Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 12
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи (1—26)

      • Иерусалим аҭӡамц аргылара иахьалгаз иазку аныҳәа (27—43)

      • Аныҳәарҭаҿы амаҵ зуа ирызхәыцуеит (44—47)

Неемиа 12:9

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «рмаҵзура нагӡо игылан».

Неемиа 12:17

Албаагақәа

  • *

    Ауриатә текст аҿы ахьӡ бжьажьзар ҟалап.

Неемиа 12:28

Албаагақәа

  • *

    Ма «аԥышәа змаз ашәаҳәаҩцәа».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҳабла». Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.

Неемиа 12:44

Албаагақәа

  • *

    Ма «ақалақьқәа рҿы иҟаз амхқәа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 12:1–47

Неемиа

12 Абар Шеалтие́л иԥа Зорова́вельи Иешу́еи ирыцны иааз аԥшьаҩцәеи алевитцәеи: Сера́иа, Иереми́а, Е́здра, 2 Ама́риа, Маллу́х, Хатту́ш, 3 Шеха́ниа, Реху́м, Меремо́т, 4 И́ддо, Гиннето́и, А́виа, 5 Миами́н, Маа́диа, Би́лга, 6 Шема́иа, Иоиари́в, Иеда́иа, 7 Са́ллу, Амо́к, Хи́лкиа, Иеда́иа. Дара Иешу́а ихаан аԥшьаҩцәеи урҭ рашьцәеи рхадацәа ракәын.

8 Алевитцәа: Иешу́а, Бинну́и, Кадмии́л, Шере́виа, Иуда, Матта́ниа. Уи иашьцәеи иареи Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо ашәа зҳәоз напхгара рзыруан. 9 Урҭ рҿаԥхьа рашьцәа Бакбу́киеи У́ннии гыланы аныҳәарҭа рыхьчон*. 10 Иешу́а дихылҵит Иоаки́м, Иоаки́м дихылҵит Ельиаши́в, Ельиаши́в дихылҵит Иоиа́да, 11 Иоиа́да дихылҵит Ионафа́н, Ионафа́н дихылҵит Иадду́а.

12 Иоаки́м ихаан аԥшьаҩцәа рҿы абиԥарақәа рхадацәа абарҭ ракәын: Сера́иа ишьҭраҿы Мера́иа, Иереми́а ишьҭраҿы Хана́ниа, 13 Е́здра ишьҭраҿы Мешулла́м, Ама́риа ишьҭраҿы Иехохана́н, 14 Мели́ху ишьҭраҿы Ионафа́н, Шева́ниа ишьҭраҿы Иосиф, 15 Хари́м ишьҭраҿы А́дна, Мераио́т ишьҭраҿы Хелка́и, 16 И́ддо ишьҭраҿы Заха́риа, Гиннето́н ишьҭраҿы Мешулла́м, 17 А́виа ишьҭраҿы Зи́хри, Миниами́н ишьҭраҿы ...*, Моа́диа ишьҭраҿы Пилта́и, 18 Би́лга ишьҭраҿы Шамму́а, Шема́иа ишьҭраҿы Ионафа́н, 19 Иоиари́в ишьҭраҿы Маттена́и, Иеда́иа ишьҭраҿы У́ззи, 20 Салла́иа ишьҭраҿы Калла́и, Амо́к ишьҭраҿы Еве́р, 21 Хи́лкиа ишьҭраҿы Хаша́виа, Иеда́иа ишьҭраҿы Нафанаи́л.

22 Алевитцәеи аԥшьаҩцәеи рабиԥарақәа рхадацәа асиа ианырҵон Ельиаши́ви, Иоиа́деи, Иохана́ни, Иадду́еи рхаан, персиатәи аҳ Да́ри аҳра аура даналагаз аҟынӡа.

23 Алевитцәа, абиԥарақәа рхадацәа, аҭоурыхқәа рышәҟәы ианырҵон Ельиаши́в иԥа Иохана́н иҟынӡа. 24 Алевитцәа рхадацәа абарҭ ракәын: Хаша́виа, Шере́виа, Кадмии́л иԥа Иешу́а, насгьы урҭ рҿаԥхьа игылаз рашьцәа. Дара Анцәа ду имаҵзуҩы Давид ишиҳәахьаз еиԥш Анцәа ддырҽхәон, иҭабуп ҳәагьы иарҳәон. Гәыԥҩык ахьчаҩцәа егьи агәыԥ аган аҿы игылан. 25 Матта́ниеи, Бакбу́киеи, А́вдии, Мешулла́ми, Талмо́ни, Акку́ви гәашәхьчаҩцәан. Дара агәашә ааигәара аҵәахырҭа ауадақәа рыхьчон. 26 Дара амаҵ руан Иоцада́к иԥа Иешу́а иԥа Иоаки́м ихаан, иара убас анапхгаҩы Нееми́еи аԥшьаҩы, ахҩылааҩ Е́здреи рхаан.

27 Иерусалим аҭӡамц аргылара иахьалгаз иазкны аныҳәа азгәаҭара аамҭа анааи, алевитцәа рыԥшаара иалаган, иахьынхоз аҭыԥқәа зегьы рҟынтә иаарган, Иерусалим еизыргеит, ашәақәа ҳәо, Анцәа ҭабуп ҳәа иаҳәо, акимвалқәеи, аҩымаақәеи, егьырҭ арахәыцтә рҳәагақәеи арҳәо, игәырӷьаҵәа ари ахҭыс азгәарҭарц азы. 28 Ашәаҳәаҩцәа рԥацәа* ааит Иордантәи акаршәра* аҟынтә, Иерусалим акәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәа рҟынтә, нето́фаа рқыҭақәа рҟынтә, 29 Бет-Гилга́лынтәи, Ге́веи Азмаве́ти иаарыкәыршаны иҟаз аҭыԥқәа рҟынтә, избанзар ашәаҳәаҩцәа Иерусалим акәша-мыкәша анхарҭақәа дыргылеит. 30 Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи рҽыдрыцқьеит, ажәларгьы дрыцқьеит, иара убас агәашәгьы аҭӡамцгьы дрыцқьеит.

31 Нас иудеиатәи аҭауадцәа аҭӡамц ахь изгеит. Сара Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәаларц азы ҩ-хор дук еиҿыскааит. Аҩхоркгьы гәыԥҩык ауаа рыцны ицалар акәын. Хорк аҭӡамц иқәланы арыӷьарахь Ахәатә гәашә ахь идәықәлеит. 32 Урҭ ирышьҭаланы ицон Гоша́иа, иудеиатәи аҭауадцәа абжаҩык, 33 Аза́риа, Е́здра, Мешулла́м, 34 Иуда, Вениами́н, Шема́иа, Иереми́а. 35 Урҭ ирыцын абыкьқәа зкыз аԥшьаҩцәа рыҷкәынцәа: Заха́риа, уи Аса́ф иԥа Закку́р иԥа Михе́и иԥа Матта́ниа иԥа Шема́иа иԥа Ионафа́н иԥа иакәын, 36 уи иашьцәа Шема́иа, Азаре́л, Милала́и, Гилала́и, Маа́и, Нафанаи́л, Иуда, Хана́ни. Дара Анцәа ду имаҵзуҩы Давид имузыкатә инструментқәа ркын. Урҭ раԥхьа ахҩылааҩ Е́здра дгылан. 37 Дара Аӡыхь агәашә аҟынтә рымҩа иацырҵан, Давид иқалақь амардуан иаҩсын, аҭӡамц ихалеит, Давид иҩны иаҩсын, мрагылара Аӡы агәашә аҟынӡа инеит.

38 Сара сзышьҭаланы сцоз ахори абжаҩык ауааи аҭӡамц иқәланы егьи аганахь идәықәлеит Ачаӡырҭақәа рбааш аҟынӡа, Аҭӡамц ҭбаа аҟынӡа, 39 Ефремаа ргәашә аҟынӡа, Ажәытә қалақь агәашә аҟынӡа, нас Аԥсыӡ гәашә аҟынӡа, Ханане́л ибааш аҟынӡа, абааш Ме́а аҟынӡа, Ауасақәа ргәашә аҟынӡа, нас Ахьчаҩцәа ргәашә аҟны иаангылеит.

40 Аҵыхәтәаны аҩхорк Анцәа ду иҩны аԥхьа иаангылеит, саргьы саангылеит, иара убас иаангылеит аиҳабацәа абжаҩык, 41 абыкьқәа зкыз аԥшьаҩцәа Елиаки́м, Маасе́иа, Миниами́н, Михе́и, Елиоена́и, Заха́риа, Хана́ниа, 42 иара убас Маасе́иа, Шема́иа, Елеаза́р, У́ззи, Иехохана́н, Ма́лхиа, Ела́м, Езе́р. Изра́хиа напхгара ззиуаз ашәаҳәаҩцәа рыбжьы рдуны ашәа рҳәон.

43 Уи аҽны израильаа акәырбанқәа рацәаны инаргеит. Дара гәырӷьон, избанзар Анцәа ду агәырӷьара ду риҭеит. Аҳәсагьы ахәыҷқәагьы гәырӷьон, ргәырӷьабжь Иерусалим анҭыҵгьы иуаҳауан.

44 Убри аҽны хатәгәаԥхарала иҟарҵоз аҳамҭақәеи, раԥхьатәи аҽаҩреи, ажәабатәи ахәҭеи ахьырҵәахуаз аҭыԥ иахылаԥшло ахацәа алырхит. Уа дара амхқәа* рҿы иҭаргалоз аҽаҩра ахәҭак еизганы ишьҭарҵалар акәын, уи закәанла аԥшьаҩцәеи алевитцәеи иртәын. Иудеиа гәырӷьаран иҟаз, избанзар зегьы ирбон аԥшьаҩцәеи алевитцәеи амаҵ шыруаз. 45 Дара Давиди иԥа Соломони ишырҳәахьаз еиԥш Анцәа имаҵ ауреи арыцқьареи ирыдҳәалаз рҭакԥхықәрақәа рынагӡара иалагеит. Рҭакԥхықәрақәа рынагӡара иалагеит ашәаҳәаҩцәагьы агәашәхьчаҩцәагьы, 46 избанзар уаанӡа, Давиди Аса́фи рхаан, иҟан ашәаҳәаҩцәа напхгара рызҭоз, Анцәа дзырҽхәоз, иҭабуп ҳәа иарҳәарц ирҳәоз ашәақәа знапы ианыз ауаа. 47 Зорова́вель ихаани Нееми́а ихаани израильаа зегьы ашәаҳәаҩцәеи агәашәхьчаҩцәеи есыҽны ирыхәҭаз рырҭон. Дара алевитцәагьы ирыхәҭаз рырҭон, алевитцәа Аарон ишьҭра иатәыз ирыхәҭаз рырҭон.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра