Есфирь
1 Ари ҟалеит Ахашверо́ш* ихаан (уи Индиа инаркны Ефиопианӡа* 127 провинциа знапаҵаҟа иҟаз Ахашверо́ш иакәын), 2 аҳ Ахашверо́ш Су́за* иҟаз абааш аҿы иаҳраҭыԥ* аҿы дантәаз. 3 Аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәсазы иара иҭауадцәеи имаҵуцәеи рзы ачара иуит. Иара иахь инеит персиатәи аруаа реиҳабацәеи, мидиатәи аруаа реиҳабацәеи, ауаа дуқәеи, апровинциақәа рыҭауадцәеи. 4 Иара акырымш, 180 мшы дуӡӡа, хьӡи-ԥшеи змаз иаҳра амал-ашьал, аԥшӡара, абеиара дирбон. 5 Уи ашьҭахь аҳ Су́за иҟаз абааш аҿы зегьы рзы, ауаа дуқәа рзгьы анхацәа рзгьы, аҳҭынра абаҳчаҿы бжьымшы ицоз ачара иуит. 6 Ашҭа ырԥшӡан ақәни зыхә ҳаракыз абамбеи ирылхыз аԥардақәеи ажәҩанԥштәы змаз абеи рыла. Урҭ зыхә ҳаракыз абеи апурпурԥштәы змаз аласеи ирылхыз аҟаитанқәа рыла араӡны мацәазқәа идыркны амармалташьтә шьаҟақәа ирыкәыршан. Апорфири*, аперламутри, амармалташь еиқәаҵәеи амармалташь шкәакәеи ирылхыз адашьма ахьи араӡни ирылхыз ацәардаӷәқәа ықәгылан.
7 Аҩы ахьтәы ҵәцақәа ирҭарҭәон. Урҭ аки-аки еиԥшӡамызт. Аҩы аӡыхь еиԥш илеиуан, избанзар аҳ даара дбеиан. 8 Аха ажәра аӡәгьы идырцалаӡомызт. Уи аҳ ишьақәиргылаз ԥҟаран. Иара иаҳҭынраҿы имаҵ зуаз ачынуаа иреиҳәеит дасу ишиҭаху иҟаиҵаларц.
9 Уи аамҭазы аҳкәажә Вашти́ аҳ Ахашверо́ш иаҳҭынраҿы аҳәса рзы ачара луит.
10 Абыжьбатәи амш аҽны, аҳ Ахашверо́ш аҩы ахьижәыз азы игәалаҟазаара шьҭыҵны даныҟаз, быжьҩык имаҵ зуаз ачынуаа — Мегума́н, Би́зта, Харбо́на, Би́гта, Ава́гта, Зета́р, Карка́с — рнапы ианиҵеит 11 аҳкәажә Вашти́ аҳкәажә лхаҵа́ лхаҵаны дааргарц, лыԥшӡара ажәлари аҭауадцәеи ирбарц азы, избанзар лара даараӡа дыԥшӡан. 12 Аҳ ичынуаа аҳкәажә Вашти́ аҳ ииҳәаз ларҳәеит, аха лара ацара мап ацәылкит. Уи аҳ игәы ԥнажәеит, иԥсахгьы еибакит.
13 Аҳ ажәытәан ус еиԥш иҟоу аусқәа шеилдыргоз здыруаз* ауаа ҟәышқәа дрыдҵаалеит. (Аҳ есымша азакәани азини ибзианы издыруаз абжьгаҩцәа дрыдҵаалон. 14 Иара изааигәаз иабжьгаҩцәа Персиеи Ми́диеи иатәыз аҭауадцәа Карше́на, Шета́р, Адма́та, Тарши́ш, Мере́с, Марсе́на, Мемуха́н ракәын. Дара аҳ иахь анеира азин рыман, аҳра аҿгьы иреиҳаӡоу аҭыԥ ааныркылон.) 15 Иара дҵааит: «Азакәан инақәыршәаны, аҳкәажә Вашти́ аҳ Ахашверо́ш ичынуаа рыла илзынаицҳаз ажәа дахьықәымныҟәаз азы илзутәуи?»
16 Усҟан Мемуха́н аҳи аҭауадцәеи ус реиҳәеит: «Вашти́ аҳ Ахашверо́ш иҿаԥхьа мацара акәӡам ахара ахьлыду, Ахашверо́ш иаҳра иаҵанакуа апровинциақәа зегьы рҿы инхо аҭауадцәеи ажәларқәеи рҿаԥхьагьы ахара лыдуп. 17 Аҳкәажә иҟалҵаз аҳәса ианеилыркаалак, зегьы рхацәа пату рықәҵара иаҟәыҵуеит, иагьырҳәалоит: „Аҳ Ахашверо́ш аҳкәажә Вашти́ дааргарц адҵа ҟаиҵеит, аха лара дымцаӡеит“. 18 Персиеи Ми́диеи инхо аҭауадҳәсақәа аҳкәажә иҟалҵаз анеилыркаалак, даргьы аҳ иҭауадцәа убас рацәажәара иалагоит, уи зехьынџьара агәынамӡара цәырнагоит, апатуқәҵара аарԥшрагьы иаҟәыҵуеит. 19 Аҳ иҭахызар, аусԥҟа ҭижьааит, уи ԥсахра зқәым персиатәии мидиатәии азакәанқәа ирнылааит, аҳкәажә Вашти́ уаҳа ахаан аҳ Ахашверо́ш иахь дышзымнеиуа иазку аусԥҟа. Аҳ аҳкәажә лхаҭыԥан еиҳа иаԥсоу аԥҳәыс далихааит. 20 Аҳ иусԥҟа иаҳра ду аҿы зегьы ианрыларҳәалак, аҳәса зегьы рхацәа пату рықәырҵо иалагоит, ауаа дуқәагьы, анхацәагьы».
21 Уи аҳи аҭауадцәеи иргәаԥхеит, аҳгьы Мемуха́н ишиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. 22 Иара аҳра иаҵанакуаз апровинциақәа зегь рахь асаламшәҟәқәа ишьҭит, провинциацыԥхьаӡеи жәларыцыԥхьаӡеи дара ирымаз аҩыра алеи излацәажәоз абызшәа алеи. Урҭ асаламшәҟәқәа рҿы иҳәан ахаҵа иҩнаҭаҿы даԥшәымазар* шихәҭоу, ижәлар рбызшәала дцәажәаларгьы шакәу*.