Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа
21 Ҳаибарҵәыуо ҳанеиԥырҵ ашьҭахь, мшынла ҳашиашаз Косҟа ҳцеит, адырҩаҽны Ро́дос ҳнеит, уантәи Пата́раҟа ҳцеит. 2 Финики́аҟа ицоз аӷба анаҳаԥшаа, уи ҳақәтәан, ҳамҩа иацаҳҵеит. 3 Кипр арымарахьтәи аган ала ҳаҩсны, Сириаҟа ҳхы ҳархан, Тир ҳнеит. Уа аӷба аидара ақәырхыр акәын. 4 Ҳара аҵаҩцәа ҳаԥшаан, бжьымшы дара рҿы ҳаҟан. Дара Павел Иерусалимҟа умцан ҳәа зныкымкәа иарҳәон, избанзар иԥшьоу адоуҳа ус ранаҳәон. 5 Аӷба адәықәлара аамҭа анааи, ҳҽааизаҳган, амҩа ҳақәлеит. Аҵаҩцәа зегьы, аҳәсагьы ахәыҷқәагьы, аԥшаҳәа аҟынӡа ҳнаскьаргеит. Уа ҳшьамхышгыланы Анцәа ҳиҳәан, 6 абзиараз ҳәа еибаҳҳәеит. Нас ҳара аӷба ҳақәтәеит, дара рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит.
7 Тирынтәи Птолемаи́даҟа ҳааит. Уа аишьцәеи ҳареи ҳаибабан, мышкы дара рҿы ҳаангылеит. 8 Адырҩаҽны ҳдәықәлан, Кеса́риаҟа ҳцеит. Уа ауаа ажәабжь бзиа рылазҳәоз Филипп иҩны ҳнеин, иара иҿы ҳаангылеит. Иара Иерусалим апостолцәа иалырхыз быжьҩык ахацәа дыруаӡәкын. 9 Филипп хаҵа имцацыз, иԥааимбаруаз ԥшьҩык аԥҳацәа иман. 10 Ԥыҭрак ашьҭахь Иудеиантәи Ага́в зыхьӡыз аԥааимбар дааит. 11 Уи ҳара ҳахь дааин, инапқәеи ишьапқәеи Павел имаҟала иҿеиҳәан, ус иҳәеит: «Абас аҳәоит иԥшьоу адоуҳа: „Иерусалим иҟоу ауриацәа абри амаҟа зтәу абас дҿаҳәаны, дганы иауриам дрырҭоит“». 12 Ари анҳаҳа, уа иҟаз аишьцәагьы ҳаргьы Павел Иерусалимҟа умцан ҳәа иҳәара ҳалагеит. 13 Аха Павел иҳәеит: «Иҟашәҵои, уара? Шәеибарҵәыуо сгәы зеиҟәыжәжәои? Сара Иҳақәиҭу Иисус ихьӡ аҳаҭыр азы Иерусалим абахҭа аҭатәара акәым, аԥсрагьы сазхиоуп». 14 Ииӡбаз ԥсахшьа шамам анеилаҳкаа, ҳаиҟәаҵын, ус ҳҳәеит: «Иегова* ишиҭаху иҟалааит».
15 Уи ашьҭахь ҳҽааизаҳган, Иерусалимҟа ҳдәықәлеит. 16 Кеса́риатәи аҵаҩцәа шьоукгьы ҳацны ицеит. Дара раԥхьатәи аҵаҩцәа ируаӡәкыз, Кипр иатәыз Мнасо́н иахь ҳаргеит. Иара иҿы ҳаангылар акәын. 17 Иерусалим ҳаннеи, аишьцәа гәырӷьаҵәа ҳрыдыркылеит. 18 Адырҩаҽны Павели ҳареи Иаков иахь ҳцеит. Уа аизара ахылаԥшыҩцәа* зегь еизаны иҟан. 19 Павел урҭ аԥсшәа реиҳәан, имаҵзура абзоурала Анцәа егьырҭ ажәларқәа рзы иҟаиҵаз зегь ак агмыжькәа рзеиҭаҳәара далагеит.
