1 Фессалоникаа рахь
2 Ҳашьцәа, шәара шәхаҭақәагьы ибзианы ижәдыруеит ҳара шәара шәахь баша ҳшымнеиз. 2 Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара Фили́пп ақалақь аҿы даараӡа ҳгәаҟит, иҟоу зегь ҳзаарцеит. Аха Анцәа агәымшәара ҳаиҭеит, иажәабжь бзиа шәзеиҭаҳҳәарц азы, ӷәӷәала ишаҳҿагылазгьы. 3 Ишәаҳҳәо шьаҭас иамоу ииашам ак акәӡам, ҳгәы ацәгьара ҭакӡам, шәаҳжьарцгьы ҳашьҭаӡам. 4 Анцәа ихаҭа ажәабжь бзиа аҳәара ҳаԥсоуп ҳәа иԥхьаӡеит, убри азоуп иаҳҳәо убас изаҳҳәо, ус изаҳҳәо ауаа ргәы ҟаҳҵарц азы акәӡам, ҳагәқәа ҭызҵаауа Анцәа игәы ҟаҳҵарц азоуп.
5 Шәара ижәдыруеит феидак ҳауп ҳәа ҳашәҿагәыбзыӷуа ҳшышәмацәажәоз, шәшаҳамжьоз, уи Анцәа ибоит! 6 Иара убас шәара шәоума, даҽа шьоук роума, лымкаала иҳазныҟәалоит ҳәа ҳазыԥшӡамызт, Христос иапостолцәа раҳасабала ҳхарџь ахҩара шәҳацхраалоит ҳәа ҳазыԥшыр шҳалшозгьы. 7 Уи аҭыԥан хаала ҳшәызныҟәон, ан агәыԥҳәы иаҵоу лысаби хаала дышихӡыӡаауа еиԥш ҳшәыхӡыӡаауан. 8 Ҳгәы шәзыбылуеит азы, Анцәа иажәабжь бзиа шәаҳәара мацара адагьы, ҳхы-ҳаԥсы шәаҳҭар ҳҭаххеит, избанзар даараӡа бзиа шәаҳбеит.
9 Ҳашьцәа, шаҟа аџьабаа ҳбоз жәдыруеит. Анцәа иажәабжь бзиа аншәылаҳҳәоз, уахгьы-ҽынгьы аус уа, ҳхала ҳхы ныҟәаҳгон, уадаҩрак шәалаҳамҵарц азы. 10 Шәара шәеиԥш, Анцәагьы дшаҳаҭуп, шәара шәҿы, ахаҵара змоу шәҿы, ҳаныҟаз, уҳақәгәыӷыртә ҳшыҟаз, ҳхымҩаԥгашьа шыцқьа-шәқьаз, ак ҳавубо ҳшыҟамыз. 11 Шәара ижәдыруеит аб ихәыҷқәа дшырзыҟоу еиԥш ҳшышәзыҟаз: зегьы шәгәы шьҭаҳхуан, шәгәы ҳарӷәӷәон, ҳшәылабжьон, 12 Анцәа ихьӡ-иԥшеи Иаҳреи роурц азы иааиԥхьо имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгаларц азы.
13 Ҳара еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, ҳара ҳҟынтә Анцәа иажәа аншәаҳа, уи ауаҩы иажәа еиԥш акәымкәа, иара шыҟаҵәҟьоу — Анцәа иажәа еиԥш — иахьшәыдышәкылаз. Уи ажәа шәара, ахаҵара змоу, ишәыцхраауеит. 14 Ҳашьцәа, шәаргьы Иудеиа иҟоу Анцәа иитәу ақьырсиантә еизара зықәшәаз аԥышәарақәа шәрықәшәеит. Иудеиа иҟоу ҳашьцәа аиудеиаа шрызныҟәаз еиԥш, шәаргьы шәызланхо ауаа рҟынтә аума шәхыжәгахьеит. 15 Аиудеиаа Иҳақәиҭу Иисуси аԥааимбарцәеи ршьит, ҳаргьы иҳашьҭашәарыцон. Дара Анцәа игәы ҟарҵаӡом, зегьы ԥырхага рызҭаша ауп иҟарҵо, 16 избанзар дара иауриам ажәабжь бзиа рылаҳәара иаҳԥырхагоуп, уи ажәабжь урҭ еиқәнархоит. Убасала рыгәнаҳақәа еиҭа агәнаҳа ацырҵоит. Аха иаарласны Анцәа игәыԥжәара рыхьӡоит.
17 Ҳашьцәа, шәареи ҳареи аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа ҳанеиԥырырх, гәыла-ԥсыла шәара шәҿы ҳшыҟазгьы, шәаҳбарц азы иҳалшоз зегь ҟаҳҵон, избанзар даараӡа шәаҳбар ҳҭахын. 18 Убри аҟынтә иаҳҭахын шәара шәахь ҳнеир. Сара, Павел, уи знык акәым, ҩынтәгьы сгәы иҭаскхьан, аха Аҩсҭаа ҳамҩа аиркуан. 19 Иҳақәиҭу Иисус даныхынҳәуа, гәыӷырҭас, гәырӷьарас, ҳзеигәырӷьо ҳамҭас иҳауада? Шәара шәакәӡами? 20 Ааи, шәара ҳахьӡ-ҳаԥшеи ҳгәырӷьареи шәоуп.