Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 17
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Миха иидолқәеи иԥшьаҩи (1—13)

Аӡбаҩцәа 17:2

Албаагақәа

  • *

    12,5 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Аӡбаҩцәа 17:4

Албаагақәа

  • *

    2,3 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Аӡбаҩцәа 17:5

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҩны ирымаз анцәахәқәеи; аидолқәеи».

Аӡбаҩцәа 17:7

Албаагақәа

  • *

    Ари иаанаго иара Иуда ишьҭра иазалхыз адгьыл аҿы дшынхоз акәзар ауеит.

Аӡбаҩцәа 17:10

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абыс».

  • *

    114 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 17:1–13

Аӡбаҩцәа

17 Ефремтәи ашьхақәа рҿы Ми́ха зыхьӡыз хаҵак дынхон. 2 Иара иан ус леиҳәеит: «Ибгәалашәома ибцәырӷьычыз 1 100 ше́кель* араӡны? Сара исаҳауан уи згаз аӷьыч дшыбшәииз. Уи араӡны сара сҿы иҟоуп, изгаз сара соуп». Усҟан иан ус иалҳәеит: «Иегова сыҷкәын диқәныҳәааит». 3 Ми́ха 1 100 ше́кель араӡны ырхынҳәны иан илиҭеит, аха лара ус лҳәеит: «Сара ари араӡны Иегова изыскуеит, сыҷкәын иҭаԥҟаны, иара убас ирҭәаны иҟарҵо аидолқәа ҟаиҵарц азы. Ари араӡны уара иусҭоит».

4 Иара араӡны иан илызирхынҳәит. Лара 200 ше́кель* араӡны аашьҭылхын, араӡны аус адызулоз анапҟаза илҭеит. Уи иҭапҟаны, насгьы ирҭәаны аидолқәа ҟаиҵеит, нас урҭ наганы Ми́ха иҩны идыргылеит. 5 Ми́ха аԥшьаҭыԥ ҟаҵаны иман. Иара аефо́ди атерафи́мқәеи* ҟаиҵеит, иара убас иҷкәынцәа руаӡәк ԥшьаҩыс дҟаиҵеит, иара иҿы ԥшьаҩыс амаҵ иуларц азы. 6 Уи аамҭазы Израиль аҳ дахагылаӡамызт, дасу ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз акәын иҟаиҵоз.

7 Иудеиа иҟоу Вифлеем дынхон Иуда ишьҭра иатәыз* иқәыԥшыз рԥыск. Иара длевитын, аамҭак аҩныҵҟагьы уа дынхон. 8 Иара даҽаџьара анхарҭа ҭыԥ иԥшаарц азы Иудеиа иҟаз Вифлеем аҟынтә дықәҵны дцеит. Ус ефремтәи ашьхақәа рҿы инхоз Ми́ха иҩнахьы днанагеит. 9 Ми́ха уи ус диазҵааит: «Уабатәиу?» Иара иҳәеит: «Сара слевитуп, Иудеиа иҟоу Вифлеем аҟынтә саауеит, анхарҭа ҭыԥ сашьҭоуп». 10 Ми́ха уи ус иеиҳәеит: «Сара сҿы уаангыл, бжьгаҩыс*, ԥшьаҩыс уҟаз. Есышықәса 10 ше́кельк* араӡни, афатәи, амаҭәеи усҭалоит». Алевитгьы иара иҿы даангылеит. 11 Алевит уи ауаҩ иҿы анхара дақәшаҳаҭхеит, ԥасгьы дизыҟалеит. 12 Ми́ха уи алевит ԥшьаҩыс дҟаиҵеит, иара иҿы ԥшьаҩыс амаҵ иуларц азы, уи алевитгьы Ми́ха иҩнаҿы дынхон. 13 Уи ашьҭахь Ми́ха иҳәеит: «Уажәшьҭа издыруеит Иегова абзиарақәа шысзыҟаиҵало, избанзар ԥшьаҩыс амаҵ зуа алевит дсымоуп».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра