Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа
22 «Сашьцәа, сабацәа, шәаасзыӡырҩы, иҟалаз шәзеиҭасҳәоит». 2 Ауриа бызшәала дышцәажәоз анраҳа, еиҳагьы рыҽдырҭынчит, иаргьы иажәа иациҵан, ус иҳәеит: 3 «Сара сауриоуп, килики́атәи ақалақь Тарс сиит. Аҵара сҵеит ара, Иерусалим, Гамалии́л иҿы, Моисеи изакәан ак агмыжькәа аныҟәгашьа сдырҵеит. Шәара шәеиԥш саргьы гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ зуа аӡә соуп. 4 Сара ари Амҩа иатәыз ахацәагьы аҳәсагьы абахҭақәа ирҭаскуан, рышьрагьы сашьҭан. 5 Уи шьақәирӷәӷәар илшоит аԥшьаҩ хада, иара убас аиҳабацәа рхеидкыла иалахәу зегьы. Урҭ дамасктәи анапхгаҩцәа рзы асаламшәҟәқәа рымхны, Дамаскҟа амҩа сықәлеит, ари Амҩа иатәыз ҿаҳәаны, Иерусалимҟа исыманы саарц, ара рус рыӡбарц азы.
6 Аха шьыбжьагәазы, Дамаск саназааигәахоз, иаалырҟьаны ажәҩан аҟынтә лашарак жжаӡа иаасықәыҷҷан, 7 скаҳаит. Нас абас зҳәоз бжьык саҳаит: „Савл, Савл, узсышьҭашәарыцои?“ 8 Сара сҵааит: „Узусҭада, ухаҵкы?“ Иара иҳәеит: „Сара Назаре́т иатәу, узышьҭашәарыцо Иисус соуп“. 9 Исыцызгьы алашара рбон, аха исацәажәоз ибжьы раҳаӡомызт. 10 Усҟан сара исҳәеит: „Исықәиҭу, иҟасҵарызеи?“ Иара иҳәеит: „Угыланы Дамаскҟа уца. Уа иҟоуҵаша уарҳәоит“. 11 Аха исҿаҷҷаз алашара сарлашәит азы, исыцыз снапы санкны, Дамаскҟа сыргар акәхеит.
12 Уа дынхон Анцәа ицәшәоз, Ана́ниа зыхьӡыз хаҵак. Иара азакәан дықәныҟәон. Уа инхоз ауриацәа зегьы уи пату иқәырҵон. 13 Уи ахаҵа сара сахь даан, ус сеиҳәеит: „Савл, сашьа, улақәа еиҭах ирбо иҟалааит“. Иаразнакгьы сылақәа аатын, Ана́ниа дызбеит. 14 Ана́ниа иҳәеит: „Ҳабацәа рабацәа Рынцәа уара уалихит, игәҭакы еилукаарц азы, ииашоу, иԥшьоу Иисус дубарц азы, ибжьгьы уаҳарц азы, 15 избанзар иара иуирбаз, иуеиҳәаз зегьы ирылоуҳәалоит. 16 Уззыԥшуи? Уҩагыланы аӡы уҽӡаах, ихьӡалагьы угәнаҳақәа ухых“.
17 Аха Иерусалимҟа саныхынҳә, аныҳәарҭаҿы Анцәа иҳәара санаҿыз, аԥхыӡ еиԥш ак збеит. 18 Дызбеит Иҳақәиҭу, иара ус сеиҳәеит: „Уццакы, ирласны Иерусалим уалҵ, избанзар ара сара исызкны ироуҳәо рыдыркылаӡом“. 19 Усҟан сара исҳәеит: „Исықәиҭу, дара ибзианы ирдыруеит, сара угәра згоз абахҭа ишҭаскуаз, асинагогақәа рҿы ишысыпҟоз. 20 Ухьӡала шаҳаҭра зуаз Стефа́н даныршьуазгьы, сара уа сыҟан, дызшьуаз иҟарҵо иашоуп ҳәа сыԥхьаӡон, рымаҭәақәагьы сыхьчон“. 21 Аха иара уеизгьы ус сеиҳәеит: „Уца, избанзар сара хара иҟоу ажәларқәа рахь удәықәысҵоит“».
22 Абри иҳәаанӡа изыӡырҩуан, аха нас еилалан, еибарҳәҳәо абас рҳәеит: «Наҟ дықәыжәга! Дышәшьы!» 23 Дара ҳәҳәо, рымаҭәақәа ршәыхны идыршәуан, адгьыл аҟынтәи асаба шьҭыхны, аҳауа иаларҵон. 24 Убри азы 1 000-ҩык аруаа реиҳабы Павел аказармахь дыргарц иҳәеит, насгьы ажәлар ишьра изашьҭаз еиликаарц азы дыпҟаны, иҿахәы иҿырхырц адҵа ҟаиҵеит. 25 Аха Павел дрыпҟарц азы данкыдҿарҳәала, иара уа игылаз 100-ҩык аруаа ирхагылаз ус диазҵааит: «Римтәи атәылауаҩ иус мыӡбаӡакәа ипҟара азин шәымоума?» 26 Усҟан 100-ҩык аруаа ирхагылаз 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз иахь дцан, ус иеиҳәеит: «Иҟауҵо закәи? Ари ауаҩ Рим атәылауаҩ иоуп». 27 Ари заҳаз 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз Павел днаидгылан, Рим атәылауаҩ уоума ҳәа диазҵааит. «Ааи», — иҳәеит Павел. 28 Усҟан 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз ус иҳәеит: «Сара уи атәылауаҩра аԥара ду ахҭынҵаны иаасхәеит». — «Сара уи сааиижьҭеи исымоуп», — иҳәеит Павел.
29 Усҟан Павел иҿахәы иҿызхырц зҭахыз аруаа наҟ иԥырҵит. 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз иакәзар, иҿеиҳәаз Рим атәылауаҩ шиакәу анеиликаа, дшәеит.
30 Адырҩаҽны 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз ауриацәа Павел харас идырҵо еиликаарц азы дызлаҿеиҳәаз азынџьырқәа* ихихын, аԥшьаҩ еиҳабацәеи Асинедрио́н иалахәызи еизарц адҵа ҟаиҵеит. Нас Павел днаганы, урҭ рҿаԥхьа диргылеит.