Неемиа
13 Уи аҽны ажәлар Моисеи ишәҟәы рыбжьы ҭыганы ирзаԥхьон. Уа ианын аммо́нааи моа́вааи Анцәа ду иеизара иахәҭакхар шрылымшо, 2 избанзар дара израильаа ачеи аӡи рырымҭаӡеит, уи аҭыԥан Валаа́м аԥара изыршәеит ишәиирц азы, аха Ҳанцәа ашәи зылԥхараны иҟаиҵеит. 3 Израильаа азакәан иаҳәоз анраҳа, атәым шьҭра иатәыз* зегьы рылырго иалагеит.
4 Уаанӡа ԥшьаҩыс иҟаз Анцәа иҩны аҵәахырҭа уадақәа ирхылаԥшуаз То́виа иуа Ельиаши́в иакәын. 5 Иара кәырбанс инаргоз ачеи, аладани, еиуеиԥшым амаҭәарқәеи, алевитцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи иртәыз ачарыци*, аҩи, ахәшеи рҟынтә ажәабатәи ахәҭеи, аԥшьаҩцәа рзы хатәгәаԥхарала иҟарҵоз аҳамҭақәеи уаанӡа иахьышьҭарҵоз аҵәахырҭа уада ду То́виа ииҭеит.
6 Убри аамҭа зегьы сара Иерусалим сыҟаӡамызт, избанзар вавилонтәи аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз 32-тәи ашықәс азы сара аҳ иахь схынҳәит, аамҭак ашьҭахь еиҭа аҳ сыҽимысхит. 7 Иерусалимҟа саныхынҳә, сара еилыскааит Ельиаши́в аиакәым шыҟаиҵаз: иара Анцәа ду иҩны ашҭаҿы иҟаз аҵәахырҭа уада То́виа ииҭеит. 8 Сара уи даараӡа исгәамԥхаӡеит, убри азы аҵәахырҭа уада аҟынтә То́виа иитәыз зегь дәылганы икасыжьит. 9 Нас аҵәахырҭа уадақәа дрыцқьарц расҳәеит, насгьы Анцәа ду иҩны иатәыз амаҭәарқәеи, кәырбанс инаргоз ачеи, аладани еиҭа уахь иназгеит.
10 Иара убас еилыскааит алевитцәа ирыхәҭаз шрырымҭоз, уи иахҟьаны алевитцәеи ашәаҳәаҩцәеи рмаҵзура ааныжьны, дасу рымхқәа рахь ишцаз. 11 Сара аиҳабацәа срацәҳан, ус сҳәеит: «Анцәа ду иҩны изахыламԥшуеи?» Нас ицаз ааизызган, дасу рҭыԥқәа рахь исырхынҳәит. 12 Аиудеиаа зегьы аҵәахырҭа уадақәа рахь ачарыци, аҩи, ахәшеи рҟынтә ажәабатәи ахәҭа ааргеит. 13 Сара аԥшьаҩы Шеле́миеи, ахҩылааҩ Цадо́ки, алевит Педа́иеи аҵәахырҭа уадақәа рхылаԥшра рнапы ианысҵеит, цхырааҩысгьы Матта́ниа иԥа Закку́р иԥа Хана́н дрысҭеит, избанзар дара зегьы узықәгәыӷыртә иҟаз уаан. Дара рашьцәа ирыхәҭаз рзыршалар акәын, уи дҵас ирыдын.
14 Сынцәа, сугәаларшәа, сусқәагьы угәаларшәа, иухоумыршҭын уҩнахьы иаасырԥшыз гәыбылрала иҭәу абзиабара, иухоумыршҭын уа амаҵзура мҩаԥысларц азы иҟасҵаз аусқәа.
15 Урҭ амшқәа раан сара избон Иудеиа ауаа асабшаҽны ажьхәагаҿы ажь шырхәоз, ачарыци, аҩи, ажьи, алаҳаи, уҳәа убас иҵегьы, аҽадақәа ирықәҵаны, Иерусалимҟа ишааргоз, убри аҟынтә сара урҭ ргәырҽанысҵеит уи аҽны акгьы рымҭиларц*. 16 Ақалақь аҿы инхоз тираа аԥсыӡи еиуеиԥшым аҭитәқәеи ааганы, асабшаҽны аиудеиааи Иерусалим инхози иддыраахәон. 17 Сара иудеиатәи ауаа дуқәа срацәҳан, ус сҳәеит: «Абри аҩыза аиакәым шԥаҟашәҵо? Асабша шԥеилажәго? 18 Шәабацәа рабацәагьы убриоуп иҟарҵоз, уи иахҟьаны Ҳанцәа ари ақалақьи ҳареи абарҭ арыцҳарақәа ҳрықәиршәеит. Шәара асабша еилаганы, Анцәа израильаа еиҳагьы игәы рзыԥжәарц шәашьҭоуп».
