Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Коринфаа 11
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Коринфаа. Ахҳәаа

      • Павели апостолцәа заманақәеи (1—15)

      • Павел дзықәшәоз ауадаҩрақәа (16—33)

2 Коринфаа 11:2

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәацԥыҳәара».

2 Коринфаа 11:3

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Анцәа ибзиабара», ад. 192

2 Коринфаа 11:7

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Проповедуйте!», ад. 148—150

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    4/2019, ад. 4

2 Коринфаа 11:8

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «исырҳәуан».

2 Коринфаа 11:9

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Проповедуйте!», ад. 151

2 Коринфаа 11:23

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    10/2021, ад. 26

2 Коринфаа 11:24

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «40-нтә акы агырханы».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Коринфаа 11:1–33

2 Коринфаа рахь

11 Маҷк саашәычҳар сҭахын, ахшыҩ змам аӡә иеиԥш сыжәбозаргьы. Ус сҳәеит, аха уажәраанӡагьы сычҳара ауп шәызҿу. 2 Сара Анцәа ихыбаара* ала сышәхыбаауеит, избанзар хаҵа заҵәык ԥҳәысс шәышисҭо иасҳәахьан — уи Христос иоуп, ахаҵа дзымбац аԥҳәызба цқьа леиԥшгьы шәисҭар сҭахуп. 3 Аха сшәоит Ева гызмалрыла амаҭ данажьаз ишлыхьыз еиԥш, шәаргьы шәыхшыҩ ҟьашьыр ҳәа, Христос дзыԥсоу ацқьареи абзиабареи шәацәыхҟьар ҳәа. 4 Избанзар аӡәы ҳара зыӡбахә шәзеиҭаҳҳәаз Иисус иакәымкәа, даҽа Иисуск иӡбахә аншәзеиҭеиҳәо, ма ишәоуз адоуҳа акәымкәа, даҽа доуҳак аншәоуа, ма ишәзеиҭаҳҳәоз ажәабжь бзиа акәымкәа, даҽа жәабжь бзиак аншәзеиҭеиҳәо, шәара уи ииҳәо шәыдышәкылоит. 5 Аха сгәы иаанагом шәапостолцәа заманақәа акала среицәоуп ҳәа. 6 Аҿаԥыц сҿамзаргьы, дыррала сӷарым. Ҳара уи ус шакәу зныкымкәа агәра шәҳаргахьеит, агәра злашәҳмыргаз ҳәагьы акгьы ыҟаӡам.

7 Сара Анцәа иажәабжь бзиа шәзеиҭасҳәон, уи азы ак соуеит ҳәагьы сазыԥшӡамызт, насгьы шәара шәҳараскырц азы сара схы ласырҟәуан. Нас, агәнаҳа ҟасҵама? 8 Егьырҭ аизарақәа рҟынтә ацхыраара сыдыскылон, ихсырҵәон* ҳәа сҳәар сылшоит, шәара шәымаҵ зуларц азы. 9 Аха шәара шәҿы амамзаара санаргәаҟуаз, сныҟәгара аӡәгьы иқәымшәаӡеит, избанзар Македониантәи иааз аишьцәа исыгыз зегь сырҭеит, исыгыз инамыцхәынгьы исырҭеит. Ауадаҩра шәаласымҵарц азы еснагь исылшоз зегь ҟасҵон, анаҩсгьы иҟасҵалоит. 10 Аха́иа иаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы уи ахыҽхәара саҟәыҵӡом, Христос аиаша шиҳәарыз еиԥш аиаша сҳәоит. 11 Ус зыҟасҵои? Бзиа шәахьысымбо азоума? Анцәа ибоит бзиа шәшызбо.

12 Аха сара иҟасҵац ҟасҵалоит, иҽхәо, насгьы ҳара иҳаҟароуп ҳәа зҳәо изхыҽхәаша ҳәа акгьы рмоурц азы. 13 Ус еиԥш иҟоу ауаа амцапостолцәоуп. Дара Христос иапостолцәа ракәушәа рхы аарԥшуа, ауаа ржьоит. 14 Уи џьашьатәӡам, избанзар Аҩсҭаа ихаҭа амаалықь лаша иеиԥш ихы ааирԥшуеит. 15 Убри аҟынтә уамашәа ибатәӡам имаҵзуҩцәагьы аиашара амаҵзуҩцәа ракәушәа рхы ахьаадырԥшуа. Аха аҵыхәтәаны урҭ ирықәнагоу иақәыршәахоит.

16 Ҽазнык ишәасҳәоит: ахшыҩ змам иеиԥш шәысмыхәаԥшлан. Аха ахшыҩ змам иеиԥш сыжәбозаргьы, сшәыдышәкыл, саргьы маҷк сыҽхәарц азы. 17 Исҳәо Иҳақәиҭу ишиҳәарыз еиԥш акәӡам ишысҳәо. Ахшыҩ змам, аҽхәара бзиа избо, зхы мыцхәы иақәгәыӷуа иеиԥш ауп ишысҳәо. 18 Ари адунеи аҿы ауаа зхыҽхәо иахыҽхәо рацәаҩуп, убри аҟынтә саргьы сыҽхәалоит. 19 Шәара убриаҟара «шәҟәышқәоуп» азы, ахшыҩ змам ауаа шәгәырӷьаҵәа ишәычҳауеит. 20 Шәара ишәычҳауеит маҵуцәас шәҟазҵо, ишәымоу шәымызхуа, шәыхзырҵәо, уаас шәзымԥхьаӡо, ишәҿасуа ауаа.

21 Иаҳҳәо ҳара ҳзы иԥхашьароуп, избанзар ҳаԥсыҽызшәа убар алшоит.

Аха егьырҭ аҽхәара ргәаӷьуазар, ахшыҩ змам иеиԥш исҳәоит, саргьы сыҽхәалоит. 22 Дара ауриацәоума? Саргьы сауриоуп. Израильаа иреиуоума? Саргьы среиуоуп. Авраам ихылҵыз роума? Саргьы Авраам сихылҵит. 23 Христос имаҵзуҩцәа роума? Зхы аҭыԥ аҿы иҟам иеиԥш исҳәоит, сара дара раасҭагьы Христос имаҵ зухьеит: дара раасҭа аџьабаа збахьеит, дара раасҭа абахҭа сҭашәахьеит, зныкымкәа срыпҟахьеит, зныкымкәа аԥсра алакҭа сҭаԥшхьеит, 24 аиудеиаа хәынтә срыпҟахьан, срыпҟацыԥхьаӡа 39-нтә* исысуан, 25 хынтә ҷынла срыпҟахьан, знык ахаҳә садыргахьан, хынтә сзықәтәаз аӷбақәа ԥыххааса ицахьан, уахыки-ҽнаки амшын саман. 26 Лассы-лассы амҩа сықәын, арҳәцәа ирыхҟьаны ашәарҭара сҭагылан, ашәарҭара сҭагылан сызтәу ажәлар ирыхҟьаны, ашәарҭара сҭагылан егьырҭ ажәларқәа ирыхҟьаны, ашәарҭара сҭагылан аӡиасқәа рҿы, ақалақь аҿы, ацәҳәыраҿы, амшын аҿы, иара убас амцеишьцәа рыбжьарагьы, 27 ԥхӡашала аус зуан, зныкымкәа смыцәаӡакәа исыршахьан, амла сакуан, аӡба сыԥсуан, акырынтә фатәыда сынхахьан, ахьҭа сакуан, исшәысҵаша сымамкәа сықәхахьан.

28 Абарҭқәа зегь азмырхакәа, есыҽны аизарақәа срызхәыцуеит, еснагь сгәы иҵхоит. 29 Ӡәыр дыԥсыҽума? Саргьы сыԥсыҽхоит. Аӡәы ихаҵара дырԥсыҽма? Уи сгәы еибанаркуеит.

30 Иҽхәатәызар, шаҟа сыԥсыҽу аазырԥшуа сахыҽхәалоит. 31 Аҽхәаԥхьыӡ наӡаӡа изгымхаша Анцәа, Иҳақәиҭу Иисус Иаб, идыруеит амц шысымҳәо. 32 Дамаск ақалақь аҿы аҳ Аре́та дызхагылаз анапхгаҩы ақалақь агәашәқәа рҿы аҷаԥшьаҩцәа иргылеит, сыркырц азы, 33 аха аишьцәа акалаҭ сҭартәаны аҭӡамц аҿы иҟаз аԥенџьыр ала сылбааргеит. Убасала сицәцеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра