Марк иҟынтә ажәабжь бзиа
15 Ашамҭазы аԥшьаҩ еиҳабацәеи, ажәлар реиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи — Асинедрио́н зегьы — ааилацәажәан, Иисус дҿаҳәаны, днаганы Пилат дирҭеит. 2 Пилат Иисус диазҵааит: «Уара аиудеиаа раҳ уоума?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа аҭак ҟауҵеит». 3 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәа Иисус ихарарҵоз рацәан. 4 Усҟан Пилат еиҭа дҵааит: «Иуҳәаша умаӡами? Иузырҳәо умаҳаӡои?» 5 Иисус уаҳа акгьы имҳәаӡеит. Пилат уи џьеишьеит.
6 Есмшаԥы Пилат ажәлар ирҭахыз ацәгьаҟаҵаҩ доуишьҭуан. 7 Убри аамҭазы абахҭа дҭакын Вара́вва зыхьӡыз хаҵак. Иара аҿагыларақәа раан ашьра ҟазҵаз егьырҭ аҿагылаҩцәа дрыцҭакын. 8 Ажәлар еизан, Пилат абжьааԥны ирзыҟаиҵоз рзыҟаиҵарц иҳәара иалагеит. 9 Пилат ус дразҵааит: «Аиудеиаа раҳ доусышьҭыр шәҭахума?» 10 Пилат идыруан аԥшьаҩ еиҳабацәа Иисус иҵашьыцны дыширҭаз. 11 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәа ажәлар заа ирацәажәахьан уи иҭыԥан Вара́вва доуишьҭырц азы иҳәарц. 12 Пилат еиҭа ус дразҵааит: «Изызур акәзеи аиудеиаа раҳ ҳәа шәзышьҭоу?» 13 «Ашьаҟа дкыдҵа!» — ҳәа ҿаарҭит дара. 14 «Дзыхшәырҟьои? Цәгьарас иҟаиҵеи?» — ҳәа дҵааит иара. Аха дара еиҳагьы рыбжьы ҭыганы иҳәҳәон: «Ашьаҟа дкыдҵа!» 15 Усҟан Пилат ажәлар ирҭахыз ҟаиҵан, Вара́вва доуишьҭит, нас Иисус ҟамчыла дыпҟаны, ашьаҟа дкыдырҵарц адҵа ҟаиҵеит.
16 Аруаа Иисус Пилат иаҳҭынраҿы иҟаз ашҭахь дырган, ар зегь еизыргеит. 17 Дара Иисус апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәхадырԥеит, амаӷ иалхны агәыргьын ҟарҵан, ихарҵеит, 18 нас изҿырҭуа иалагеит: «Бзиара умаз, аиудеиаа раҳ!» 19 Иара убас лабала ихы иасуан, иҿажьцәон, насгьы иҿаԥхьа ишьамхышгыланы иеихырхәон. 20 Иҵәылхра ианаҟәыҵ, апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәырхын, имаҭәа ишәҵаны дрыманы ицеит, ашьаҟа дкыдырҵарц азы. 21 Дара ақыҭарантәи иаауаз Кире́на иатәыз Си́мон зыхьӡыз хаҵак Иисус дкыдырҵараны дахьыҟаз ашьаҟа даҵарҵеит. Иара Александри Руфи раб иакәын.
