Ақәҵра
37 Бецале́л ақәыцҵла* иалхны аковчег ҟаиҵеит. Уи аура ҩ-мышьхәылҵки бжаки иҟан, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки, аҳаракырагьы — мышьхәылҵки бжаки*. 2 Анаҩс уи аҩныҵҟалеи адәахьалеи хьы цқьала ихиҟьеит, нас хыхь иаакәыршаны аганқәа хьыла ирԥшӡеит. 3 Иара ахьы иалхны ԥшь-мацәазк рҭәаны иҟаиҵеит, нас рыԥшь-шьапык рханы иеиҭеит: ганкахьала ҩ-мацәазк, егьи аганахь алагьы ҩ-мацәазк. 4 Уи ашьҭахь ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, хьыла ихиҟьеит. 5 Иара урҭ алабақәа аковчег наҟ-ааҟ иамоу амацәазқәа ирыҵихит, аковчег анага-аагаразы.
6 Иара ахьы цқьа иалхны ахҩа ҟаиҵеит. Аура ҩ-мышьхәылҵки бжаки иҟан, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки. 7 Ахҩа аҩҵкарк рҿы ахьы иалхны ҩ-херувимк ҟаиҵеит. Урҭ чаԥаны иҟаҵан. 8 Херувимк ахҩа ҵкарк аҿы иқәгылан, егьи ахерувим даҽа ҵкарк аҿы. Иара ахерувимқәа ахҩа аҩҵкарк рҿы наҟ-ааҟ иқәиргылеит. 9 Ахерувимқәа рымҵәыжәҩақәа аковчег ахҩа хырҩо хыхь ирхан. Дара еиҿатәан, рхы-рҿы ахҩахьы ирхан.
10 Анаҩс ақәыцҵла иалхны астол ҟаиҵеит. Аура ҩ-мышьхәылҵк иҟан, аҭбаара — мышьхәылҵк, аҳаракыра — мышьхәылҵки бжаки*. 11 Иара уи хьы цқьала ихиҟьеит, иаакәыршангьы хьыла ирԥшӡеит. 12 Астол напсыргәыҵак* иаҟараны акәырша аиҭеит, акәырша инаваршәны хьыла ирԥшӡеит. 13 Иара ахьы иалхны ԥшь-мацәазк рҭәаны иҟаиҵеит, нас ашьапқәа ахьыҟоу ԥшь-кәакьк рҿы иеиҭеит. 14 Амацәазқәа акәырша ааигәара иаман, астол анеиҭарго алабақәа аҵхны инарга-ааргаларц азы. 15 Анаҩс астол нарга-ааргаларц азы ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, хьыла ихиҟьеит. 16 Уи ашьҭахь астол иқәгылазар зыхәҭаз амаҭәарқәа ахьы цқьа иалхны иҟаиҵеит: асаанқәеи аҵәцақәеи, кәырбанс инарго аҩы азы агәыблаақәеи аԥҳалқәеи.
17 Анаҩс иара ахьы цқьа иалхны алашарбага ҟаиҵеит. Уи ашьаҭеи, агәыцәи, ашәҭыцқәа зку ашьаҭеи, ашәҭ апытҟәырқәеи, ашәҭқәеи акны ичаԥан. 18 Алашарбага агәыцә аҟынтә ф-махәык цон: х-махәык ганк ала, даҽа х-махәык егьи аган ала. 19 Алашарбага аҩганк рҟынтә ицоз амахәқәа рҿы аминдаль ашәҭ иеиԥшу ашәҭыцқәа зку хԥа-хԥа шьаҭа ыҟан. Уи иахагыланы ашәҭ апытҟәыр цон, апытҟәыр иахагыланы ашәҭ цон, убас еишьҭанеиуа ицон. Убас иҟан алашарбага агәыцә аҟынтә ицоз амахәқәа рыфбагьы. 20 Алашарбага агәыцә аминдаль ашәҭ иеиԥшу ашәҭыцқәа зку ԥшь-шьаҭак аман. Уи ашьаҭа иахагыланы ашәҭ апытҟәыр цон, апытҟәыр ашьҭахь ашәҭ цон, убас еишьҭанеиуа ицон. 21 Ашәҭ апытҟәырқәа актәи амахәқәа рыҵаҟа иҟан, аҩбатәи амахәқәа рыҵаҟа иҟан, ахԥатәи амахәқәа рыҵаҟагьы иҟан, убас алашарбага агәыцә аҟынтә иҩеиуа амахәқәа рыфбагьы рыҵаҟа иҟан. 22 Ашәҭ апытҟәырқәа, амахәқәа — алашарбага зегь шынеибарку — акны ичаԥан. 23 Анаҩс алашарбагазы ахьы цқьа иалхны иҟаиҵеит быжь-кәаҷабки, ацыблыхақәа зламырхуа ама́шьақәеи, афҭилқәа зҭарҵо амаҭәарқәеи. 24 Иара алашарбагеи уи иацу амаҭәахәқәеи зегьы талантк* ахьы цқьа иалихит.
25 Иара ақәыцҵла иалхны афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭа ҟаиҵеит. Уи аганқәа еиҟаран: ауреи аҭбаареи мышьхәылҵк-мышьхәылҵк иҟан, аҳаракыра — ҩ-мышьхәылҵк*. Акәырбаннагарҭа атәыҩақәеи иареи амҿы иалхны акны иҟаҵан. 26 Анаҩс иара акәырбаннагарҭа ахи, аганқәеи, атәыҩақәеи хьы цқьала ихиҟьеит, нас хыхь иаакәыршаны хьыла ирԥшӡеит. 27 Акәырша аҵаҟа акәырбаннагарҭа наҟ-ааҟ ахьы иалхны ҩба-ҩба мацәаз аиҭеит, алабақәа рыҵхны инарга-ааргаларц азы. 28 Уи ашьҭахь ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, хьыла ихиҟьеит. 29 Иара убас иԥшьоу ахәшеи афимиам цқьеи ҟаиҵеит. Иара урҭ зыфҩы хаау амарҭхәқәа еилаҵаны ишыҟарҵо еиԥш иҟаиҵеит.