Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 18
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Дан ишьҭра иатәқәоу адгьыл иашьҭоуп (1—31)

        • Миха иидолқәеи иԥшьаҩи имхны иргоит (14—20)

        • Лаиш рымпыҵадырхалоит, Дангьы ахьӡырҵоит (27—29)

        • Данаа аидол иамҵахырхәоит (30, 31)

Аӡбаҩцәа 18:3

Албаагақәа

  • *

    Ма «ицәажәашьала».

Аӡбаҩцәа 18:12

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «Дан илагер».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 18:1–31

Аӡбаҩцәа

18 Уи аамҭазы Израиль аҳ дахагылаӡамызт. Дан ишьҭра иатәқәаз анхарҭа ҭыԥ иашьҭан, избанзар израильтәи ахылҵшьҭрақәа рыбжьара макьана адгьыл рмоуӡацызт.

2 Да́наа рышьҭра иатәыз, Цо́реи Ештао́ли инхоз хәҩык ауаа алырхын, дгьылқәас иҟаз гәарҭарц азы ирышьҭит, иагьрарҳәеит: «Шәца, ҳахьынхаша дгьылк шәзыԥшаауазар гәашәҭ». Урҭ ауаа ефремтәи ашьхақәа рҿы инхоз Ми́ха иҩныҟа инеин, уи ауха уа иаангылеит. 3 Дара Ми́ха иҩны ааигәара ианыҟаз, иқәыԥшыз алевит ибжьала* дырдырит. Дара уи инаидгылан, ус иазҵааит: «Уаазгада арахь? Иҟауҵои ара? Ара узыҟои?» 4 Иара Ми́ха изыҟаиҵаз зегьы рзеиҭеиҳәеит, иагьиҳәеит: «Ми́ха иара иҿы ԥшьаҩыс амаҵ зуларц азы сидикылеит». 5 Дара уи алевит ус иарҳәеит: «Ҳуҳәоит, Анцәа уиазҵаа ҳамҩа маншәалахоу-иманшәаламхоу». 6 Аԥшьаҩы ус реиҳәеит: «Шәгәы рҭынчны шәца, Иегова шәымҩа дазылԥхоит».

7 Анаҩс урҭ ахәҩык рымҩа иацырҵеит, Лаи́шҟагьы инеит. Дара ирбеит уа инхоз ауаа сидо́наа реиԥш аӡәгьы ихьымԥшӡакәа ҭынч ишынхоз, акгьы ишацәымшәоз, аӡәгьы дышрықәымлоз, дшырԥырхагамхоз. Урҭ сидо́наа ирцәыхараны хазы инхон, егьырҭ рҿгьы ус рымаӡамызт.

8 Аԥшыхәцәа Цо́реи Ештао́ли иҟаз рашьцәа рахь ианыхынҳә, урҭ ус иразҵааит: «Ижәбеи, ишәаҳаи?» 9 Аԥшыхәцәа ус рҳәеит: «Ҳара иаҳбеит урҭ рыдгьыл даараӡа ишыбзиоу. Шәаала, ҳрықәлап! Шәыззыԥши? Аамҭа мгакәа шәцаны рыдгьыл рымшәх! 10 Уахь шәаннеилак, шәхаҭа ижәбоит уи адгьыл шыҭбаау, уа инхо ауаагьы ҭынч ишынхо. Анцәа абарақьаҭра ахьыҟоу адгьыл шәиҭеит».

11 Убасҟан Дан ишьҭра иатәыз 600-ҩык ахацәа бџьарла рҽеибырҭан, Цо́реи Ештао́ли рҟынтә идәықәлеит. 12 Урҭ Иудеиа иҟоу Кириа́т-Иеари́м рлагер дыргылеит. Убри азоуп Кириа́т-Иеари́м аҟынтә мраҭашәарахь иҟоу уи аҭыԥ иахьагьы Маха́не-Дан* ҳәа изашьҭоу. 13 Уантәи дара ефремтәи ашьхақәа рахь ицан, Ми́ха иҩныҟа инеит.

