Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 38
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Иудеи Фамари (1—30)

Алагамҭа 38:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 430

Алагамҭа 38:21

Албаагақәа

  • *

    Ма «аныҳәарҭаҿы икаҳԥуа аԥҳәыс».

Алагамҭа 38:29

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «аԥжәарсҭа». Иҟалап зыӡбахә цо ауҳә аԥжәарсҭа акәзар.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 38:1–30

Алагамҭа

38 Убри аамҭазшәа Иуда иашьцәа аанижьын, Хи́ра зыхьӡыз Адулла́м иатәыз хаҵак иааигәара иқьала иргылеит. 2 Уа Иуда Шу́а зыхьӡыз аханане́и иԥҳа дибан, ԥҳәысс дигеит. 3 Иара уи длыцышьҭалан, лцәалтәымкәа дҟалеит, аԥагьы длоуит. Иара уи Ир ихьӡиҵеит. 4 Лара еиҭа лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит, иагьихьӡылҵеит Она́н. 5 Нас лара еиҭа аԥа длоун, Ше́ла ихьӡылҵеит. Ше́ла данлоуз, Иуда Ахзи́в дыҟан.

6 Ԥыҭрак ашьҭахь Иуда иԥеиҳаб Ир ԥҳәыс дизааигеит. Уи Фама́рь лыхьӡын. 7 Аха Иуда иԥеиҳаб Ир Иегова игәы дахәаӡомызт, дуаҩы цәгьан, убри аҟынтә Иегова уи иԥсҭазаара имихит. 8 Усҟан Иуда Она́н ус иеиҳәеит: «Иԥсыз уашьа иԥҳәыс ԥҳәысс дганы, абхәында иуал нагӡа, ишьҭра иацуҵарц азы». 9 Аха Она́н идыруан ахәыҷы иара дшитәымхоз, убри аҟынтә иашьа иԥҳәыс данлыцышьҭалоз, аӷьаӡ адгьыл ахь икеиҭәон, иашьа ишьҭра иацимҵарц азы. 10 Она́н иҟаиҵоз Иегова иҿаԥхьа ииашаӡамызт, убри аҟынтә уигьы иԥсҭазаара имихит. 11 Усҟан Иуда иҭаца Фама́рь ус леиҳәеит: «Баб иҩнаҿы бынха, сыҷкәын Ше́ла изҳаанӡа хаҵа бымцан». Иара ус дхәыцит: «Уигьы иашьцәа реиԥш дыԥсыр алшоит». Убас Фама́рь лаб иҩнаҿы анхара далагеит.

12 Аамҭа анца, Иуда иԥҳәыс, Шу́а иԥҳа, дыԥсит. Аҵәыуара аамҭа анынҵәа, Иуда Адулла́м иатәыз иҩыза Хи́ра диманы, иуасақәа зырҟәыдуаз аусуцәа ахьыҟаз Ти́мнаҟа дцеит. 13 Фама́рь ус ларҳәеит: «Бабхәа Ти́мнаҟа ауасақәа рырҟәыдра дцоит». 14 Уи анлаҳа, аҳәсеибацәа рымаҭәа аалшәылхын, акасы налхалыршәын, лхы-лҿы ҵәахны, Ти́мнаҟа ицо амҩаҿы иҟоу Енаи́м аҭаларҭаҿы днатәеит. Лара илбон Ше́ла ишизҳаз, аха ԥҳәысс дирҭаӡомызт.

15 Иуда Фама́рь даниба, дкаҳԥыз џьишьеит, избанзар лхы-лҿы лҵәахит. 16 Амҩа дааныҵын, дналыдгылан ус леиҳәеит: «Сбыцышьҭалар ҟалома?» Иара издырӡомызт иҭаца шлакәыз. Лара дҵааит: «Исуҭои уи азы?» 17 Иара иҳәеит: «Сара сыԥсаса аҟынтә аӡыс бзаасышьҭуеит». Усҟан лара илҳәеит: «Уи шысзааушьҭуа ала уажәа шьақәзырӷәӷәо акыр сзаанужьуама?» — 18 «Ибзынсыжьри?» — дҵааит иара. Лара илҳәеит: «Амҳәыр змоу умацәази, ушашәеи, улабашьеи». Иуда уи зегь лиҭан, длыцышьҭалеит. Ларгьы лцәалтәымкәа дҟалеит. 19 Уантәи данца, лкасы лхылхын, аҳәсеибацәа рымаҭәа лшәылҵеит.

20 Иуда Адулла́м иатәыз иҩыза ила аӡыс лзынаишьҭит, илзынижьыз игарц азы, аха иҩыза уи аԥҳәыс дизымԥшааӡеит. 21 Иара уа инхоз ауаа дразҵааит: «Дабаҟоу Енаи́м амҩаҿы итәаз акаҳԥы*?» Дара ирҳәеит: «Ара ахаангьы акаҳԥы дыҟаӡамызт». 22 Нас Иуда иахь дхынҳәын, ус иеиҳәеит: «Сара уи аԥҳәыс дысзымԥшааӡеит. Уа инхоз ауаа исарҳәеит уа ахаангьы акаҳԥы дыҟаӡамызт ҳәа». 23 Иуда иҳәеит: «Уа илымазааит, ҳара ахьымӡӷ ҳамгааит, убри ауп. Сара стәы ҟасҵеит, аӡыс лзынасышьҭит, аха уара дузымԥшааӡеит».

24 Хымзҟа рышьҭахь Иуда ус иарҳәеит: «Уҭаца Фама́рь дкаҳԥит, уажәы лцәалтәымкәагьы дыҟоуп». Усҟан Иуда ус иҳәеит: «Ддәылганы дыжәблы». 25 Ддәылганы даныргоз, лабхәа ус изыналыцҳаит: «Сара абарҭ зтәу иҟынтә ауп сцәастәымкәа сшыҟоу». Нас иацылҵеит: «Суҳәоит, амҳәыр змоу абри амацәази, ашашәеи, алабашьеи зтәу еилкаа». 26 Иуда урҭ иара ишитәыз еиликааит. Нас иҳәеит: «Лара диашоуп, сара сиашаӡам, избанзар сыҷкәын Ше́ла ԥҳәысс дисымҭаӡеит». Уи ашьҭахь уаҳа длыцышьҭамлаӡеит.

27 Лаамҭа анааи, ҩыџьа еицлоуит. 28 Ахшара данлоуаз аамҭазы руаӡәк инапы кылирҳәҳәеит. Ахшараиура илыцхраауаз аԥҳәыс иаразнак инапы арахәыц ҟаԥшь акәлыршан, ус лҳәеит: «Ари раԥхьа дҭыҵит». 29 Аха иара инапы шьҭахьҟа иҭеиҵан, иашьа дҭыҵит. Усҟан лара ҿаалҭит: «Узлакылси уара?!» Убри аҟынтә Фаре́с* ихьӡырҵеит. 30 Иара ишьҭахь иашьа инапы рахәыц ҟаԥшьыла иҿаҳәаны дҭыҵит. Уи Зера́х ихьӡырҵеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра