1 Фессалоникаа рахь
4 Ҳашьцәа, ҳара Анцәа игәы иахәо шыҟаҵалатәу шәҳарҵеит, убас иагьыҟашәҵоит. Уажәшьҭа, ҳшәыҳәоит, Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала акы иеиԥшымкәа ҳшәыҳәоит, анаҩсгьы шәҳаҵҳаҵо убас ҟашәҵала. 2 Шәара ижәдыруеит иарбан мҩақәҵарақәоу Иҳақәиҭу Иисус иҟынтә ишәаҳҭаз.
3 Анцәа иҭахуп шәыԥшьазарц, насгьы асексуалтә ламысдара* шәҽацәышәыхьчаларц. 4 Дасу ицәеижь* даԥшәымазарц азы иҟаҵатәу идыруазар ауп, уи ԥшьаны, ицқьаны ихьчаларц азы. 5 Анцәа дыззымдыруа ауаа реиԥш шәыԥсы қымқымуа, шәыҽшәызнымкыло, агәаҳәара ҟьашьқәа шәыҽрышәымҭалароуп. 6 Аӡәымзар-аӡәы иашьа ԥырхага изҭо, иахәҭам ак ҟаимҵалароуп. Иегова* ус ҟазҵо зегьы рықәнага иақәиршәоит. Уи атәы шәаҳҳәахьан, ӷәӷәалагьы шәгәышәҽанаҳҵахьан. 7 Анцәа ҳзааиԥхьаз ицқьам ԥсҭазаарала ҳанхаларц азы акәӡам, ҳаԥшьазарц азы ауп. 8 Убри аҟынтә арҭ алабжьарақәа мап рцәызкуа мап зцәикуа ауаҩ иакәӡам, мап зцәикуа иԥшьоу адоуҳа ҳазҭо Анцәа иоуп.
9 Еишьцәаҵас бзиа шәшеибабалаша атәы аҩра аҭахӡам ҳәа ҳгәы иаанагоит, избанзар Анцәа ихаҭа бзиа шәшеибабалаша шәирҵеит. 10 Ҳәарада, шәара Македониа иҟоу аишьцәа зегь бзиа ижәбоит, аха уеизгьы, ҳашьцәа, еиҳаны абзиабара аашәырԥшларц шәгәазҭаҳҵоит. 11 Ишшәаҳҳәахьоу еиԥш, ҭынч шәынхала, ишәусым шәус алашәымҵалан, шәхатә џьабаала шәхы ныҟәыжәгала. 12 Усҟан шәхымҩаԥгашьа бзиа азы инаԥшуа ауаа ҳаҭыр шәықәырҵалоит, ишәыгхо ҳәагьы акгьы ҟалаӡом.
13 Ҳашьцәа, иаҳҭахуп иԥсхьоу ирзыԥшу жәдыруазарц, агәыӷра змам егьырҭ ауаа реиԥш шәымгәырҩаларц. 14 Иисус дшыԥсыз, насгьы иԥсы шҭалаз агәра ҳгозар, иԥсыз иҵаҩцәагьы Анцәа рыԥсы шҭеиҵо агәра ҳгоит, иара* ицзарц азы. 15 Иегова иажәа инақәыршәаны ҳара ишәаҳҳәо абри ауп: Иҳақәиҭу даныхынҳәуа аамҭазы ҳара ҳҟынтә зыԥсы ҭазаауа иԥсхьоу раԥхьа ҳаԥсы ҭалаӡом, 16 избанзар Иҳақәиҭу ихаҭа Анцәа ибыкь кны ажәҩан аҟынтә дылбаауеит, ибыжь ду — архангел ибжьы — иргоит, ааԥхьара ҟаиҵоит. Усҟан иҵаҩцәаны ишыҟаз Христос ицыԥсыз зегь раԥхьаӡа рыԥсы ҭалоит. 17 Уи ашьҭахь ҳара ҳҟынтә зыԥсы ҭазаауа аԥҭақәа ҳрылаланы дара рахь ҳхалоит, Иҳақәиҭуи ҳареи ажәҩан аҿы ҳаиқәшәарц азы: Иҳақәиҭуи ҳареи еснагь ҳаицыҟазаауеит. 18 Абарҭ ажәақәа рыла шәгәы шьҭибахла.