иҩнаҿы ицоз аусқәа инапы ианын. 23 Аҳ аусԥҟа ҭижьит ашәаҳәаҩцәа есыҽны рхы зланыҟәыргалаша рырҭаларц азы. 24 Иуда иԥа Зера́х иԥацәа рҟынтә Мешезаве́л иԥа Пета́хиа аҳ иабжьгаҩ иакәын. Иара ажәлар ирыдҳәалаз аусқәа рҿы аҳ дицхраауан.

25 Аиудеиаа шьоукы амхқәа ахьыҟаз ақыҭақәа рҿы инхон. Абар урҭ ахьынхоз: Кириа́т-Арба́, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, Диво́н, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, Иекавцеи́л, иара убас уи иаҵанакуаз ақыҭақәа, 26 Иешу́а, Мола́да, Бет-Пеле́т, 27 Хаца́р-Шуа́л, Бее́р-Ше́ва, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, 28 Цикла́г, Мехо́на, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, 29 Ен-Риммо́н, Цо́ра, Иарму́т, 30 Заноа́х, Адулла́м, иара убас урҭ ирыҵанакуаз ақыҭақәа, Лахи́ш уи иаҵанакуаз амхқәеи иареи, иара убас Азе́кеи уи иаҵанакуаз ақалақьқәеи. Израильаа Бее́р-Ше́ва инаркны арха Хинно́мынӡа инхон.

31 Вениами́наа нхон Ге́ва, Михма́с, Га́и, Вефи́ль, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа рҿы, 32 Анато́т, Но́в, Ана́ниа, 33 Хацо́р, Ра́ма, Гиттаи́м, 34 Хади́д, Цевои́м, Невалла́т, 35 Ло́д, иара убас ауасҭацәа рарха О́но. 36 Вениами́наа рыдгьыл аҿы уаанӡа Иудеиа инхоз алевитцәа ргәыԥқәакгьы анхара иалагеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра