Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 5
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Неемиа ажәлар рашьцәа рыла аԥара арҳара иаҟәихуеит (1—13)

      • Неемиа афеида дашьҭаӡам (14—19)

Неемиа 5:2

Албаагақәа

  • *

    Ма «ачаԥшь».

Неемиа 5:3

Албаагақәа

  • *

    Ажәытәан аӡәы уалла ак анигоз, иуал ирхынҳәаанӡа амаҭәа ма даҽакы риҭон.

Неемиа 5:11

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашәктәи ахәҭа», есымза иршәоз процентк.

Неемиа 5:13

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аизара зегьы». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аизара; ауаажәларратә еилазаара».

  • *

    Ма «Ус иагьыҟалааит!»

Неемиа 5:15

Албаагақәа

  • *

    456 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Неемиа 5:18

Албаагақәа

  • *

    Ма «ахә сшәон идырхиарц».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 5:1–19

Неемиа

5 Ажәлар — ахацәеи урҭ рыҳәсеи — рашьцәа-аиудеиаа рахь ргәы намӡо иалагеит. 2 Дара ирҳәон: «Ҳара аԥацәеи аԥҳацәеи рацәаны иҳамоуп. Иаҳфаша ачарыц* ҳҭахуп, ҳамԥсыкәа ҳаанхарц азы». 3 Егьырҭ ирҳәон: «Ҳара ҳамхқәеи, ҳӡахәаҭрақәеи, ҳаҩнқәеи шасыс* ираҳҭоит, ачарыц ааҳхәарц азы, амла ҳаганы ҳамԥсырц азы». 4 Даҽа шьоукы ирҳәон: «Ҳара аԥара ҳаԥсахуеит, ҳамхқәеи, ҳӡахәаҭрақәеи шасыс ираҳҭоит, аҳ ихәҭоу ашәахтә ҳшәарц азы. 5 Ҳашьцәеи ҳареи шьак ауп ҳазлыҵыз, шьала-дала ҳаибатәуп, ҳхәыҷқәагьы урҭ рхәыҷқәа рҩызцәа роуп, аха ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи маҵуцәас ираҳҭароуп, ҳаԥҳацәа шьоукы маҵуцәас иргахьеит. Аха ҳара акгьы ҳзыҟаҵаӡом, избанзар ҳамхқәеи ҳӡахәаҭрақәеи даҽа шьоукы иртәуп».

6 Ргәалақәа ансаҳа, сгәы ԥжәеит. 7 Зегьы ибзианы сазхәыцын, ауаа дуқәеи анапхгаҩцәеи срацәҳан, ус расҳәеит: «Шәара апроцентқәа змышәхуа шәашьцәа роуп».

Нас уи азҵаара инадҳәаланы аизара ду еизызган, 8 ус расҳәеит: «Ҳара иҳалшоз зегь ҟаҳҵон егьырҭ ажәларқәа ираадырхәаз ҳашьцәа-аиудеиаа ҿаҳхырц азы. Уажәшьҭа шәара шәаалаганы шәашьцәа шәҭиуеит, ҳара иҿаҳхырц азы». Дара ҿымҭӡакәа игылан, избанзар ирҳәаша рымамызт. 9 Нас иацысҵеит: «Иҟашәҵо иашаӡам. Шәара Ҳанцәа шәицәшәалар акәӡами, егьырҭ ажәларқәа, ҳаӷацәа, ҳахьӡ дмырцәгьарц азы? 10 Ҳаргьы — сашьцәеи, сареи, ҳмаҵуцәеи — ауаа уалла аԥареи ачарыци раҳҭоит. Аха шәааи апроцентқәа ҳамгалап. 11 Сшәыҳәоит, иахьаҵәҟьа ирызшәырхынҳә рымхқәеи, рӡахәаҭрақәеи, рмаслина баҳчақәеи, рыҩнқәеи, иара убас ирызшәырхынҳә аԥареи, ачарыци, аҩи, ахәшеи рҟынтә ижәгоз апроцентқәа*».

12 Дара ирҳәеит: «Ҳара зегь ҳархынҳәуеит, уаҳа ак ҳашәҭ ҳәа раҳҳәаӡом. Ишуҳәаз еиԥш зегь ҟаҳҵоит». Нас аԥшьаҩцәа аасыԥхьан, урҭ ауаа ражәа шынарыгӡо ала исырқәит. 13 Нас сыкәа ак ҭсыршәшәошәа ҟасҵан, ус сҳәеит: «Анцәа ду абасҵәҟьа зажәа назмыгӡо иҩны диҩниршәшәааит, имазарагьы имихааит. Иаргьы убасҵәҟьа деиҵадыршәшәааит, дҭадырцәааит». Усҟан еизаз зегьы* «Аминь»* рҳәан, Иегова аҽхәаԥхьыӡ ирҭеит. Ажәларгьы ирҳәаз ражәа нарыгӡеит.

14 Уи адагьы, аҳ Иудеиа напхгаҩыс саныҟаиҵа инаркны, Артаксе́ркс аҳра аниуаз ҩажәатәи ашықәс инаркны ҩажәеижәаҩатәи ашықәс аҟынӡа, жәаҩа шықәса рыҩныҵҟа, сашьцәеи сареи анапхгаҩы иқәнагаз афатә ҳгаӡомызт. 15 Сара саԥхьа иҟаз анапхгаҩцәа ажәлар дыргәаҟуан, есыҽны ачеи аҩи рзы 40 ше́кель* араӡны рымырхуан. Урҭ рмаҵуцәагьы ажәлар дыргәаҟуан. Сара сакәзар, ус ҟасҵаӡомызт, избанзар Анцәа сицәшәон.

16 Уи инеиҳангьы, сара схаҭагьы аҭӡамц аҿы аус зуан, смаҵуцәа зегьы аус руан, мхыкгьы ҳамгаӡеит. 17 Сыстол иахатәаны акрысыцырфон 150-ҩык аиудеиааи, анапхгаҩцәеи, иара убас егьырҭ ажәларқәа рҟынтә иаауази. 18 Есыҽны сара сзы идырхион* цәык, иԥсылаз ауасақәа фба, насгьы еиуеиԥшым аԥсаатәқәа, есжәамш меигӡарахда аҩы ықәдыргылон. Аха анапхгаҩы иқәнагаз афатә саҳәаӡомызт, избанзар ажәлар уеизгьы ирцәыуадаҩын. 19 Сынцәа, сугәаларшәа, ари ажәлар ирзыҟасҵаз зегь азы усзылԥха.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра