Ауриацәа рахь
4 Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь ҳашнеиго ала иҳаиҭаз ажәа макьана амч амоуп азы, шәааи, ҳхы ҳацклаԥшлап, ҳазқәыргәыӷу ҳцәымӡырц азы. 2 Ҳаргьы дара реиԥш ажәабжь бзиа ҳаҳаит. Аха дара уи ажәабжь ахәарҭа рзаанамгаӡеит, избанзар аӡырҩра аазырԥшыз ирымаз ахаҵара аҩыза рымаӡамызт. 3 Ахаҵара змоу ҳтәы ҳҳәозар, ҳара Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь ҳнеиуеит. Адунеи анышьақәыргылаз* аамҭазы Анцәа иусқәа дышрылгахьазгьы, аӡырҩра аазмырԥшыз рзы иара иҳәеит: «Убри аҟынтә сара сгәы ԥжәаны абас сқәит: „Урҭ сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиӡом“». 4 Аҩыраҿы абыжьбатәи амш иазкны иара абас иҳәеит: «Анцәа абыжьбатәи амш аҽны иусқәа зегьы рҟынтә иԥсы ашьара далагеит», 5 иара убас иҳәеит: «Урҭ сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиӡом».
6 Раԥхьаӡа ажәабжь бзиа заҳаз аӡырҩра ахьаадмырԥшыз азы Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь изымнеиӡеит, аха уахь анеира зылшо макьана иҟоуп. 7 Убри азоуп иара еиҭа амш залихуа, насгьы имаҷымкәа аамҭа анца ашьҭахь иара Давид иԥсалом аҿы «иахьа» ҳәа зиҳәо. Хыхь ишҳәаз еиԥш: «Шәизыӡырҩызҭгьы иахьа, абарҭ ажәақәа зҳәо: „Шәҳәатәы иашәмыргалан“». 8 Иисус Нави́н урҭ Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеигазҭгьы, Анцәа ԥыҭрак ашьҭахь даҽа мшык аӡбахә иҳәарымызт. 9 Убри аҟынтә Анцәа ижәлар рзы асабшатәи аԥсшьарамш макьана иаанхоит, 10 избанзар Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиуа иусқәа рҟынтә иԥсы ашьара далагахьеит, Анцәа иусқәа рҟынтә иԥсы ашьара дшалагахьоу еиԥш.
11 Убри аҟынтә, шәааи, иҳалшо зегь ҟаҵаны Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь анеира ҳҽазаҳшәап, аӡырҩра аазмырԥшыз рымҩа ҳанымларц азы. 12 Анцәа иажәа аԥсы ҭоуп, уи амч ду амоуп, наҟ-ааҟ ицҳафыруа аҳәа аасҭа иҵаруп, уи убриаҟара ауаҩы игәаҵанӡа инеиуеит, ҩныҵҟалеи адәахьалеи дзеиԥшроу аанарԥшуеит, иҟәартәрақәеи ихшыбаҩи рҟынӡа инеиуеит, ихәыцрақәеи игәаҳәарақәеи аанартуеит. 13 Анцәа иимбо шамҭак ыҟам, зҿаԥхьа аҭак ҟаҳҵараны ҳаҟоу иҿаԥхьа зегь аартуп, ибзианы ибарҭоуп.
14 Ҳаԥшьаҩ хада ду — Анцәа Иԥа Иисус иоуп. Иара ажәҩан ахь дхалеит. Шәааи, нас, иара дышхаҳҵо анаҩсгьы зегьы ирзеиҭаҳҳәалап. 15 Ҳара ҳаԥшьаҩ хада ҳаԥсыҽрақәа еилкааны ҳрыцҳаишьоит, избанзар иаргьы ҳара ҳаиԥш зегь рыла дԥышәан, аха гәнаҳак ҟаимҵаӡеит. 16 Убри аҟынтә, шәааи, ҳзыԥсам ақьиара аазырԥшуа Анцәа иаҳраҭыԥ ҳазааигәахап, насгьы ҳамшәаӡакәа ҳиҳәалап, ацхыраара анаҳҭаххо аамҭазы арыцҳашьареи ҳзыԥсам ақьиареи ааирԥшырц азы.