Аатра
19 Анаҩс ажәҩан аҿы ԥхьаӡашьак змамыз амаалықьцәа рыбжьы еиԥш быжь дук саҳаит. Дара ирҳәон: «Дшәырҽхәала Иах!* Ҳанцәа деиқәырхаҩуп, хьӡи-ԥшеи амчреи имоуп, 2 избанзар иусӡбарақәа урықәгәыӷыртә иҟоуп, ииашоуп. Иара зыламысдарала* адгьыл бжьызхыз, зегь еицырдыруаз акаҳԥы илыхәҭаз дақәиршәеит, насгьы зшьа калҭәаз имаҵуцәа ршьа иуит». 3 Убри ашьҭахьҵәҟьа дара еиҭа ирҳәеит: «Дшәырҽхәала Иах!* Лара дызлабылуа амца наӡаӡа алҩа ахылҵлоит».
4 Уи ашьҭахь 24-ҩык аиҳабацәеи ԥшьҩык ахерувимцәеи шьамхышгыланы, заҳраҭыԥ аҿы итәоу Анцәа иеихырхәан, ус рҳәеит: «Амин! Дшәырҽхәала Иах!*»
5 Усҟан аҳраҭыԥ аҟынтә бжьык ааҩын, абас аҳәеит: «Дшәырҽхәала Ҳанцәа, ицәшәо имаҵуцәа зегьы, шәхәыҷума, шәдуума».
6 Уи ашьҭахь ԥхьаӡашьак змамыз амаалықьцәа рыбжьы еиԥш бжьык саҳаит. Уи абжьы агәгәаҳәа еилаҽҽо арҩаш абжьи уаҩ имаҳац адыдбжьи иреиԥшын. Дара ус рҳәон: «Дшәырҽхәала Иах*, избанзар Зегьзымчу Ҳанцәа Иегова* аҳра аура далагеит! 7 Шәааи ҳгәырӷьалап, ҳгәырӷьаҵәа хьӡи-ԥшеи иаҳҭалап, избанзар Асыс ачара амш ааит, аҭацагьы лыҽлырхиахьеит. 8 Лара илыҭан убла хнакыртә еиԥш ипашәӡа, ицқьаӡа иҟоу, ақәны цқьа иалху амаҭәа. Ақәны цқьа — иԥшьоу ауаа рус иашақәа роуп».
9 Амаалықь ус сеиҳәеит: «Ианҵа: „Насыԥ рымоуп Асыс ачарахь ааԥхьара змоу“». Нас иациҵеит: «Арҭ ажәақәа Анцәа иажәақәа роуп, урҭ рыгәра угартә иҟоуп». 10 Усҟан сара уи сиеихырхәарц азы сшьамхышгылеит, аха иара ус сеиҳәеит: «Уаангыл, ус ҟаумҵан! Саргьы маҵуҩык соуп, Иисус шаҳаҭра изызуа уашьцәеи уареи шәҩыза соуп. Анцәа уиеихырхәа! Иисус шаҳаҭра изуроуп аԥааимбаражәақәа хықәкыс ирымоу».
11 Сара избеит иаартыз ажәҩани аҽы шкәакәеи. Уи иақәтәаз Узықәгәыӷыртә Иҟоу, Ииашоу* ҳәа ишьҭоуп. Иара ииӡбо зегь иашоуп, ииашангьы деибашьуеит. 12 Иблақәа амцаԥшь иеиԥшуп, адиадемақәа рацәаны ихоуп, насгьы иара ида аӡәгьы изымдыруа ахьӡ инуп. 13 Имаҭәа ашьа иаганы иҟоуп, иара Анцәа Иажәа ихьӡуп. 14 Аҽы шкәакәақәа ирықәтәаз жәҩантәи ар иара ишьҭаланы инеиуан. Дара зегь ақәны цқьа иалхыз ицқьаз амаҭәа шкәакәақәа ршәын. 15 Иҿы ажәларқәа ишьларц азы ицҳафыруа аҳәа ҭакуп, иара урҭ аиха иалху алабашьа ала напхгара рзиулоит. Уи Зегьзымчу Анцәа игәыԥжәара аазырԥшуа ажьхәагаҿы ажь ихәоит. 16 Имаҭәаҿы, игәчамаҿы, ахьӡ ануп — аҳцәа Раҳи анапхгаҩцәа Рнапхгаҩи.
17 Иара убас дызбеит амра ашәахәақәа ирылагылаз амаалықь. Иара ибжьы ҭыганы, ажәҩан иалаз аԥсаатәқәа ус реиҳәеит: «Шәааи Анцәа ичара ду ахь, 18 шәааины ишәфа аҳцәеи, аруаа реиҳабацәеи, ауаа ӷәӷәақәеи рыԥсхаԥсжьы, аҽқәеи аҽыуааи рыԥсхаԥсжьы, ауаа зегьы рыԥсхаԥсжьы — зхы иақәиҭу реиԥш, амаҵуцәагьы, анхаҩцәагьы, ауаа дуқәагьы».
19 Сара избеит агыгшәыги адгьыл аҳцәа рыруааи дареи шеизаз, аҽы иақәтәаз ируааи иареи ирабашьырц азы. 20 Агыгшәыги амцԥааимбари ркын, рыԥсы шҭаз мцалеи тыҩшалеи еилабылуаз аӡиа иаларыжьит. Уи амцԥааимбар агыгшәыг аҿаԥхьа аџьашьахәқәа ҟаҵо, агыгшәыг адырга змази уи асахьа иамҵахырхәози ажьон. 21 Иаанхазгьы аҽы иақәтәаз иҿы иҭакыз аҳәа ду ала ишьын. Аҵарақәа зегь урҭ ирхалан, рызхара рфеит.