Ездра
6 Усҟан аҳ Да́ри адҵа ҟаиҵан, вавилонтәи ахазынаҭра ахьыҟаз анапылаҩырақәа рыҩнаҿы архив ҭырҵааит. 2 Ашәҟәеикәарҳә рыԥшааит мидиатәи апровинциа Екбата́на иҟаз абааш аҿы. Уи абас анын:
3 «Аҳ Кир аҳра аниуаз актәи ашықәсазы Иерусалим ақалақь аҿы Анцәа иҩны иазкны абри аҩыза адҵа ҟаиҵеит: „Идыргылааит акәырбанқәа ахьнарго аҩны, уи ашьаҭагьы дырӷәӷәааит. Аҩны аҳаракыра 60 мышьхәылҵ* иҟазароуп, аҭбаара 60 мышьхәылҵ иҟазароуп. 4 Аҭӡамцқәа рҿы х-радкны ахаҳә дуқәа шьҭтәуп, радк — ақыдқәа шьҭтәуп. Ахарџь аҳ ихазынаҭра аҟынтә ихырҩалааит. 5 Навуходоно́сор иерусалимтәи аныҳәарҭа аҟынтә иааигаз Анцәа иҩны иатәыз ахьи араӡни ирылхыз амаҭәарқәа аҭыԥ ахь ирхынҳәтәуп, Иерусалим иҟоу Анцәа иҩнахьы“».
6 «Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы, уара Таттена́и, иара убас Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы ицхырааҩцәа Шета́р-Бозна́ии уи идгылақәоуи, шәымцан уахь, 7 Анцәа иҩны аргылара шәаԥырхагамхан. Аиудеиаа рнапхгаҩи урҭ реиҳабацәеи Анцәа иҩны уаанӡа иахьгылаз аҭыԥ аҿы еиҭашьақәдыргылааит. 8 Уи адагьы ишәасҳәоит аиудеиаа реиҳабацәа рзы иҟашәҵаша, урҭ Анцәа иҩны аргылара рылшартә еиԥш: урҭ ауаа рхарџь аамҭа мгакәа аҳ ихазынаҭра аҟынтә, Аӡиас Анхыҵ еизырго ашәахтә аҟынтә, ихыжәҩала, аусурақәа аанымкыларц азы. 9 Иерусалим аԥшьаҩцәа ирҭаххозаалакгьы — ажәҩан Анцәа изнарго ирбылуа акәырбанқәа рзы ацәҵысқәа роума, аҭыӷьқәа роума, асарақәа роума, иара убас ачарыц аума, аџьыкахыш аума, аҩы аума, амаслинахәша аума — есыҽны иаарҭаххо зегь рышәҭала, 10 ажәҩан Анцәа игәы иахәо акәырбанқәа наргаларц азы, насгьы аҳ иԥацәеи иареи рзы Анцәа иҳәаларц азы. 11 Сара иара убас абри аҩыза адҵа ҟасҵоит: абри аусԥҟа аӡә дықәымныҟәар, иҩны ақды амырхааит, уи ақдаҿы иара дыкнарҳааит, иҩны ашьышьмаҭра* алырхааит. 12 Зыхьӡ азы ари аҭыԥ алызхыз Анцәа инирҵәааит ари аусԥҟа хьаас изымкуа, насгьы Иерусалим ақалақь аҿы Анцәа иҩны ықәызхуа, уи аҳ иакәзаргьы, ажәлар ракәзаргьы. Сара, Да́ри, абри аҩыза адҵа ҟасҵоит. Уи аамҭа мгакәа инагӡатәуп».
13 Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы Таттена́ии, Шета́р-Бозна́ии, урҭ ирыдгылақәази аҳ Да́ри ииҳәаз зегь ҟарҵеит. 14 Агге́ии И́ддо имоҭа Заха́риеи ирҳәоз аԥааимбаражәақәа аиудеиаа реиҳабацәа ргәы шьҭнахын, аргылара ишаҿыц иаҿын, аусгьы ԥхьаҟа ицон. Дара Израиль Анцәа идҵеи Ки́ри, Да́рии, персиатәи аҳ Артаксе́ркси русԥҟақәеи инарықәыршәаны аргылара хдыркәшеит. 15 Аргылара хыркәшан амза ада́р ахԥатәи амш аҽны, аҳ Да́ри аҳра аниуаз афбатәи ашықәсазы.
16 Израильаа — аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, иара убас атҟәара аҟынтә ихынҳәыз зегьы — агәырӷьара ду рыманы ари аҩны Анцәа изыркит. 17 Аҩны Анцәа ианизыркуаз, дара кәырбанс инаргеит ацәқәа 100, аҭыӷьқәа 200, асарақәа 400, иара убас израильтәи абиԥарақәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны Израиль зегь азы агәнаҳазы кәырбанс инаргеит аџьмақәа 12. 18 Дара дасу ргәыԥқәа рыла аԥшьаҩцәеи алевитцәеи алырхит, Иерусалим Анцәа имаҵ руларц азы, Моисеи ишәҟәы ишану еиԥш.
19 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз актәи амза жәиԥшьтәи амш аҽны Амшаԥы азгәарҭеит. 20 Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи аӡә даанымхакәа рҽыдрыцқьеит, убри аҟынтә зегь цқьан. Дара атҟәара аҟынтә ихынҳәыз рзи, егьырҭ аԥшьаҩцәа рзи, рхази Амшаԥы иазкыз асарақәа ршьуан. 21 Уи акәырбан атҟәара аҟынтә ихынҳәыз израильаа ирфон, урҭ рыдагьы, уи акәырбан рфон урҭ зыҽрыдызкылаз, насгьы Израиль Анцәа Иегова имҵахырхәаларц* азы уи адгьыл аҿы инхоз ажәларқәа ицқьам рҵасқәа мап рцәызкыз зегьы. 22 Дара гәырӷьаҵәа бжьымшы Арҵәыга злам ача аныҳәа азгәарҭон, избанзар Иегова ргәы гәырӷьарыла ирҭәит, ассириатәи аҳгьы дырзыразхартә иҟаиҵеит, Анцәа ду, Израиль Анцәа, иҩны аргылараҿы дрыцхраарц азы*.