Ездра
5 Нас аԥааимбар Агге́ии И́ддо имоҭа аԥааимбар Заха́риеи ирыцыз Израиль Анцәа ихьӡала Иудеиеи Иерусалими инхоз аиудеиаа рҿаԥхьа аԥааимбарра иалагеит. 2 Усҟан Шеалтие́л иԥа Зорова́вельи Иоцада́к иԥа Иешу́еи Иерусалим Анцәа иҩны аргылара еиҭалагеит. Анцәа иԥааимбарцәагьы рыцын, рыгәгьы шьҭырхуан. 3 Уи аамҭазы Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы Таттена́ии, Шета́р-Бозна́ии, урҭ ирыдгылази дара рахь иаан, ус иразҵааит: «Ари аҩны ргылатәуп ҳәа шәазҳәада, ишәазҳәада аус хыркәшатәуп ҳәа?» 4 Нас ус иразҵааит: «Ирыхьӡуи ари зыргыло ауаа?» 5 Аха Анцәа ауриацәа реиҳабацәа дрыцхраауан азы Таттена́ии егьырҭ ахацәеи урҭ ирԥырхагаӡамызт, аха дара Да́ри иахь асаламшәҟәы рышьҭын, уи аус иазкны аҳ иҭак иазыԥшын.
6 Абар Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы Таттена́ии Аӡиас Анхыҵ еиҳа еиҵаз анапхгаҩцәа Шета́р-Бозна́ии уи ицхырааҩцәеи аҳ Да́ри изырышьҭыз асаламшәҟәы иаҳәоз. 7 Изырышьҭыз асаламшәҟәаҿы абас анын:
«Аҳ Да́ри уахь.
Бзиара умаз! 8 Ҳаҳ, иудыруазар ҳҭахуп ҳара Анцәа ду иҩны ахьыҟоу апровинциа Иудеиаҟа ҳашцаз. Уи аҩны ахаҳә дуқәа рыла идыргылоит, аҭӡамцқәа ақыдқәа бжьарыԥсоит. Ауаа рыбаҩ иацәымаашьаӡакәа аус руеит, аусгьы ирласны ԥхьаҟа ицоит. 9 Ҳара урҭ реиҳабацәа ҳразҵааит: „Ари аҩны ргылатәуп ҳәа шәазҳәада, ишәазҳәада аус хыркәшатәуп ҳәа?“ 10 Иара убас ирыхьӡу ҳарҳәарц раҳҳәеит, ирхагылоу зусҭцәоу уаҳҳәарц азы.
11 Абар дара ирҳәаз: „Ҳара ажәҩани адгьыли Рынцәа имаҵзуҩцәа ҳауп, ҳара акыршықәса раԥхьа иргылаз аҩны — израильтәи аҳ ду иргылаз аҩны — аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. 12 Аха ҳабацәа ажәҩан Анцәа игәы ԥыржәеит, убри азы иара урҭ ари аҩны ԥыххааса иқәызҵаз ҳажәлар Вавилонҟа итҟәаны изгаз вавилонтәи аҳ, ахалде́и Навуходоно́сор, импыҵаирхалартә иҟаиҵеит. 13 Аха вавилонтәи аҳ Кир аҳра аниуаз актәи ашықәсазы Анцәа иҩны еиҭашьақәдыргыларц адҵа ҟаиҵеит. 14 Уи адагьы, аҳ Кир адҵа ҟаиҵеит вавилонтәи аныҳәарҭа идәылыргарц Навуходоно́сор иерусалимтәи аныҳәарҭа аҟынтә идәылганы вавилонтәи аныҳәарҭахь иигаз Анцәа иҩны иатәыз ахьтәы маҭәарқәеи араӡны маҭәарқәеи. Урҭ амаҭәарқәа Кир напхгаҩыс иҟаиҵаз Шешбаца́р зыхьӡыз ауаҩы ирҭеит. 15 Кир уи ус иеиҳәеит: ‚Абарҭ амаҭәарқәа аашьҭыхны, Иерусалим иҟоу аныҳәарҭахь ига. Анцәа иҩны уаанӡа иахьгылаз аҭыԥ аҿы идыргылааит‘. 16 Шешбаца́р Иерусалимҟа дцан Анцәа иҩны ашьаҭа аиркит. Убри аахижьҭеи уи аргылара иаҿуп, макьана ихдмыркәшаӡацт“.
17 Убри аҟынтә, ҳаҳ, угәы иаҭаххозар, Вавилон аҳ ихазынаҭра* гәарҭааит, еилыркааит аҳ Кир Иерусалим Анцәа иҩны дыргыларц адҵа ҟаиҵазу-иҟаимҵазу, нас уи аус иазкны аҳ иуӡбаз ҳзаарышьҭааит».