Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 21
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Вениаминаа рабшьҭра еиқәырхоуп (1—25)

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 21:1–25

Аӡбаҩцәа

21 Израильаа Ми́цпа иқәны абас рҳәеит: «Ҳара ҳҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы иԥҳа вениами́наа дриҭаӡом». 2 Ажәлар Вефи́льҟа иааит. Дара уа хәылбыҽханӡа Анцәа ду иҿаԥхьа итәаны рыбжьы рдуны аҵәыуара иаҿын. 3 Дара абас рҳәон: «Израильаа Рынцәа Иегова, ишԥаҟалеи абри аҩыза? Избан иахьа Израиль абшьҭрак зықәӡааз?» 4 Адырҩаҽны дара шаанӡа иҩагылан, акәырбаннагарҭа дыргылеит, нас ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи наргеит.

5 Израильаа ҵааит: «Иегова иҿаԥхьа зегь ҳанеизаз, израильтәи абшьҭрақәа рҟынтә имааида?» — избанзар дара қәны ирҳәахьан Иегова иахь Ми́цпа имнеиз дшыршьуа. 6 Израильаа Вениамин ишьҭра иатәыз рашьцәа ирыхьыз ргәы днархьит. Дара ус рҳәон: «Иахьа Израиль абшьҭрак ацәыӡит. 7 Ҳара Иегова иҿаԥхьа ҳақәны иаҳҳәахьеит ҳаԥҳацәа вениами́наа ишраҳамҭо, уажәшьҭа иаанхаз вениами́наа рзы аҳәса абаҳаԥшаауеи?»

8 Дара ҵааит: «Израильаа рабшьҭрақәа рҟынтә Иегова иахь Ми́цпа имааида?» Убасҟан еилкаахеит ажәлар ахьеизаз алагер ахь Иаве́ш-Галаа́д инхоз рҟынтә аӡәгьы дшымааз. 9 Ажәлар анырыԥхьаӡа, Иаве́ш-Галаа́д инхоз рҟынтә аӡәгьы дшыҟамыз еилыркааит. 10 Убасҟан ажәлар зегь раасҭа иӷәӷәаз 12 000-ҩык аибашьцәа алырхын, ус рарҳәеит: «Шәца, Иаве́ш-Галаа́д инхо зегь шәшьы, аҳәсагьы ахәыҷқәагьы налаҵаны. 11 Абар иҟашәҵаша: ахацәа зегь шәшьы, иара убас аҳәсагьы, хаҵа имцац рыда». 12 Иаве́ш-Галаа́д инхоз рыбжьара 400-ҩык аӡӷабцәа рыԥшааит. Урҭ ханаа́нтәи адгьыл аҿы ишьҭаз Сило́м иҟаз алагер ахь иааргеит.

13 Ажәлар зегь ацаҟьа Риммо́н аҿы иҟаз вениами́наа рахь ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭын, еинышәарц рыдыргалеит. 14 Усҟан вениами́наа хынҳәит. Израильаа Иаве́ш-Галаа́д аҟынтә иргаз аӡӷабцәа урҭ ирырҭеит, аха аӡӷабцәа рхыԥхьаӡара маҷын. 15 Ажәлар вениами́наа ирыхьыз ргәы днархьит, избанзар Иегова израильтәи абшьҭрақәа еиҩишеит. 16 Ажәлар реиҳабацәа ус рҳәеит: «Вениами́наа рыҳәса зегь ҳшьит, иабааҳгари уажәшьҭа иаанхаз вениами́наа рзы аҳәса?» 17 Анаҩс ус рҳәеит: «Иаанхаз вениами́наа рыдгьыл дара ирҭынхароуп, рабшьҭра Израиль имыӡырц азы. 18 Аха ҳаԥҳацәа урҭ иҳазрыҭаӡом, избанзар израильаа иқәны ус рҳәеит: „Зыԥҳа вениами́наа дрызҭо дшәиуп“».

19 Анаҩс ус рҳәеит: «Есышықәса Сило́м Иегова изку аныҳәа мҩаԥысуеит. Уи Вефи́ль аҩадахьы, Вефи́ль аҟынтә Шехе́мҟа ицо амҩа аҟынтә мрагыларахь, насгьы Лево́на аладахьы ишьҭоуп». 20 Дара вениами́наа абас рарҳәеит: «Шәцаны аӡахәаҭрақәа рҿы шәҽыҵәахны шәтәа, 21 силомтәи аҭыԥҳацәа кәашо ианаақәлалак, аӡахәаҭрақәа рҟынтә шәаацәырҟьаны, аӡәаӡәа мҵарсны ижәга. Нас вениами́наа рыдгьыл ахь шәхынҳәы. 22 Урҭ рабацәа ма рашьцәа ааины ҳара ҳҿы иашшыр, ус раҳҳәоит: „Ҳшәыҳәоит, ҳаилышәкаа, ҳара ҳанеибашьуаз зегьы рзы аҳәса ҳзымгаӡеит, шәаргьы урҭ аҳәса рыҭара шәылшаӡом, избанзар усҟан ахара шәыдлоит“».

23 Вениами́наа убасҵәҟьа ҟарҵеит, аҭыԥҳацәа аныкәашоз, дасу аӡӷабцәа мҵарсны ԥҳәысс иргеит, анаҩс рыдгьылқәа рахь ихынҳәит. Дара ақалақьқәа еиҭашьақәдыргылеит, уа анхарагьы иалагеит.

24 Израильаагьы рабиԥарақәеи рҭаацәарақәеи рахь ихынҳәит, дасу идгьыл ахь дцеит.

25 Урҭ аамҭақәа раан Израиль аҳ дахагылаӡамызт, дасу ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз акәын иҟаиҵоз.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра