Римаа рахь
7 Сашьцәа, азакәан здыруа шәоуп уажәшьҭа изасҳәо. Ишәзымдырӡои азакәан ауаҩ иҿы амч ахьынӡамоу иԥсы ахьынӡаҭоу шакәу? 2 Иаҳҳәап, азакәан излаҳәо ала, аԥҳәыс лхаҵа иԥсы ҭанаҵы иԥҳәыс лоуп. Аха лхаҵа дыԥсыр, изакәан амч ацәыӡуеит. 3 Убри аҟынтә лхаҵа иԥсы шҭоу даҽаӡәы диццар, лхаҵа длыԥсахуеит. Аха лхаҵа дыԥсыр, изакәан амч ацәыӡуеит, убри аҟынтә даҽаӡәы диццаргьы, зхаҵа дзыԥсахыз леиԥш ахара лыдлаӡом.
4 Убасеиԥш шәара шәызгьы, сашьцәа, Моисеи изакәан уаҳа амч амаӡам. Избанзар Христос иԥсы шәыхҭниҵеит, уажәшьҭа даҽаӡәы — зыԥсы ҭалаз — шәитәызарц азы. Убри аҟынтә уажәшьҭа Анцәа имаҵ ҳаулар ҳалшоит. 5 Игәнаҳау ҳцәеижь ишҳаҵанаҳәо еиԥш ҳанынхоз, азакәан иаҳнарбон иҳазцәырҵуаз агәаҳәарақәа шҽеимыз, аԥсрахьгьы ҳашнаргоз. 6 Уажәшьҭа ҳара азакәан аҟынтә ахақәиҭра ҳауит, ҳҿаҳәаны ҳазмаз азгьы ҳаԥсит. Уажәшьҭа ҳара ажәытәан еиԥш акәымкәа, даҽакала Анцәа имаҵ ҳуеит, азакәан ишаныз еиԥш акәымкәа, иԥшьоу адоуҳа ишҳаҵанаҳәо еиԥш.
7 Нас, азакәан иашаӡами? Ииашоуп! Азакәан ыҟамызҭгьы, агәнаҳа захьӡу ахаангьы исыздыруамызт. Иаҳҳәап, азакәан «аӡәы иитәу уамеилаҳан» ҳәа амҳәозҭгьы, аӡәы иитәу аилаҳара шыҟамло сыздырӡомызт. 8 Агәнаҳа уи аԥҟара ахы иархәаны, иҽеим агәаҳәарақәа сызцәырнагеит. Аха азакәан ыҟамызҭгьы, агәнаҳагьы ҟаломызт. 9 Азакәан аныҟамыз, сара сыԥсы ҭан. Аха азакәан аныҟала, агәнаҳа аԥсы ҭалеит, сара сыԥсит. 10 Сара избеит, аԥсҭазаарахь снанагоит ҳәа сзықәгәыӷуаз азакәан аԥсрахьы сышнанагаз. 11 Агәнаҳа уи азакәан ахы иархәаны сыхнахит, сашьит. 12 Ус шакәугьы, азакәангьы ԥшьоуп, аԥҟарақәагьы ԥшьоуп, ииашоуп, ибзиоуп.
13 Сызшьыз ибзиоу акоуп ҳәа узҳәома? Ҳәарада, мап! Избанзар сызшьыз агәнаҳа ауп. Азакәан бзиоуп. Уи еилыкка иаҳнарбеит сызшьыз агәнаҳа шакәу. Убасала, азакәан иаҳнарбеит агәнаҳа шаҟа иҿаасҭоу. 14 Азакәан ҳазҭаз Анцәа иоуп, аха сара агәнаҳа иаҵоу уаҩуп. 15 Иҟасҵо сзеилкаауам. Исҭаху акәымкәа, исцәымӷу ауп иҟасҵо. 16 Сара издыруеит азакәан шиашоу, уи сагьақәшаҳаҭуп, аха уеизгьы исҭахым ауп иҟасҵо. 17 Ус анакәха, уи ҟазҵо сара сакәӡам, аха исылоу агәнаҳа ауп. 18 Издыруеит агәнаҳа иаҵоу сцәеижь бзиарак шалам, избанзар абзиара аҟаҵара сҭахуп, аха исылшом, исзыҟаҵом. 19 Иҟасҵарц исҭаху абзиара ҟасҵаӡом, исҭахым ацәгьара ҟасҵоит. 20 Исҭахым ҟасҵозар, уи ҟазҵо сара сакәӡам, исылоу агәнаҳа ауп.
21 Сара сҿы абри аҩыза азакәан аус ауеит: абзиара аҟаҵара анысҭаху, ацәгьарахь схы хоит. 22 Гәыла-ԥсыла Анцәа изакәан бзиа избоит, 23 аха сцәа иалоу даҽа закәанк схы иҭоу азакәан ишаҿагыло збоит. Уи сҿаҳәаны сызмоу, исылоу агәнаҳа ауп. 24 Агәаҟ сара! Аԥсрахьы сназго сцәеижь аҟынтә сеиқәзырхода? 25 Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, избанзар иара Иҳақәиҭу Иисус Христос ила сеиқәирхоит. Схәыцрақәа Анцәа изакәан иақәшәоит, аха сцәеижь агәнаҳа иаҵоуп.