Ақәҵра
5 Уи ашьҭахь Моисеии Ааро́ни афараон иахь инеин, ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит израильаа Рынцәа Иегова: „Иоушьҭ сыжәлар, ацәҳәырахь ицаны, сыхьӡала аныҳәа азгәарҭарц азы“». 2 Аха афараон ус иҳәеит: «Дызусҭада Иегова, иҳәатәы сацныҟәаны израильаа аусышьҭыртә еиԥш? Сара Иегова дсыздырӡом, израильаагьы аусышьҭӡом». 3 Дара ус рҳәеит: «Ҳара ауриацәа Рынцәа дҳазцәырҵит. Ҳуҳәоит, иҟалозар, хымш ҳәа* ацәҳәырахь ҳашьҭы, Ҳанцәа Иегова акәырбан изнаҳгарц азы, мамзар ҳазго ачымазара ҳирхьуеит, ма аҳәала ҳаишьуеит». 4 Аха египеттәи аҳ урҭ ус реиҳәеит: «Моисеии Ааро́ни, ауаа аусура шәзырԥырхагои? Шәца, аус жәула!» 5 Анаҩс ус иҳәеит: «Шәыжәлар шаҟа ирацәоу шәымбаӡои, абырсҟаҩык ауаа аусура иаҟәыҵыр шәҭахума?»
6 Убри аҽныҵәҟьа афараон израильаа ирхагылаз ахылаԥшыҩцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи ус реиҳәеит: 7 «Ақьырмыт аҟаҵаразы уаҳа аҭәа рышәымҭалан. Ицаны рхала еизыргалааит. 8 Убри аамҭазгьы уаанӡа шаҟа ҟарҵоз аҟара ақьырмыт ҟарҵалааит, еиҵаны иҟарҵар шәымун. Дара аашьоит, убри азоуп изырҳәо: „Ҳара ҳцар ҳҭахуп. Ҳанцәа акәырбан изнаҳгар ҳҭахуп!“ 9 Еиҳаны аусутә рышәҭ усда иаанымхарц, насгьы агаӡабызшәа иазымӡырҩларц азы».
10 Ахылаԥшыҩцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи цан израильаа ус рарҳәеит: «Афараон иҳәеит: „Сара уаҳа аҭәа шәысҭалаӡом. 11 Шәцаны иахьышәҭаху ишәыԥшаала, аха ақьырмыт уаанӡа шаҟа ҟашәҵоз аҟара ҟашәҵалоит“». 12 Усҟан ауаа рҽыԥсаҟьаны Египет иалалан, аҭәа ацынхәрас ахәҵәқәа реизгара иалагеит. 13 Ахылаԥшыҩцәа ракәзар, урҭ хҭакны ирыман, иагьрарҳәон: «Аҭәа аншәырҭоз шаҟа қьырмыт ҟашәҵоз аҟара, убриаҟара есыҽны иҟашәҵалароуп». 14 Уи адагьы, афараон израильаа ирхаиргылаз ахылаԥшыҩцәа цхырааҩцәас иҟаҵаны ирымаз израильаа рыпҟон, иагьырҳәон: «Иацгьы иахьагьы уаанӡа аасҭа еиҵаны ақьырмытқәа ҟашәҵеит. Уаанӡа шаҟа ҟашәҵоз аҟара зыҟашәымҵеи?»
15 Усҟан урҭ ацхырааҩцәа афараон иахь инеин ашшра иалагеит: «Умаҵуцәа абас узрызныҟәои? 16 Умаҵуцәа аҭәа рырҭаӡом, арахь „ақьырмытқәа ҟашәҵала“ ҳәа ҳарҳәоит. Иара убас умаҵуцәа рыпҟоит, изхароу ужәлар шракәугьы». 17 Афараон ус реиҳәеит: «Аашьаҟәырқәа шәара! Зынӡа шәаашьо шәалагеит, убри азоуп изышәҳәо: „Ҳара ҳцар ҳҭахуп. Иегова акәырбан изнаҳгар ҳҭахуп“. 18 Шәцаны аус жәула! Аҭәа шәырҭалаӡом, аха ақьырмыт шаҟа ахәҭоу ҟашәҵала».
19 Афараон «ҽнакала шаҟа шәыхәҭоу ақьырмытқәа ҟашәҵала» ҳәа анреиҳәа, цхырааҩцәас иҟаз израильаа арыцҳара ишақәшәаз еилыркааит. 20 Афараон иҟынтә ианца, ирзыԥшны игылаз Моисеии Ааро́ни рбан, 21 ус рарҳәеит: «Иегова шәибааит, дагьшәықәыӡбааит, избанзар шәара шәымшала афараон имаҵуцәеи иареи ҳарцәымӷхеит. Шәара урҭ ҳаршьырц азы аҳәа дшәыркит». 22 Усҟан Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Иегова, ари ажәлар агәаҟра изҭаургылеи? Сзааушьҭи арахь? 23 Афараон иахь сааны, ухьӡала иацәажәара салагеижьҭеи ужәлар еиҳа еицәаны дрызныҟәо далагеит, аха уара урҭ рхы иақәиҭумтәӡеит».