22 Убас дара Иисус Голго́фа захьӡыз аҭыԥ ахь дааргеит, уи иаанагоит «ахыбаҩ». 23 Уа Иисус аҩы амирра* алаҭәаны ирҭеит, аха иара имжәӡеит. 24 Ашьаҟа данкыдырҵа, хыхьтәи имаҭәа ршарц азы аҵәы ҭарыԥсеит*, дасу иигаша рыӡбарц азы. 25 Ашьаҟа данкыдырҵаз шьыжьын, асааҭ 9 раҟара* ыҟан. 26 Иханы дзыхдырҟьаз анын: «Аиудеиаа раҳ». 27 Иисус ивараҿы ҩыџьа ацәгьаҟаҵаҩцәа кнаҳан: аӡәы — иарӷьарахь, егьи — иармарахь. 28 ——* 29 Иаҩсны ицоз иҟоу зегь изҳәо, рыхқәа рҵысуа ихыччон, иагьырҳәон: «Еи, хымш рыла аныҳәарҭа рбганы изыргылоз, 30 ухы еиқәырха, ашьаҟа аҟынтә улбаа!» 31 Аԥшьаҩ еиҳабацәагьы азакәанрҵаҩцәагьы Иисус ихыччо, абас рҳәон: «Егьырҭ еиқәирхон, арахь ихы изеиқәырхаӡом! 32 Христос, израильаа раҳ, ишаҳбо ашьаҟа аҟынтә дылбаар, усҟан игәра ҳгоит». Наҟ-ааҟ ицкнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩцәаҵәҟьагьы ихыччон.
33 Шьыбжьон, асааҭ 12 шыҟаз* уа адгьыл зегь лашьцеит, асааҭ 3-нӡагьы* алашьцара ахыҵуамызт. 34 Асааҭ 3 раҟара шыҟаз, Иисус ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Ели́, ели́, лама́ савахфани́?» — уи иаанагоит: «Сынцәа, Сынцәа, сзаанужьзеи?» 35 Уа игылаз шьоукы уи анраҳа, ус рҳәеит: «Шәыԥшы, Илиа изҿиҭуеит». 36 Урҭ руаӡәк иаразнак дыҩны дцан, абамба* абжьеи иларчачаны алаба иахеиҵан, ииржәырц далагеит, иагьиҳәеит: «Шәиҟәаҵ, Илиа дааны, дыкнихуазар ҳамбари». 37 Иисус ибжьы ҭыганы дыҳәҳәан, дыԥсит. 38 Усҟан аԥшьаҭыԥ аҿы икнаҳаз аԥарда ахы инаркны аҵыхәанӡа иԥжәеит. 39 Иисус иааигәара игылаз ар реиҳабы Иисус иԥсышьа аниба, ус иҳәеит: «Ари ауаҩ ииашаҵәҟьаны Анцәа Иԥа иакәзаарын».
40 Уи зегь збоз аҳәса инаскьашәа игылан. Урҭ рыбжьара иҟан Мариа Магдалинеи, Иаков Аиҵби* Иосифи ран Мариеи, Саломи́еи. 41 Урҭ Иисус Галилеиа даныҟаз ицқәаз, насгьы ицхраауаз ракәын. Иара убас уа иҟан Иерусалимҟа ицны иааз имаҷҩымкәа егьырҭ аҳәсагьы.
42 Ахәылбыҽха ааигәахон. Уи аҽны асабша рҽаназыҟарҵоз амш акәын, адырҩаҽны сабшан. 43 Убри аҟынтә Аримафеиантәи аусӡбаратә хеилак* иалахәыз ҳаҭыр зқәырҵоз Иосиф дааит. Иаргьы Анцәа Иаҳра дазыԥшын. Агәымшәара аарԥшны иара Пилат иахь дцан, Иисус иԥсыбаҩ даҳәеит. 44 Пилат Иисус дыԥсхьеит ҳәа аниаҳа, иџьеишьан, ар реиҳабы дааиԥхьан, ус акәҵәҟьоума ҳәа диазҵааит. 45 Ар реиҳабы ус ауп ҳәа аниҳәа, Пилат аԥсы Иосиф дииҭеит. 46 Иара ақәны цқьа иалхыз аба ааихәан, аԥсы дыкныхны, уи аба дылеиҳәеит. Нас дганы, ацаҟьаҿы иҟаҵаны имаз адамра дҭеиҵеит. Адамра ахаҳә ду адиргылеит. 47 Мариа Магдалинеи Иосиф иан Мариеи уа иаанхеит, Иисус дахьҭарҵаз иахәаԥшырц азы.