Алагамҭа
42 Иаков Египет ачарыц* шыҟоу анеиликаа, иҷкәынцәа ус реиҳәеит: «Шәзеихәаԥшуеи, акгьы зыҟашәымҵои? 2 Египет ачарыц ыҟоуп ҳәа саҳаит. Убрахь шәцаны, ачарыц аашәхә, амла ҳаганы ҳамԥсырц азы». 3 Убас жәаҩык Иосиф иашьцәа ачарыц аархәарц Египетҟа ицеит. 4 Аха Иаков Иосиф иашьа Вениамин иашьцәа дрыцимҵаӡеит. Иара иҳәеит: «Ак ихьыр ҟалоит».
5 Израиль иԥацәа егьырҭ ауаа ирыцны ачарыц аархәарц азы Египетҟа иааит, избанзар Ханаа́нгьы амлакра ыҟан. 6 Иосиф атәыла дахагылан. Иара еиуеиԥшым адгьылқәа рҟынтә иаауаз ауаа ачарыц дааирхәон. Убри аҟынтә Иосиф иашьцәагьы иара иахь инеин, ишьамхышгыланы иеихырхәеит. 7 Иосиф иашьцәа аниба, иаразнак идырит, аха изымдыруашәа ҟаиҵеит. Иара имчны драцәажәеит, шәабантәиааи ҳәа дразҵааит. Дара ирҳәеит: «Ханаа́нынтәи ҳааит, афатә ааҳхәарц азы».
8 Иосиф иашьцәа идырит, аха дара дырзымдырӡеит. 9 Иара иаразнак игәалашәеит иашьцәа ирызкны иибахьаз аԥхыӡқәа. Нас ус реиҳәеит: «Шәара шәыԥшыхәцәоуп! Шәара шәзааз ари адгьыл аҿы иԥсыҽу, иуашәшәыроу аҭыԥқәа жәбарц азоуп!» 10 Усҟан дара ус иарҳәеит: «Мап, ухаҵкы, умаҵуцәа афатә аархәарц азоуп изааз. 11 Ҳара зегьы абык ихылҵыз ҳауп. Ҳара амц ҳҳәаӡом, ламыс змоу уаауп. Умаҵуцәа ԥшыхәцәаӡам». 12 Аха иара ус реиҳәеит: «Мап! Шәара шәзааз ари адгьыл аҿы иԥсыҽу, иуашәшәыроу аҭыԥқәа жәбарц азоуп!» 13 Нас дара ус рҳәеит: «Ҳара, умаҵуцәа, 12-ҩык аишьцәа ҳаҟан. Ҳара абык ихылҵыз ҳауп. Ҳаб Ханаа́н дынхоит, ҳашьеиҵбы уажәы иаб иҿы дыҟоуп, аӡәы уажәшьҭа дыҟаӡам».
14 Аха Иосиф еиҭа ус реиҳәеит: «Сара исҳәеит шәыԥшыхәцәоуп ҳәа! 15 Уажәы шәԥышәаны шәеилыскаауеит. Афараон имаҿоуп, шәашьеиҵбы абра дмааикәа џьаргьы шәшымцо. 16 Шәуаӡәк шәашьа дишьҭаланы дцааит, егьырҭ ара иҭакыз. Убасала аиаша шәҳәоу-ишәымҳәоу еилаҳкаауеит. Ус анакәымха, афараон имаҿоуп, шәышԥшыхәцәоу». 17 Нас хымш ҳәа абахҭа иҭеикит.
18 Ахымш раан Иосиф урҭ ус реиҳәеит: «Исҳәо ҟашәҵа, убасҟан шәыԥсы ҭаны шәынхоит, избанзар сара Анцәа сицәшәоит. 19 Амц шәымҳәозар, ламыс змоу уаазар, аӡәы ара дҭакыз, егьырҭ — шәца, шәҭаацәарақәа ачарыц рзыжәга, амла иамгарц азы. 20 Нас ишәҳәо шиашоу шьақәшәырӷәӷәарц азы шәашьеиҵбы дысзаажәга, убасҟан шәыԥсӡом». Ус иагьыҟарҵеит.
21 Дара аӡәи-аӡәи абас еибырҳәеит: «Ҳашьа ишакәым ҳахьизныҟәаз азоуп абри аҩыза ҳзақәшәаз. Иҳамбози дышгәаҟуаз. Срыцҳашәшьа ҳәа дҳаҳәон, аха ҳара ҳаизымӡырҩӡеит. Убри азоуп арыцҳара ҳзақәшәазгьы». 22 Усҟан Руви́м ус реиҳәеит: «Сара ишәасымҳәаӡози: „Ахәыҷы акгьы изышәымун, агәнаҳа шәықәшәымҵан ҳәа?“, аха шәысзымӡырҩӡеит. Уажәшьҭа ишьа ахә ашәара аамҭа ааит». 23 Дара ирыздырӡомызт Иосиф ирҳәоз зегь шеиликаауаз, избанзар иара аҭырџьман ила ауп дышрацәажәоз. 24 Иосиф дырԥырҵын, аҵәыуара далагеит, нас дхынҳәны данааи, еиҭа рацәажәара далаган, ишырбоз Симеон дҿеиҳәеит. 25 Нас Иосиф адҵа ҟаиҵеит рсакьқәа* чарыцла идырҭәырц, рԥарақәагьы ырхынҳәны, дасу исакь* иҭарҵарц, амҩан ирфашагьы рырҭарц. Убас иагьыҟарҵеит.
26 Аишьцәа реидарақәа аҽадақәа инарықәырҵан, идәықәлеит. 27 Ауха иԥхьарц иахьаангылаз аҭыԥ аҿы руаӡәк иҽада акраҿеиҵарц азы исакь* анааирт, иԥарақәа уа ишҭаз ибеит. 28 Иашьцәа ус реиҳәеит: «Сԥарақәа дырхынҳәит, ссакь* иҭоуп!» Ргәы цан, ишәаны еихәаԥшит, нас ус еибырҳәеит: «Анцәа иаҳзиуз закәуи?»
29 Раб Иаков иахь ианнеи, изықәшәаз зегь раб изеиҭарҳәеит. Дара ирҳәеит: 30 «Уи атәыла иахагылоу ауаҩы имчны дҳацәажәон, ҳаԥшыхәцәаз џьишьеит. 31 Аха ҳара иаҳҳәеит: „Ҳара амц ҳҳәаӡом, ламыс змоу уаауп, ҳаԥшыхәцәаӡам. 32 Ҳара 12-ҩык аишьцәа ҳаҟан, абык ихылҵыз ҳауп. Ҳаб Ханаа́н дынхоит, ҳашьеиҵбы уажәы иаб иҿы дыҟоуп, аӡәы уажәшьҭа дыҟаӡам“. 33 Иара ус ҳаиҳәеит: „Абар амц шышәымҳәо злаздыруа: шәуаӡәк сара сҿы даанхааит. Егьырҭ — шәҭаацәарақәа амла иамгарц азы афатә шәыманы шәца. 34 Шәашьеиҵбы дысзаажәга, усҟан сара еилыскаауеит шәшыԥшыхәцәам, амц шышәымҳәо. Убасҟан шәашьа доусышьҭуеит, ари адгьыл аҿы ишәҭаху аахәарагьы азин шәысҭоит“».
35 Асакьқәа* ирҭаз ачарыц анкарыԥсоз, дасу исакь* иԥарақәа шҭаз рбеит. Раби дареи уи анырба, даараӡа ишәеит. 36 Раб Иаков ҿааиҭит: «Шәара схәыҷқәа сымышәхит. Иосиф дыҟаӡам, Симеонгьы дыҟаӡам, уажәшьҭа Вениамингьы дсымышәхыр шәҭахуп! Абри зегьы сара сзақәшәеи?» 37 Руви́м иаб ус иеиҳәеит: «Дсыманы смаар, ҩыџьа сыҷкәынцәа шьы. Снапы данҵа, сара уи дырхынҳәны дузаазгоит». 38 Аха Иаков иҳәеит: «Сыҷкәын дшәыццаӡом, избанзар иашьа дыԥсхьеит, иара заҵәык иоуп иаанхаз. Амҩан ак ихьны дыԥсыр, сара, абырг, агәырҩа сашәыршьуеит, анышә* ахь сшәышьҭуеит».