1 Тимофеи иахь
4 Аха Анцәа идоуҳа еилыкка иаҳәоит ишааиуа аамҭа шьоукы рхаҵара ианацәхьаҵуа, избанзар узырҩашьо ажәақәеи адемонцәа рҵарақәеи ирзыӡырҩлоит, 2 иршу аихала икылрыблаазшәа зыламыс кылблаау амцҳәаҩцәа рымц иазыӡырҩлоит. 3 Дара ауаа аҭаацәара алалара азин рырҭаӡом, абри шәфар ҟалоит, абри шәфар ҟалаӡом ҳәа рарҳәоит. Аха Анцәа афатә зишаз, ахаҵареи аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адырреи змоу ауаа Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо ирфаларц азоуп. 4 Анцәа иишаз зегь бзиоуп. Иҭабуп ҳәа ҳәаны иуфо мап ацәукыр ҟалаӡом. 5 Уи афатә ԥшьоуп, избанзар Анцәа уи цқьоуп ҳәа иԥхьаӡеит, насгьы уи афатә азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәеит.
6 Абарҭ алабжьарақәа аишьцәа ианруҭо, Христос Иисус имаҵзуҩ бзиа шуакәу ааурԥшуеит, иааурԥшуеит ахаҵара ажәақәеи ак агмыжькәа узықәныҟәо зеиԥшыҟам аҵара ажәақәеи рыла ушеизҳазыӷьо. 7 Аҭакәажәцәа еиҭарҳәо ажәабжьқәа иреиԥшу, Анцәа ихьӡ лазырҟәуа иҟам-ианым ажәабжьқәа урзымӡырҩлан. Уи аҭыԥан гәыкала Анцәа уизиашазарц азы ухы аус адулала*. 8 Избанзар абаҩрҵәыра иузаанаго ахәарҭа маҷуп, Анцәа иахь азиашара аарԥшра атәы ҳҳәозар, уи зегь рыла ихәарҭоуп, избанзар уажәгьы, ҳаԥхьаҟагьы Анцәа ҳзықәиргәыӷыз абзиарақәа риура иҳацхраауеит. 9 Арҭ ажәақәа иашоуп, рыгәра угартә иҟоуп. 10 Убри азоуп ҳара ҳмаашьаӡакәа аџьабаа заҳбо, иҳалшо зегь зыҟаҳҵо. Ус зыҟаҳҵо зыԥсы ҭоу Анцәа ҳахьиқәгәыӷуа азоуп, иара еиуеиԥшым ауаа реиқәырхаҩ иоуп, еиҳараӡак гәык-ԥсыкала имаҵ зуа.
11 Абарҭ амҩақәҵарақәа рыҭареи рырҵареи урҿыз. 12 Уахьқәыԥшу азы аӡәы уатәамбакәа думыхәаԥшлааит, гәыкала Анцәа имаҵ зуа рзыҳәан уҿырԥшыгаз уцәажәашьаҿы, ухымҩаԥгашьаҿы, абзиабареи ахаҵареи раарԥшраҿы, ацқьараҿы. 13 Снеиаанӡа убжьы ҭыганы аԥхьареи, егьырҭ абзиара аҟаҵара ргәазҭаҵареи, арҵареи рганахь ала уҟазара еиӷьтәла. 14 Аизара ахылаԥшыҩцәа* рхеилак рнапқәа ануқәырҵа, аԥааимбаражәа инақәыршәаны иуоуз аҳамҭа уагәҭамсын. 15 Абри зегьы уазхәыцла, ухы убри иазкыз, уқәҿиарақәа зегьы ирбарҭахарц азы. 16 Егьырҭ аҿырԥш бзиа дурбаларц азы, насгьы урҵаҩ бзиазарц азы иулшо зегь ҟаҵала, уааҟәымҵӡакәа абри зегь уаҿыз, избанзар убасала ухгьы иузыӡырҩуагьы еиқәурхоит.