Римаа рахь
16 Сшәыҳәоит, гәыкала дшәыдышәкыл Кенхре́иа иҟоу аизараҿы амаҵ зуа ҳаҳәшьа Фи́ва. 2 Дшәыдышәкыл, Иҳақәиҭу Иисус имаҵзуҩцәа шшәыдышәкыло еиԥш. Ацхыраара лҭаххар, илыгшәмыжьын, избанзар ларгьы дзыцхраахьоу рацәаҩуп, саргьы уахь сналаҵаны.
3 Сысалам рышәҭ Христос Иисус иус сыцназыгӡо При́скеи Аки́леи. 4 Дара сара сзыҳәан рхы ашәарҭара иҭадыргылахьан. Сара урҭ иҭабуп ҳәа расҳәоит, сара сымацара сакәӡам, иауриам аизарақәагьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит. 5 Урҭ рыҩнаҿы имҩаԥысуа аизарагьы сысалам рышәҭ. Асалам сызишәҭ бзиа избо Епене́т. Иара Азиа* зегь раԥхьа Христос иҵаҩны иҟалаз дыруаӡәкуп. 6 Асалам сызлышәҭ шәара шәзы аџьабаа ӷәӷәа збахьоу Мариа. 7 Асалам сызрышәҭ исыцҭакыз сҭынхацәа Андрони́ки Иу́нии. Апостолцәа урҭ ибзианы ирдыруеит. Дара сара саԥхьагьы Христос иҵаҩцәа ракәхахьан.
8 Сысалам ишәҭ бзиа избо, Иҳақәиҭу имаҵ сыцызуа сҩыза Амплиа́т. 9 Сысалам рышәҭ Христос имаҵ сыцызуа Урба́ни бзиа избо сҩыза Ста́хии. 10 Асалам ишәҭ Христос иҿаԥхьа ахьӡ бзиа зырҳаз Апелле́с. Аристобу́л иҭаацәагьы асалам сызрышәҭ. 11 Сысалам рышәҭ сыуа Иродио́н, иара убас Нарки́сс иҭаацәа рҟынтә Иҳақәиҭу Христос ишьҭанеиуа. 12 Асалам сызрышәҭ Иҳақәиҭу изы гәыкала аџьабаа збо Трифе́неи Трифо́сеи. Сысалам лышәҭ бзиа иаҳбо Перси́да, ларгьы Иҳақәиҭу изы аџьабаа лбахьеит. 13 Асалам сызишәҭ гәыкала Иҳақәиҭу Иисус имаҵ зуа Руф, иара убас сысалам лышәҭ анык леиԥш исзыҟалаз иан. 14 Асалам сызрышәҭ Асинкри́т, Флего́нт, Герме́с, Патро́в, Герма́с, иара убас урҭ ирыцу аишьцәагьы. 15 Асалам сызрышәҭ Филоло́ги Иулиеи, Нире́и иаҳәшьеи иареи, асалам сызишәҭ Олимпа́н, сысалам рышәҭ урҭ ирыцу иԥшьоу зегьы. 16 Аԥсшәа анеибышәҳәо, гәыцқьала шәеибагәӡла. Христос иеизарақәа зегьы асалам шәырҭоит.
17 Сашьцәа, сшәыҳәоит: аизараҿы акзаара еилазго, егьырҭ рхаҵара́ зырԥсыҽуа, ишәҵахьоу акәымкәа зынӡа даҽак шәзырҵо ауаа шәҽырцәышәыхьчала. Ус еиԥш иҟоу ауаа шәааигәа инашәмышьҭлан. 18 Урҭ зымаҵ руа Иҳақәиҭу Христос иакәӡам, ргәаҳәарақәа роуп. Дара ауаа иргәаԥхо раҳәо, ажәа хаақәа рыла иржьоит. 19 Шәара шәакәзар, Анцәа шәшизыӡырҩуа зегьы ирдыруеит, сара уи даараӡа сеигәырӷьоит. Аха сара исҭахуп абзиара аҟаҵаразы аҟәыӷара шәымазарц, ацәгьара аҟаҵашьа шәзымдыруазарц. 20 Иаарласны аҭынчра ҳазҭо Анцәа амчра шәиҭоит, Аҩсҭаа дыцҟьа-шәҟьа дықәышәҵарц азы. Иҳақәиҭу Иисус иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.
21 Асалам шәиҭоит Анцәа имаҵ сыцызуа Тимофеи, иара убас асалам шәырҭоит сҭынхацәа Лу́ции, Иасо́ни, Сосипа́три.
22 Саргьы, ари асаламшәҟәы зыҩуа шәашьа Те́рти, ақьырсиантә салам шәысҭоит.
23 Асалам шәиҭоит зыҩнаҿы аизара мҩаԥысуа, саргьы гәыкала сыздызкылаз Гаи. Асалам шәырҭоит ақалақь аԥараҵәахырҭа аиҳабы Ера́сти иашьа Кварти. 24 ——*
25 Ишәыласырҵәо ажәабжь бзиеи Иисус Христос изку ажәабжь бзиеи рыла Анцәа шәирӷәӷәар илшоит. Уи ажәабжь бзиа иԥшьоу амаӡа иадҳәалоуп. Иара акыраамҭа иҵәахын, аха уажәы Анцәа ауаа ирзааиртит. 26 Анцәа Аҩыра иану аԥааимбаражәақәа рыла уажәшьҭа уи амаӡа ҳзааиртит. Наӡаӡатәи Анцәа уи амаӡа ажәларқәа зегьы еилыркаарц иҭаххеит, избанзар иара иҭахуп урҭ ахаҵара роурц, насгьы изыӡырҩра иалагарц. 27 Иисус Христос иҟаиҵаз азы зегь реиҳа иҟәыӷоу Анцәа наӡаӡа хьӡи-ԥшеи ирҭалааит. Амин.