Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
15 Ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи Иисус идеизалон, изыӡырҩырц азы. 2 Афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи ргәы ԥжәо ирҳәон: «Ари ауаҩ агәнаҳаҟаҵаҩцәа драцәажәоит, дрыдтәаланы акрырыцифоит». 3 Усҟан иара абри аҩыза аҿырԥштәы рзааигеит: 4 «Иаҳҳәап, шәара 100 уасак шәымоуп, аха руак ыӡит. 99 адәаҿы иныжьны, иӡыз аԥшаара шәымцаӡои? 5 Ианышәыԥшаалак, шәыжәҩахыр иқәҵаны, шәгәырӷьаҵәа шәхынҳәуеит. 6 Аҩны шәанааилак, шәҩызцәеи шәгәылацәеи еизганы, ус рашәҳәоит: „Сгәырӷьара сыцеиҩышәша, избанзар иӡыз суаса сыԥшааит“. 7 Сара ишәасҳәоит: ажәҩан аҿгьы зыгәнаҳа иахьхәыз аӡәы еиҳа иеигәырӷьоит, зыгәнаҳақәа рыхьхәра зыхәҭам 99-ҩык ауаа иашақәа раасҭа.
8 Мамзаргьы, иаҳҳәап, ԥҳәыск 10 драхмак* лыман, аха акы лцәыӡит. Илыԥшаарц азы акәаҷаб аркны аҩны зегь аԥссара даламгаӡои? Илыԥшаанӡагьы илылшо зегь ҟалымҵаӡои? 9 Ианылыԥшаалак, лҩызцәеи лгәылацәеи еизганы, ус ралҳәоит: „Сгәырӷьара сыцеиҩышәша, избанзар исцәыӡыз адрахма сыԥшааит“. 10 Сара ишәасҳәоит: абас ауп Анцәа имаалықьцәагьы шгәырӷьо, аӡәызаҵәык идамзаргьы игәнаҳақәа данрыхьхәуа».
11 Анаҩс ус иҳәеит: «Хаҵак ҩыџьа аԥацәа иман. 12 Аиҵбы иаб ус иеиҳәеит: „Саб, сыхәҭаа сыҭ“. Абгьы даалаган, иԥацәа имазара рзишеит. 13 Мышқәак рышьҭахь аиҵбы имаҭәақәа ааизиган, даҽа тәылак ахь дцеит. Уа иара амш го, имаз зегьы хыда инихит. 14 Имаз зегь анних, уи атәылаҿы амлакра ӷәӷәа ҟалеит, иаргьы иифо имамкәа дықәхеит. 15 Усҟан иара уа инхоз хаҵак усура дигарц диҳәеит. Ахаҵагьы уи иҳәақәа дрыциҵеит. 16 Иара убри аҟара амла дакуан, аҳәақәа рхәыҵәҟьа имазҭгьы ифон, аха уигьы аӡәгьы ииҭомызт.
17 Агаӡара шыҟаиҵаз анеиликаа, ус иҳәеит: „Саб иусуцәаҵәҟьагьы рызхара рфоит, сара ара амла саганы аԥсра саҿуп. 18 Саб иахь сцаны, абас иасҳәап: ‚Саб, сара ажәҩан аҿы иҟоу Анцәа иҿаԥхьеи уара уҿаԥхьеи агәнаҳа ҟасҵеит. 19 Уажәшьҭа уԥа соуп ҳәа аҳәарагьы саԥсамкәа сҟалеит. Суҳәоит, аԥара ззушәо уусуцәа реиԥш судкыл‘“. 20 Нас иаб иахь ддәықәлеит. Аб иԥа харантәи даниба, дрыцҳаишьеит. Дыҩуа диԥылан, дигәыдиҳәҳәалан, дигәӡит. 21 Аԥа иҳәеит: „Саб, сара ажәҩан аҿы иҟоу Анцәа иҿаԥхьеи уара уҿаԥхьеи агәнаҳа ҟасҵеит. Уажәшьҭа уԥа соуп ҳәа аҳәарагьы саԥсамкәа сҟалеит“. 22 Аха иаб имаҵуцәа ус реиҳәеит: „Абыржәыҵәҟьа иреиӷьу амаҭәа ааганы ишәышәҵа, амацәаз имӷашәҵа, аимаақәа ааганы ишьашәҵа, 23 ацәҵыс изышәшь. Чараз, гәырӷьараз, 24 избанзар сԥа дыԥсны дыҟан, аха иԥсы ҭалеит, дыӡны дыҟан, аха дааит“. Зегьы гәырӷьаҵәа ашәаҳәара-акәашара иалагеит.
25 Уи аамҭазы аԥеиҳаб амхы дҭан. Аҩныҟа даныхынҳәуаз, ашәаҳәабжьи акәашабжьи иаҳаит. 26 Амаҵуцәа руаӡәк дааиԥхьан: „Иҟои ара?“ — ҳәа диазҵааит. 27 Амаҵуҩы ус иҳәеит: „Уашьа деибга-деизҩыда, иԥсы ҭаны дхынҳәит, убри аҟынтә уаб ацәҵыс изишьит“. 28 Аԥа уи игәы ԥнажәан, аҩныҟа анеира иҭахымхаӡеит. Усҟан иаб ддәылҵын, уааи ҳәа иҳәара далагеит. 29 Аха иара иаб иеиҳәеит: „Шаҟа шықәса ҵуазеи маҵуҩык иеиԥш умаҵ зуеижьҭеи, еснагь исоуҳәоз ҟасҵон, аха уара ахаан џьма хәыҷыкгьы сзумшьӡацызт, сҩызцәеи сареи ҳааидтәаларц азы. 30 Ари уԥа ҳәа иҟоу иакәзар, имаз зегьы акаҳԥцәа ирықәырӡны даныхынҳә, ацәҵыс изушьит“. 31 Иаб иҳәеит: „Сыҷкәын, уара есымша сара сҿы уҟами, исымоу зегьы уара уоуми изтәу. 32 Ҳара ҳгәырӷьоит, ҳшәаҳәоит, ҳкәашоит, избанзар уашьа дыԥсны дыҟан, аха иԥсы ҭалеит, дыӡны дыҟан, аха дхынҳәит“».