1 Пиотр
3 Аҳәса, шәаргьы шәхацәа рҳәатәы шәацныҟәала, урҭ Анцәа иажәа иазымӡырҩуазаргьы, ажәада, шәхымҩаԥгашьала ишәырҳарц азы. 2 Шәхымҩаԥгашьа шыбзиоу, насгьы ҳаҭыр ду шрықәышәҵо рбар, урҭ шәырҳар шәылшоит. 3 Шәара шәзырԥшӡаша ауаҩы иибо ак акәымзароуп, иаҳҳәап, шәыхцәы аԥашьеи, ахьи, зыхә цәгьоу амаҭәеи. 4 Шәзырԥшӡаша ҩныҵҟала, гәаҭала шәзеиԥшроу акәзароуп. Аҭынчреи аҟәымшәышәреи рыла шәыҽшәырԥшӡала. Убри ауп Анцәа зыхә ҳаракны иишьо. Уи аҩыза аԥшӡара ахаангьы акгьы ахьӡом. 5 Убасоуп ажәытәан инхоз, гәыкала Анцәа имаҵ зуаз, иқәгәыӷуаз аҳәсагьы рыҽшдырԥшӡоз, дара рхацәа рҳәатәы иацныҟәон, 6 Сарра Авраам иҳәатәы дшацныҟәоз еиԥш. Лара уи саҳ ҳәагьы иалҳәон. Абзиара ҟашәҵозар, насгьы ашәара шәҽашәымҭозар, шәара уи лыԥҳацәа шәоуп.
7 Шәаргьы, ахацәа, шәыҳәса рахь аилкаара аашәырԥшла. Аҳәса иуашәшәыроу амаҭәар иаҩызоуп, урҭ еиҳа иԥсыҽуп шәара шәаасҭа, убри аҟынтә ҳаҭыр рықәышәҵала, избанзар даргьы шәара шәеиԥш Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара раҭәеишьеит, мамзар Анцәа шәыҳәарақәа иаҳаӡом.
8 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи, зегьы аӡәк иеиԥш хәыцшьак шәымаз, шәашьцәа рхьаа рыцеиҩышәшала, шәрыцҳеибашьала, ахынраалара аашәырԥшла, еишьцәаҵас бзиа шәеибабала. 9 Ацәгьа шәзызуа ацәгьа изышәымун, иакәым шәзызҳәо иакәым изышәымҳәалан. Анцәа шәзалихыз ауаа шәныҳәаларц азоуп, усҟан иаргьы шәиныҳәоит.
10 Аҩыраҿы иануп: «Насыԥла иҭәу аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц зҭаху ибз ааникылалароуп, амцгьы имҳәалароуп. 11 Ацәгьара амԥан дықәымлалароуп, абзиара ҟаиҵалароуп, еснагь аҭынчра дашьҭазароуп. 12 Избанзар Иегова* ауаа иашақәа илаԥш рхуп, илымҳа кыдҵаны рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит, ацәгьара ҟазҵо ракәзар, Иегова урҭ ицәымӷуп».
13 Абзиара аҟаҵара шәашьҭазар, ацәгьара шәзызураны иҟада? 14 Аха Анцәа иҿаԥхьа шәахьиашоу азы агәаҟрақәа шәрықәшәозаргьы, насыԥ шәымоуп. Егьырҭ ауаа зыцәшәо шәара шәацәымшәалан, акгьы хьаас иҟашәымҵалан. 15 Христос Ишәықәиҭу шиакәу еилкааны, иԥшьоу аӡә иеиԥш шәгәаҿы еснагь ҳаҭыр ду иқәышәҵала. Еснагь шәазхиаз шәгәыӷра аӡбахә иазҵаауа аҭак иҭара, аха уи хаала, ҳаҭырқәҵарала иҟашәҵала.
16 Шәара Христос иҵаҩцәа шәоуп азы, шәхымҩаԥгашьа бзиоуп, убри аҟынтә Анцәа иҿаԥхьа шәыламыс цқьаны ишәыхьчала, ишәхараӡамкәа иакәым шәзызҳәо шәус бзиақәа анырбалак, иԥхашьарц азы. 17 Аус бзиақәа ахьыҟашәҵо азы Анцәа шәгәаҟлар иуазар, уи еиҳа еиӷьуп, ацәгьара ахьыҟашәҵо азы шәгәаҟлар аасҭа. 18 Избанзар Христос ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы знык зегьы рзы дыԥсит — ауаҩ иаша ауаа цәгьақәа рзы, Анцәа иҩызахара дшәыцхраарц азы. Иара даныршьуаз дуаҩын, аха Анцәа иԥсы ҭеиҵеит, доуҳак иеиԥш ажәҩан аҿы дынхаларц азы. 19 Уи ашьҭахь иара иҭакыз амаалықьцәа ақәыӡбаратә жәабжь реиҳәарц дцеит. 20 Урҭ амаалықьцәа Нои ихаан Анцәа изымӡырҩыз роуп. Усҟан Анцәа ачҳара аарԥшны, аковчег аргылара иалгаанӡа дыԥшын. Уи аковчег иҭаз 8-ҩык роуп аӡхыҵра аан еиқәхаз.
21 Усҟан иҟалаз — аӡӡаахра иаҩызоуп. Иисус Христос иԥсы ахьҭалаз абзоурала иахьа уи шәеиқәнархоит. Аҽӡаахра иаанаго иҟьашьу уцәа аӡәӡәара акәӡам. Уи Анцәа уламыс ирыцқьарц азы иҟауҵо а́ҳәара ауп. 22 Ажәҩан ахь данхала, иара Анцәа иарӷьарахь дтәеит. Анцәа уи дҳареикит, амаалықьцәеи амчрақәеи изыӡырҩларц азы.