Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
16 Сара уи зшәасҳәаз шәхаҵара шәцәымӡырц азоуп*. 2 Шәара асинагога шәалырцоит. Иааиуеит аамҭа шәара шәызшьуа ргәы ианаанагало убасала Анцәа имаҵ руеит ҳәа. 3 Дара ус ҟарҵалоит, избанзар Сабгьы дрыздырӡом, саргьы срыздырӡом. 4 Сара абри зшәасҳәо, уи аамҭа анааилак, уи аӡбахә шшәасҳәахьаз шәгәалашәарц азоуп.
Сара уажәраанӡа уи сымҳәаӡацызт, избанзар сшәыцын. 5 Уажәшьҭа саазышьҭыз иахь сцоит, аха шәара шәҟынтә аӡәгьы уабацо ҳәа дсазҵааӡом. 6 Сажәақәа шәылахь еиқәырҵеит. 7 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара сахьцо шәара ишәзеиӷьуп. Сымцар, ацхырааҩ* дааӡом, сцар, дышәзаасышьҭуеит. 8 Данаалак, адунеи еилыкка иаирбоит агәнаҳаи, аиашареи, Анцәа иӡбареи закәу: 9 раԥхьа агәнаҳа закәу, избанзар дара схарҵаӡом; 10 нас аиашара закәу, избанзар сара Саб иахь сцоит, уаҳа сагьыжәбаӡом; 11 уи ашьҭахь Анцәа иӡбара закәу, избанзар ари адунеи анапхгаҩы иқәыӡбахьеит.
12 Иҵегь ишәасҳәаша рацәоуп, аха уажәы ишәзеилкааӡом. 13 Ацхырааҩ — аҵабырг аазыртуа адоуҳа — данаалак, аҵабырг аҵыхәтәанынӡа еилышәкаарц азы напхгара шәиҭалоит, избанзар иара ихатә ажәақәа ракәӡам ииҳәало, иара иаҳауа ауп ииҳәало. Уи иҟалараны иҟоу шәзеиҭеиҳәоит. 14 Иара хьӡи-ԥшеи сиҭоит, избанзар сара сҟынтә иаҳауа шәылеиҳәоит. 15 Саб имоу зегьы сара истәуп, убри азоуп изысҳәаз ацхырааҩ* сара сҟынтә иаҳауа шәылеиҳәоит ҳәа. 16 Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уаҳа сыжәбаӡом, даҽа ԥыҭраамҭак ашьҭахь сыжәбоит».
17 Усҟан иҵаҩцәа шьоукы еизҵаауа иалагеит: «Иаанагои ииҳәаз: „Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уаҳа сыжәбаӡом, даҽа ԥыҭраамҭак ашьҭахь сыжәбоит“, насгьы „избанзар сара Саб иахь сцоит“?» 18 Дара ирҳәон: «Иаанагои „ԥыҭраамҭак ашьҭахь“? Зыӡбахә иҳәо ҳзеилкаауам». 19 Иисус изызҵаарц ирҭахыз идыруан азы, ус реиҳәеит: «„Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уаҳа сыжәбаӡом, даҽа ԥыҭраамҭак ашьҭахь сыжәбоит“ ҳәа ахьысҳәаз азоума аӡәи-аӡәи шәзеизҵаауа? 20 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: шәара шәҵәыуалоит, шәгәы шәаасуа шәҵәыуалоит, адунеи гәырӷьалоит. Шәара шәгәырҩалоит, аха шәгәырҩа агәырӷьарахь ииасуеит. 21 Аԥҳәыс лыхшараиура аамҭа анааилак, ахьаақәа ддыргәаҟуеит, аха ахәыҷы данилак, лхьаақәа лхашҭуеит, избанзар ауаҩԥсы дахьиз деигәырӷьоит. 22 Шәаргьы убасоуп. Уажәы шәгәырҩоит, аха еиҭах шәанызбалак, шәгәырӷьоит, уи агәырӷьара аӡәгьы ишәымихӡом. 23 Уи аҽны зҵааракгьы сышәҭаӡом. Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сыхьӡала Саб шәзызиҳәозаалакгьы, ишәиҭоит. 24 Уажәраанӡа сыхьӡала акгьы шәамыҳәаӡацызт. Шәаҳәала — ишәоуеит, шәгәырӷьара нагӡахарц азы.
25 Сара уи аҿырԥштәқәа схы иархәаны ауп ишшәасҳәо. Аха иааиуеит аамҭа аҿырԥштәқәа уаҳа схы ианасмырхәало, Саб иӡбахә иаартны ианшәасҳәо. 26 Уи аҽны шәара сыхьӡала Саб шәиҳәалоит, шәара шәзы сара сиҳәалоит ҳәа акәӡам исҳәо. 27 Саб бзиа шәзибо сара бзиа сахьыжәбо, насгьы Анцәа сшааишьҭыз агәра ахьыжәго азоуп. 28 Сара ари адунеи ахь Саб иҟынтә сааит. Уажәшьҭа адунеи ааныжьны, Саб иахь сцоит».
29 Иҵаҩцәа ус рҳәеит: «Уажәшьҭа уара аҿырԥштәқәа ухы иамырхәакәа, иаартны уцәажәоит. 30 Ҳара иаҳбоит уара зегь шудыруа, ауаҩы азҵаара шьҭихаанӡагьы, игәы иҭоу шудыруа. Уи Анцәа иҟынтә ушааз агәра ҳнаргоит». 31 Иисус иҳәеит: «Уажәшьҭа агәра жәгома? 32 Иааиуеит аамҭа, уи иагьааихьеит, зегьы схала сааныжьны, шәыҩныҟақәа рахь шәеимбӷьыжәаа шәанцо. Аха сара схала сыҟаӡам, избанзар Саб дсыцуп. 33 Абри зегьы зшәасҳәо, сара сыла аҭынчра шәымазарц азоуп. Адунеи аҿы арыцҳарақәа шәзыԥшуп, аха шәымшәан, шәгәы ӷәӷәаз! Сара адунеи саиааит».