2 Коринфаа рахь
10 Сара, Павел, Христос илоу аҟәымшәышәреи ақьиареи аарԥшны сшәацәажәоит, ишәасҳәогьы шәықәныҟәар сҭахуп. Аха шәыбжьара шьоукы ирҳәоит саншәыцу сыԥсыҽуп ҳәа, саншәыцым сымшәаӡакәа, иаахтны зегь сҳәоит ҳәа. 2 Сгәыӷуеит шәара шәахь саннеилак, ари адунеи аҿы ауаа шынхо еиԥш ҳанхоит ҳәа зыԥхьаӡо инақәырӷәӷәаны рыриашара сықәшәаӡом ҳәа. 3 Ҳара ари адунеи аҿы ҳшынхогьы, ауаа реиԥш акәӡам ҳшеибашьуа. 4 Ҳазлеибашьуа ауаа рабџьар ала акәӡам, Анцәа иҳаиҭаз абџьар ала ауп. Уи иԥыххааса ишьҭанамҵо баагәаракгьы ыҟам. 5 Ҳара ауаа Анцәа иеилкаара ирԥырхагоу закәызаалакгьы, иарбан гәаанагаразаалакгьы ҿаԥаҳҽуеит, иарбан хәыцразаалак Христос изыӡырҩларц азы иҳатҟәоит. 6 Христос аҵыхәтәанынӡа шәшизыӡырҩуа анаашәырԥшлак, аӡырҩра аазмырԥшуа дарбанзаалак иқәнага иақәыршәара ҳазхиазаауеит.
7 Шәара шәызхәаԥшуа шәыла иабо мацара ауп. Аӡәы Христос дшитәу агәра ганы дыҟазар, даҽазнык абри дазхәыцааит: иара Христос дшитәу еиԥш, ҳаргьы Христос ҳаитәуп. 8 Иҳақәиҭу амчра зҳаиҭаз шәхаҵара ҳарӷәӷәаларц азоуп, шәгәы каҳажьларц азы акәӡам. Уи амчра амцхә сахыҽхәо салагаргьы, уи сацәыԥхашьартә сыҟаӡам. 9 Сысаламшәҟәқәа рыла шәсыршәар сҭахуп ҳәа шәгәы иаанамган. 10 Шьоукы ирҳәоит: «Исаламшәҟәқәа ӷәӷәоуп, амч рымоуп, арахь ара даныҟоу дыԥсыҽуп, ииҳәо азыӡырҩрагьы иаԥсам». 11 Ус зҳәо ауаа ирдыруазааит: ҳасаламшәҟәқәа рҿы иаҳаҩуа ауп уа ҳаннеилак иҟаҳҵогьы. 12 Ҳара зхы ҳаразкуа ҳхы рхаҳаԥхьаӡалар, ма ҳхы рыҿҳарԥшлар ҳҭахӡам. Дара рхатә ԥҟарақәа рыла рхы ахәшьара арҭоит, убасала аилкаара шырзымхо аадырԥшуеит.
13 Ҳара иаҳзалху атерриториа анҭыҵ иҟоу ҳахыҽхәалаӡом. Ҳазхыҽхәало Анцәа иаҳзалихыз атерриториа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҳҵаз ауп, уи атерриториа ахь шәаргьы шәаҵанакуеит. 14 Шәара шәахь ҳаннеи, иаҳзалху аҳәаақәа ҳарҭымсӡеит. Ҳара ҳауп зегь раԥхьаӡа Христос изку ажәабжь бзиа шәзеиҭазҳәаз. 15 Ҳара егьырҭ иҟарҵаз — иаҳзалху аҳәаақәа рынҭыҵ иҟаҵаз — ҳахыҽхәаӡом. Аха ҳгәыӷуеит шәхаҵара шеизҳауа еиԥш, шәыбжьара иҟаҳҵазгьы еизҳалоит ҳәа. Усҟан еиҳагьы еиҳаны аҟаҵара ҳалшоит, 16 избанзар ҳара шәара шәынахыс иҟоу аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжь бзиа еиҭаҳҳәар ҳҭахуп, егьырҭ иҟарҵаз ҳахымыҽхәаларц азы. 17 «Аха аӡәыр дыҽхәозар, Иегова* дихыҽхәалааит». 18 Избанзар Иегова дыззыразу зхы зырҽхәо иакәӡам, иара ирҽхәо иоуп.