19 Сара исҳәеит ахәлара иалагаанӡа, асабша ааиаанӡа, Иерусалим агәашә адыркларц, асабша ииасаанӡагьы иаадмыртларц. Иара убас агәашә аԥхьа смаҵуцәа шьоукы сыргылеит, асабшаҽны ақалақь ахь аҭитә ҳәа акгьы аарымгаларц азы. 20 Убри аҟынтә ахәаахәҭцәеи еиуеиԥшым аҭитәқәа зҭиуази знык акәу ҩынтә ракәу Иерусалим азааигәара аҵх рхыргеит. 21 Усҟан сара ргәырҽанысҵеит: «Аҭӡамҵ аҿы аҵх зышәхыжәгои? Даҽазнык убри аҩыза збар, снапы шьҭысхуеит, шәымахцә шәанкны шәкасцоит». Убри нахыс уаҳа асабшаҽны иааӡомызт.
22 Сара алевитцәа ирасҳәеит еснагь рҽыдрыцқьаларц, насгьы иааны агәашә рыхьчаларц, асабшатәи амш цқьаны иаанхаларц азы. Сугәаларшәа, Сынцәа, убри азгьы, срыцҳашьа, уара гәыбылрала иҭәу абзиабара дуӡӡа ааурԥшуеит.
23 Урҭ амшқәа раан сара иара убас еилыскааит аиудеиаа ашдо́даа рыԥҳацәеи, аммо́наа рыԥҳацәеи, моа́ваа рыԥҳацәеи ԥҳәысс ишыргоз. 24 Абжаҩык урҭ рыҷкәынцәа ашдо́даа рбызшәала ицәажәон, абжаҩык — егьырҭ ажәларқәа рбызшәала ицәажәон, ауриацәа рбызшәала аӡәгьы дцәажәаӡомызт. 25 Убри аҟынтә сара урҭ срацәҳауан, исшәиуан, шьоук сыпҟон, рыхцәқәа ыҵысхуан. Сара урҭ Анцәа ила исырқәит, абасгьы расҳәеит: «Шәыԥҳацәа урҭ рыҷкәынцәа ԥҳәысс ирышәымҭалан, шәыҷкәынцәа рзгьы урҭ рыԥҳацәа ԥҳәысс ишәымгалан. 26 Урҭ ирыхҟьаны акәӡами израильтәи аҳ Соломон агәнаҳа зыҟаиҵаз? Иара иҩыза аҳ дызмаз жәларыкгьы ыҟаӡам. Анцәа уи бзиа дибон, убри азоуп Израиль зегь аҳас дзахаиргылаз. Аха атәым жәлар иртәыз аҳәсақәа убриҵәҟьагьы агәнаҳа идырҟаҵеит. 27 Абри аҩыза ацәгьара дуӡӡа шԥаҟашәҵо? Атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса ааганы Анцәа дышԥашәыԥсахуеи?»
28 Аԥшьаҩ хада Ельиаши́в иԥа Иоиа́да иԥацәа руаӡәк Бет-Хоро́н иатәыз Санвалла́т имаҳә иакәхеит, убри азы сара уи дыԥхасҵеит.
29 Сынцәа, иухоумыршҭын дара аԥшьаҩцәа рмаҵзура шырҟьашьыз, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, уареи ишәыбжьоуҵаз аиқәшаҳаҭра шеиларгаз*.
30 Сара ажәлар иртәымыз зегь аҟынтә исрыцқьеит, аԥшьаҩцәеи алевитцәеи дасу рмаҵзура инақәыршәаны адҵақәа рысҭеит, 31 ианаамҭоу амҿы ааргаларц, раԥхьатәи аҽаҩрагьы ааргаларц азы иаҭахыз зегь еиҿыскааит.
Сынцәа, сугәаларшәа, иҟасҵаз азы усзылԥха.