20 Аишьцәа ари анраҳа, Анцәа ирҳаракра иалагеит, нас ус рҳәеит: «Ҳашьа, иубоит, зықьҩыла ауриацәа Иисус иҵаҩцәа шракәхаз. Дара зегьы гәык-ԥсыкала азакәан иахӡыӡаауеит. 21 Аха дара лымҳаҭаск роуит, ираҳаит егьырҭ ажәларқәа рыбжьара инхо ауриацәа Моисеи изакәан иацәхьаҵырц роуҳәошәа, насгьы ахәыҷқәа раԥхьатә ахсареи аҵасқәа рықәныҟәареи аҭахӡам ҳәа дурҵошәа. 22 Уажәшьҭа ишԥаҟаҳҵо? Ушааз рмаҳар ҟалом. 23 Иуаҳҳәо ҟаҵа: ҳара Анцәа ажәа изҭаз ԥшьҩык ауаа ҳамоуп. 24 Убарҭ уманы уца, азакәан ишаҳәо еиԥш шәҽышәрыцқьа, насгьы рхарџь уара ухахьы ига, рхахәы амырхырц азы. Усҟан зегьы еилыркаауеит, ираҳаз уҳәан-сҳәан шакәу, насгьы ухы иашаны ишымҩаԥуго, азакәангьы шеилаумго. 25 Ахаҵара аазырԥшыз иауриам ртәы ҳҳәозар, урҭ иҳадаҳкылаз аӡбара асаламшәҟәы ианҵаны ирзаҳашьҭит. Ираҳҳәеит рҽацәырыхьчаларц амцнцәахәқәа ирызнарго, ашьа, иԥсхаԥсыз аԥстәы ажьы*, асексуалтә ламысдара*».
26 Адырҩаҽны Павел урҭ ахацәа иманы дцан, азакәан ишаҳәоз еиԥш иҽирыцқьеит, даргьы рҽыдрыцқьеит. Нас аныҳәарҭа дыҩналан, рыҽрыцқьара аамҭа анынҵәо, насгьы дасу ихәҭоу акәырбан наргараны ианыҟоу рылеиҳәеит.
27 Бжьымшы аанҵәоны еиԥш, Азиа* иатәыз ауриацәа Павел аныҳәарҭаҿы данырба, ажәлар ижәырҵан, дыркит. 28 Дара ҳәҳәон: «Израильаа, шәҳацхраа! Ари ауаҩ ҳажәлари, ҳзакәани, ари аҭыԥи рыхьӡ лазырҟәуа аҵара зехьынџьара ауаа ирылеирҵәоит. Уимоу, аныҳәарҭахь абырзенцәа иманы даан, иԥшьоу аҭыԥ иҟьашьит». 29 Уаанӡа дара ирбахьан Павели Ефе́с иатәыз Трофи́ми ақалақь аҿы ишеицыз, убри аҟынтә дара ргәы иаанагеит, Павел уи аныҳәарҭахь днеигеит ҳәа. 30 Ақалақь аҿы аилаҩынтра ҟалеит. Ауаа зегь еибарыҩны иаан, Павел аныҳәарҭа ддәылҳәаны дыргеит, ашәқәагьы иаразнак иакит. 31 Дара Павел дыршьырц рҭахын. Аха ипҟара ианаҿыз аамҭазы, 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз иарҳәеит Иерусалим зегь хыла-гәыла ишеилоу. 32 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз ари аниаҳа, аруааи урҭ реиҳабацәеи иманы иаразнак уахь днеит. 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз аруаа иманы дышнеиз анырба, Павел ипҟара иаҟәыҵит.
33 Иара Павел даарымихын, ҩ-зынџьырк* рыла дҿашәҳәа ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Нас дызусҭада, иҟаиҵеи ҳәа аҵаара далагеит. 34 Аха еилагылаз ажәлар еибарҳәҳәо, шьоукы ак рҳәон, егьырҭ даҽак рҳәон. Ур-сыр ҳәа еилан азы, Павел ихарарҵоз ҳәа акгьы изеилымкааит. Убри азы аруаа рказармахь дыргарц адҵа ҟаиҵеит. 35 Павел амардуан аҟынӡа даннарга, ажәлар зынӡа еилагеит. Убри азы аруаа дышьҭыхны дыргар акәхеит. 36 Аха ажәлар ишьҭаланы иахьцоз, наҟ дышәшьы ҳәа иҳәҳәон.
37 Павел аказарма даныҩналоз аламҭалазы: «Акы сшәазҵаар ҟалома?» — ҳәа 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз диазҵааит. — «Бырзен бызшәала уцәажәома?» — иџьашьаны дҵааит уи. 38 «Уара ааигәа ақалақь зегь хыла-гәыла еилазҵаз, насгьы аҟамақәа зыҟәныз 4 000-ҩык ахацәа ацәҳәырахь изгаз египеттәи ахаҵа уакәӡами?» 39 Усҟан Павел иҳәеит: «Сара сауриоуп, зегь еицырдыруа киликиатәи ақалақь Тарс сатәуп. Суҳәоит, ажәлар срацәажәарц азин сыҭ». 40 Азин аниоу, амардуан дахьаҿагылаз, ажәлар изыӡырҩырц азы инапала адырга дирбеит. Рҽанеиқәырк, ауриа бызшәала ацәажәара далаган, ус иҳәеит: