1 Иоанн
2 Бзиа избо схәыҷқәа, ари зышәзысыҩуа агәнаҳа ҟашәымҵарц азоуп. Аха аӡәы агәнаҳа ҟаиҵаргьы, Ҳаб иҿы иҟоу, иара иҿаԥхьа аус бзиақәа ҟазҵо ацхырааҩ дҳамоуп — уи Иисус Христос иоуп. 2 Иара ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿызхуа, Анцәеи ҳареи ҳаинзыршәо кәырбануп. Уи ҳагәнаҳақәа рзы мацара акәым, адунеи зегь иқәынхо ауаа рыгәнаҳақәа рзгьы дкәырбануп. 3 Христос иԥҟарақәа наҳагӡозар, дшаҳдыруа ааҳарԥшуеит. 4 Сара уи дыздыруеит ҳәа зҳәо, аха иԥҟарақәа назмыгӡо дымцҳәаҩуп, аиашара илам. 5 Иажәа назыгӡо иакәзар, Анцәа бзиа дшибаҵәҟьо ааирԥшуеит. Ҳаргьы уи наҳагӡозар, иареи ҳареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу ааҳарԥшуеит. 6 Иареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп ҳәа зҳәо, Иисус иеиԥш дынхалароуп.
7 Бзиа избо схәыҷқәа, сара ишәзысыҩуа иҿыцу ԥҟараӡам, аханатә аахыс ижәдыруа жәытә ԥҟароуп. Ари ажәытә ԥҟара шәара ишәаҳахьеит. 8 Аха уеизгьы ишәзысыҩуа аԥҟара — ҿыцуп. Уи Христос инаигӡоз, шәаргьы инашәыгӡо ԥҟароуп. Уажәшьҭа алашьцара ҳхыҵуеит, уажәнатә алашара каххаа иаҳхаԥхоит.
9 Алашараҿы сыҟоуп ҳәа зҳәо, аха зашьа дызцәымӷу, макьана алашьцара дыҵоуп. 10 Зашьа бзиа дызбо алашараҿы дыҟоуп, иара акгьы дахҟьашаӡом. 11 Аха зашьа дызцәымӷу алашьцара дыҵоуп, дахьныҟәогьы лашьцароуп. Иара дахьцо ибаӡом, избанзар алашьцара инарбаӡом.
12 Бзиа избо схәыҷқәа, ишәзысыҩуеит, избанзар Иисус иаҳаҭыразы шәыгәнаҳақәа шәанажьуп. 13 Ишәзысыҩуеит абацәа, избанзар шәара аханатә аахыс иҟоу дыжәдыруеит. Ишәзысыҩуеит аҿарацәа, избанзар Аҩсҭаа* шәииааит. Ишәзысыҩуеит ахәыҷқәа, избанзар шәара Ҳаб дыжәдыруеит. 14 Ишәзысыҩуеит абацәа, избанзар шәара аханатә аахыс иҟоу дыжәдыруеит. Ишәзысыҩуеит аҿарацәа, избанзар шәара шәыӷәӷәоуп, Анцәа иажәа агәра жәгоит, Аҩсҭаагьы* шәииааит.
15 Ари адунеи бзиа ишәымбан, уи иатәугьы акгьы бзиа ишәымбан. Ари адунеи бзиа избо, Ҳаб бзиа дибаӡом, 16 избанзар ари адунеи аҿы иҟоу зегьы — ацәеижь агәаҳәарақәа, аблақәа ирҭаху, амал алаҽхәара — Ҳаб итәӡам, ари адунеи ауп изтәу. 17 Ари адунеи агәаҳәарақәеи иареи ииасуеит, Анцәа игәы иақәшәо ҟазҵо — наӡаӡа дынхалоит.
18 Схәыҷқәа, ари аҵыхәтәантәи асааҭ ауп. Шәара ишәаҳахьеит антихрист даараны дшыҟоу, уажәы антихристцәа рацәахеит. Убри алагьы иаҳдыруеит ари аҵыхәтәантәи асааҭ шакәу. 19 Урҭ ҳара иҳаиуаз ракәын, аха иҳалҵит, избанзар ҳара иҳаиԥшӡамызт. Ҳара иҳаиԥшызҭгьы, ҳабжьара иаанхон, аха иҳалҵит, ҳара ишҳаиԥшым убарҭахарц азы. 20 Шәара Иԥшьоу ила шәалхуп*, шәара зегьы адырра шәымоуп. 21 Ари зышәзысыҩуа аҵабырг ахьышәзымдыруа азы акәӡам, иахьыжәдыруа азоуп, насгьы аҵабырг амц ахьахылымҿиаауа азоуп.
22 Иисус — Христос иакәӡам ҳәа зҳәо дымцҳәаҩӡами? Уи дантихриступ, Абгьы Аԥагьы рыгәра игаӡом. 23 Аԥа дхазымҵо Абгьы димаӡам, Аԥа дхазҵо Абгьы димоуп. 24 Шәара аханатә ишәаҳахьаз ҟашәҵала. Аханатә ишәаҳаз ҟашәҵалар, Аԥеи шәареи аӡәк иеиԥш шәҟалоит, иара убас Аби шәареи аӡәк иеиԥш шәҟалоит. 25 Иара наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳақәиргәыӷит.
26 Абри зышәзысыҩуа шьоукы шәыржьарц иахьашьҭоу азоуп. 27 Шәара Анцәа иԥшьоу идоуҳала шәалихит*. Шәара уи адоуҳа шәымоуп, убри аҟынтә шәырҵара аҭахӡам. Анцәа аҵара шәирҵоит, избанзар иара шәалихит, ҵабыргыҵәҟьаны шәалихит. Иара ишышәирҵаз еиԥш, иареи шәареи аӡәк иеиԥш шәыҟаз. 28 Схәыҷқәа, иареи шәареи аӡәк иеиԥш шәыҟаз, имчра анааирԥшлак, ҳамшәакәа иҿаԥхьа ҳгыланы ҳцәажәаларц, насгьы ҳаԥхашьаны ҳҽаҳамҵәахырц азы. 29 Иара дышиашоу жәдыруазар, ииашаны зхы мҩаԥызго зегьы Анцәа иҟынтә ишизгьы жәдыруеит.