14 Лаи́штәи адгьыл гәазҭарц ицаз хәҩык ахацәа рашьцәа ус рарҳәеит: «Абарҭ аҩнқәа рҿы аефо́ди, атерафи́мқәеи, иҭаԥҟаны, насгьы ирҭәаны иҟаҵоу аидолқәеи ыҟоуп. Ишәыӡба иҟашәҵаша». 15 Дара Ми́ха иҩныҟа инеин, уа инхоз иқәыԥшыз алевит аԥсшәа иарҳәеит. 16 Уи аамҭазы Дан ишьҭра иатәыз, бџьарла еибыҭаз 600-ҩык ахацәа агәашә аҿы игылан. 17 Хәҩык аԥшыхәцәа аҩны иҩналеит, иҭаԥҟаны иҟаҵаз аидоли, аефо́ди, атерафи́мқәеи, ирҭәаны иҟаҵаз аидоли ргарц азы. (Уи аамҭазы аԥшьаҩы агәашә аҿы дгылан, бџьарла еибыҭаз 600-ҩык ахацәагьы уа идгылан.) 18 Урҭ ауаа Ми́ха иҩны иҩналан, иҭаԥҟаны иҟаҵаз аидоли, аефо́ди, атерафи́мқәеи, ирҭәаны иҟаҵаз аидоли ргеит. Аԥшьаҩы ус дразҵааит: «Иҟашәҵо закәи?» 19 Дара ус иарҳәеит: «Ашьшьыҳәа, убжьы умырган. Уҳацны уаала, ҳара ҳҿы бжьгаҩыс, ԥшьаҩыс уҟаз. Еиҳа еиӷьуи уара узы, аӡәы иҩны ԥшьаҩыс уҟазар акәу, ма израильтәи абшьҭра дук, хылҵшьҭра дук аҿы ԥшьаҩыс уҟазар акәу?» 20 Аԥшьаҩы ирҳәаз игәаԥхеит, нас аефо́ди, атерафи́мқәеи, иҭаԥҟаны иҟаҵаз аидоли аашьҭихын, урҭ дрыцны дцеит.

21 Дара рхәыҷқәеи рырахәи раԥхьа иргыланы, рмазарагьы рыманы, рымҩа иацырҵеит. 22 Ԥыҭк ианынаскьа, Ми́ха игәылацәа рҽааидыркылан, да́наа ирыхьӡеит. 23 Дара да́наа ирықәҿырҭуа ианалага, урҭ аахьаҳәын, Ми́ха ус иазҵааит: «Иҟалеи? Арҭ ауаа зеизугеи?» 24 Ми́ха ус реиҳәеит: «Шәара иҟасҵаз сынцәахәқәа сымхны ижәгеит, сыԥшьаҩгьы дсымхны дыжәгеит, иаасымаз зегь сымшәхит, еиҭа „иҟалеи?“ ҳәа шәҵаауама?» 25 Да́наа ус иарҳәеит: «Уҿы еихакы, мамзар зыԥсахы еибакны иҟоу арҭ ауаа ужәлоит, уҩнаҭа иатәугьы уаргьы шәыршьуеит». 26 Абас ҳәаны, да́наа рымҩа иацырҵеит, Ми́ха иакәзар, урҭ иара иаасҭа ишыӷәӷәаз аниба, иҩныҟа дхынҳәит.

27 Да́наа Ми́ха иҟаиҵаз рыманы, иԥшьаҩгьы дрыманы, ауаа ҭынч, акы иацәымшәо иахьынхоз Лаи́шҟа ицеит. Дара уа инхоз зегьы аҳәала иршьит, ақалақьгьы амца ацраҵаны ирблит. 28 Урҭ еиқәзырхоз ҳәа уаҩ дҟамлеит, избанзар уи аҭыԥ Сидон иацәыхаран, насгьы уа инхоз хазы инхон, егьырҭ рҿгьы ус рымаӡамызт. Ари ҟалеит арха Бет-Рехо́в. Нас да́наа уи ақалақь еиҭашьақәдыргылан, уа анхара иалагеит. 29 Дара уи ақалақь Израиль ихылҵыз раб Дан ихьӡ ахырҵеит. Уаанӡа уи ақалақь Лаи́ш ахьӡын. 30 Уи ашьҭахь да́наа аидол дара рҿы идыргылеит. Моисеи иԥа Гершо́м иҷкәын Ионафа́н иԥацәеи иареи ракәзар, да́наа рабшьҭраҿы ԥшьаҩцәас иҟалеит, уи адгьыл аҿы инхоз тҟәаны иргаанӡагьы ԥшьаҩцәас иҟан. 31 Ми́ха иҟаиҵаз аидол урҭ рҿы игылан, Анцәа ду иҩны Сило́м иҟанаҵы.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра