1 Иоанн
1 Аханатә иҟаз, ҳаззыӡырҩуаз, ҳаблақәа рыла иаҳбоз, зусқәа ҳбоз, ҳазлакьысуаз, аԥсҭазаара узҭо ажәа ҳзаазгаз изкны ишәзаҳаҩуеит. 2 Ҳара Ҳаб иҳаиҭо наӡаӡатәи аԥсҭазаара аӡбахә ҳаҳаит, иагьеилаҳкааит, шәаргьы уи аӡбахә шәзеиҭаҳҳәоит. 3 Ҳара иаҳбаз, иҳаҳаз атәы шәзеиҭаҳҳәоит, шәареи ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаҟазарц азы, Ҳаби Иисус Христоси аӡәк иеиԥш ишыҟоу еиԥш. 4 Ҳара уи аӡбахә шәзаҳаҩуеит, ҳгәы еиҳагьы гәырӷьарала иҭәырц азы.
5 Абар ҳара Иисус иҟынтә иҳаҳаз, шәаргьы ишәылаҳҳәо ажәабжь: Анцәа длашароуп, иара зынӡа алашьцара илаӡам. 6 Ҳара иаҳҳәозар иареи ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп ҳәа, аха алашьцараҿы ҳныҟәозар, амц ҳҳәоит, аҵабырг иаҳәогьы ҳақәныҟәаӡом. 7 Аха иара алашараҿы дшыҟоу еиԥш алашараҿы ҳныҟәалар, ҳара зегьы аӡәк иеиԥш ҳҟалоит, Иԥа, Иисус, ишьагьы ҳагәнаҳақәа зегь рҟынтә ҳарыцқьоит.
8 Агәнаҳа ҳалаӡам ҳәа ҳҳәозар, ҳхы ҳжьоит, аҵабырггьы агәра ҳгаӡом. 9 Агәнаҳа шыҟаҳҵаз аартны иаҳҳәозар, Анцәа иҳанаижьуеит, ҳагьирыцқьоит, избанзар иара диашоуп, уиқәгәыӷыртә дыҟоуп. 10 Агәнаҳа ҟаҳамҵаӡеит ҳәа ҳҳәозар, Анцәа дымцҳәаҩушәа ааҳарԥшуеит, иажәақәагьы рыгәра ҳгаӡом.