Ақәҵра
31 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Сара далсхит Иуда ишьҭра иатәу, Хур иԥа У́ри иԥа Бецале́л. 3 Сара уи сдоуҳа исҭоит, усҟан иара аҟәыӷареи, аилкаареи, адырреи иоуеит, иарбан усзаалак дазҟазаны дҟалоит. 4 Иара иԥшӡоу амаҭәарқәа ҟаиҵалоит, ахьи, араӡни, абҩеи аус рыдиулалоит, 5 ахаҳәқәа ԥҟаны иҭаиргылалоит, амҿгьы аус адиулалоит. 6 Сара уи цхырааҩыс дисҭоит Дан ишьҭра иатәу Ахисама́х иԥа Аголиа́в. Сара зус бзианы издыруа анапҟазацәа аҟәыӷара рысҭоит, иуасҳәаз зегь ҟарҵарц азы: 7 аиқәшәара ақьалеи, аиқәшаҳаҭра аковчеги, уи ахҩеи, ақьала иацу амаҭәарқәеи, 8 астоли, астол иацу амаҭәарқәеи, ахьыцқьа иалху алашарбагеи, уи иацу амаҭәарқәеи, афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи, 9 ирбылуа акәырбанқәа рзы акәырбаннагарҭеи, уи иацу амаҭәарқәеи, ачани, уи зықәдыргылои, 10 иԥшӡаны ису амаҭәеи, аԥшьаҩы Ааро́н изы иԥшьоу амаҭәеи, иԥацәа рзы амаҭәеи, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы, 11 иԥшьоу ахәшеи, аԥшьаҭыԥ азы афимиами. Дара иуасҳәаз зегь ҟарҵоит».
12 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 13 «Израильаа абас сызраҳә: „Шәара еснагь ссабшақәа азгәашәҭалароуп, избанзар уи шәареи сареи аиқәшаҳаҭра шҳабжьоу иадыргоуп. Абиԥарақәа зегь рҿы уи сара, Иегова, шәзыԥшьо шсакәу шәгәаланаршәалоит. 14 Иазгәашәҭала асабша, избанзар уи шәара шәзы иԥшьоуп. Асабша еилазго дышьтәуп. Уи аҽны аӡәы аусура далагар, дышьтәуп. 15 Фымш аус жәулар ҟалоит, абыжьбатәи амш — асабша, аԥсшьара иазку иҷыдоу мшуп. Уи Иегова изы иԥшьоу мшуп. Асабшазы аус зуло дышьтәуп. 16 Абиԥарацыԥхьаӡа израильаа асабша азгәарҭалароуп. Уи зҽызымԥсахуа еиқәшаҳаҭроуп. 17 Асабша израильтәи ажәлари сареи аиқәшаҳаҭра шҳабжьоу узырбо зҽызымԥсахуа дыргоуп, избанзар фымш рыла Иегова ажәҩани адгьыли ишеит, абыжьбатәи амш азы ашара далган, иԥсы ашьара далагеит“».
18 Анцәа ашьха Синаи аҿы Моисеи иацәажәара даналга, инапала* ианиҵаз аԥҟарақәа зныз ҩ-хаҳә ҟьаԥск* ииҭеит.