Тит иахь
1 Сара, Павел, Анцәа имаҵуҩы, Иисус Христос иапостол соуп. Анцәа иалихыз ирымоу аҩыза ахаҵареи гәыкала Анцәа иахь азиашара шаарԥшлатәу узырбо аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәеи сымоуп. 2 Ахаҵареи ииашоу адыррақәеи рыбзоурала наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳамоуп. Амц ззымҳәо Анцәа жәытә-натә аахыс уи ҳақәиргәыӷуеит. 3 Аха аамҭа анааи, Ҳаиқәырхаҩ Анцәа иҟынтә снапы иану ажәабжьҳәара ала Анцәа иажәа ааиртит. 4 Исымоу ахаҵара сыцеиҩызшо, аԥа иеиԥш исзыҟоу Тит уахь исыҩуеит:
Ҳаб Ҳанцәеи Ҳаиқәырхаҩ Христос Иисуси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи угымзааит.
5 Сара Крит уаансыжьит, уа иҟоу агхақәа уриашарц, насгьы, ишусырҵаз еиԥш, қалақьцыԥхьаӡа аизара ахылаԥшыҩцәа* алухырц. 6 Аизара ахылаԥшҩы ҽԥныҳәа злаирҭаша акы далаҟамзароуп, ԥҳәыс заҵәык димазароуп, ихәыҷқәа Анцәа дхарҵозароуп. Урҭ рхымҩаԥгашьа ҽеиӡам, иааӡаӡам ҳәа рзырымҳәозароуп. 7 Аизара ахылаԥшҩы Анцәа иусқәа инапы иануп азы, ак ивубо дыҟамзароуп, иҳәатәы иаимыргалароуп, зыԥсахы еибакуа, арыжәтә зҽазыршьуа, ажәала узхәуа, знапы шьҭызхуа иакәымзароуп, аԥаразы зыԥсы цәгьоу, амц зҳәо дреиуамзароуп. 8 Асасдкылара илазароуп*, аус бзиақәа бзиа ибалароуп, ииашаны дхәыцуазароуп, дуаҩ иашазароуп, гәыкала Анцәа дизиашазароуп, аҽынкылара имазароуп. 9 Егьырҭ ак андирҵо, ииашоу Анцәа иажәа дахымԥалароуп, хәарҭа злоу аҵарақәа рыла ргәы шьҭихларц, аха уи адагьы, урҭ аҵарақәа ирҿагыло ахьиашам дирбаларц азы.
10 Избанзар аҿагылаҩцәеи, абарбарҩцәеи, амцҳәаҩцәеи рацәахеит, еиҳараӡак аԥхьатәхсара иадгылоу рыбжьара. 11 Урҭ аанкылалатәуп, избанзар рхатә феидазы иахәҭам дырҵо, аҭаацәарақәа шынеибарку ишьақәдырҟьоит. 12 Рԥааимбарҵәҟьагьы иҳәахьан: «Критаа акы иамыриашо мцҳәаҩцәоуп, ишәарҭоу гыгшәыгқәоуп, зымгәа азага ззымдыруа аашьаҩцәоуп».
13 Ииҳәазгьы иашоуп. Убри аҟынтә урҭ инақәырӷәӷәаны иахьиашам дырбала, рхаҵара ӷәӷәахарц, 14 насгьы аиудеиаа рхыҭҳәаақәеи аҵабырг иаҿагыло ирҳәақәои ирзымӡырҩларц азы. 15 Ицқьоу рзы зегь цқьоуп, аха ахаҵара змам ауаа бжьысқәа, ауаа ҟьашьқәа рзы зегь ҟьашьуп, избанзар урҭ рыхшыҩгьы рыламысгьы ҟьашьуп. 16 Дара Анцәа даҳдыруеит ҳәа рҳәоит, аха русқәа Анцәа дшаанрыжьхьоу удырбоит, избанзар иузычҳауа ракәӡам, ауаҩы иҳәатәы раҳауам, ус бзиакгьы узрыдҵо иҟам.